Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш – август 26 аҽны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Аслан Бжьаниа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵеит.
Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара.
Сара сиит, сааӡеит аҭоурых ду змоу, жәытә-натә аахыс илахьынҵарбагаз аамҭақәа раан ҳажәлар еизаны рыгәҭыха, рхьаа, ргәамҵра ахьеибырҳәоз, мҩак иахьықәырҵоз Лыхны ақыҭа. Уи иалиаауан ажәлар рҿахәы еиҭазҳәашаз аҵеицәа, Нестор Лакоба аҧхьа днаргыланы.
Ишәыдаагало алафқәа аниҵеит Аԥсны ахақәиҭразы фырхаҵарыла еибашьуаз, уи зыбжара ахҭнызҵаз, Леон иорден занашьаз, шықәсқәак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз Мушьни (Миша) Харитон-иԥа Анқәаб. Уи иахьа ижәлар дрылагылазҭгьы 70 шықәса ихыҵуазаарын
Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара иаҵанакуаз еицырдыруа ажәа азҟаза Ӡаӡ Харитон (Хәанакьа)-иҧа Дарсалиа диижьҭеи 125 ш. ҵит. Ӡ.Дарсалиа диит Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыҧ ақыҭан 1898 ш. август 16 рзы.
Аԥсуа ар ркәалӡтанктә архәҭақәа реиҿкаара иалагамҭаны иԥхьаӡоуп август 14 – аибашьра ианалагаз раԥхьатәи амш.
Аԥсуа авиациа аира иамшны уаҩы иԥхьаӡар ауеит 1992 шықәса август 27. Убасҟан Гәдоуҭа азааигәара адәаҿтәи аҳаир баӷәаза «Лыхнашҭа» итәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәыз, аибашьратә ҵакы змаз аидарақәа аазгаз аҳаирпланқәа АН-2 ҩба.
Аинрал Сулҭан Сосналиев изкыз атеатртә ҟазшьа змаз ақәгылара «Ахьӡшьара 12» мҩаԥысит хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азгәаҭара инақәыршәаны Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уи азнархиеит Аҟәа Ахадара акультура Аусбарҭа.
«Аԥсны ахьыԥшымра – сара сыԥсҭазаара аҵакы хада ауп»
В.Г. Арӡынба