Абжьыҭара мҩаԥысуеит

Иахьа, февраль 15 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара.

Аԥсны ахадарахьы ркандидатурақәа ықәгылоуп Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба, Адгәыр Хәырхәмал.
Ашьыжь, асааҭ 8 рзы Аԥсны иаатит алхратә ҭыԥ хадақәа 35, алхратә ҭыԥқәа 152. Иара убас алхратә ҭыԥқәа ҩба аартуп Москвеи Черқьесск ақалақьқәа рҟны.
Асааҭ ҩынҩеижәа минуҭ жәеиза рахь шыҟаз ҳара ҳаҭааит алхратә ҭыԥ №2 алхратә ҭыԥ хада №5. Аҭыԥантәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Рита Бениа лажәақәа рыла, ари алхратә ҭыԥ аҟны абжьыҭаразы асиа иҭагалоуп 2584 –ҩык, абжьыҭара азы асиа иану рахьынтә аӡәы иԥсҭазаара далҵит, уи иаразнак ашәҟәаҿы иарбан. Иҟоу асиа ахыхь иануп 47-ҩык. Згәабзиара уашәшәыроу, аҩны зыбжьы зҭиуа рхыԥхьаӡара ыҟоуп 28-ҩык.
Алхратә комиссиа ахантәаҩы Рита Бениа излалҳәаз ала, ари аамҭазы рыбжьы рҭихьан 409-ҩык. Анаԥшыҩцәа ражәақәа рыла, алхрақәа мҩаԥысуеит еилагарада.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me