Аслан

Аслан

Убри амш аҽны…

Ԥхынгәы 20, 2023

Еицырдырхьаз ашәаҳәаҩ – абаритон – «Хҭырҧа шкәакәа» ҳәа зыхьӡи збаҩхатәреи рылаҵәахьаз Аҧсны жәлар рартист Бзыҧҭаа рҵеира иаҧсахаз Томас Кәыта-иҧа Кокосқьыр 1992-1993 ш.ш. рзы ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ааҵысызар Бзыҧҭаа рыҷкәынцәа раҧхьа днагылеит напхгара нрыҭо.

Шықәсыбжак ала

Ԥхынгәы 20, 2023

Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ахада Рамин Габлаиа атәыла Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы аусҳәарҭа инарыгӡаз аусуразы адырра ииҭеит.

Ԥхынгәымза 14. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәыл­рыԥшь араион Кациқыҭ абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭеит.  Аобиект аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ииуль жәаха рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д. И.  Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит. Рацәакгьы ҵуам Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеижьҭеи.

Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны. Амилаҭтә символқәа рыдкылара даара аҵак ду аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахан­тәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.

Ауаҩы есааира иҿыцу аҭҵаарақәа мҩаҧигоит, иҟаиҵо аартрақәа рҳәаақәа ирҭбаауеит. Шьаҿацыҧхьаӡа аихшьалақәа ҟаиҵоит, уи азы ахархәара ду аиҭоит аматематика.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аканференцзал зал ду аҿы имҩаҧысит Москва Аиҳабыреи, ақалақь Аҟәа Ахадареи русеицуразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа амш иадҳәалоуп.

Ииуль 5 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект.

Адырраҭара шыҟалахьоу аиԥш, ииуль 4 аҽны Аԥсны дыҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников.

Аԥсныпресс. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит. Арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥыслоит ааха зауз ахьынхо аҭыԥқәа ирыҵанакуа араионтә, ақыҭатә, аҳаблатә хадарақәа рҿы, ҳәа иаанацҳауеит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me