Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа еиҿыркааит Альманах «Рукопись» аӡыргара

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны еиҿнакааит Урыстәылатәи жәларбжьаратәи алитература-сахьаркыратә альманах аҵыхәтәан иҭыҵыз 47-тәи аномер «Рукопись» аӡыргара.
Уи иагәылалеит аԥсуа поетцәа Вахтанг Аԥҳазоу, Владимир Зантариа, Анатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниа, Илона Кәыҵниа ражәеинраалақәа реиҭагақәа. Ажәеинраалақәа ирыцуп авторцәа рбиографиақәеи рфотосахьақәеи. Игор Елисеев редактор хадас дызмоу альманах, Урыстәыла аҩнуҵҟа еиԥш, аԥхьаҩцәа ироуеит егьырҭ атәылақәа рбиблиотекақәеи руниверситетқәеи.
Аҭыжьымҭа аӡыргара иазкыз аиқәшәара ааиртит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, анаҩс иара егьымҩаԥигон. Уи далацәажәеит аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи рырҿиамҭақәа аурысшәахь реиҭагара азҵаара еснагь ахшыҩзышьҭра шарҭо, уи иамадоу аусқәа реиҿкаара ишахаҵгыло. Аха, аԥхьа иргыланы, ари шабзоуроу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аурыс шәҟәыҩҩцәеи реимадареи русеицуреи. Иналкааны ишазгәаҭатәу Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә хеидкылақәа русеицура ишалҵшәоу. Альманах акәзар, аԥсуа поетцәа рҩымҭақәа ранылара дшацхрааз Москва инхо ҳџьынџьуаҩ, ашәҟәыҩҩы Владимир Делба. «Уажәынахысгьы аимадарақәа рырҭбаареи аиҭагара аиамадоу азҵаатәқәа рыӡбареи ҳусура ахырхарҭа хадақәа ируакны иҟазаауеит», – иҳәеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы.
Аҭыжьымҭа аӡыргараан иқәгылеит, ргәаанагарақәа рҳәеит: ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, апоет, апрозаик Артавазд Сарециан, ауаажәларратә усзуҩы Беслан Кобахиа, апоет, апрозаик Артавазд Сарециан, апоет ҿа Илона Кәыҵниа, ажурналист Леила Пачулиа, Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа уҳәа егьырҭгьы. Зегьы еицҿакны иазгәарҭон амилаҭтә литература иаҵанакуа аҩымҭақәа егьырҭ абызшәақәа рыла еиҭаганы рҭыжьра аԥхьаҟазгьы аҵак ду шамоу, аԥсуа доуҳатә культура аӡыргара ишацхраауа.
Аӡыргара мҩаԥысит даара азҿлымҳара бзиа аманы, аԥхара аҵаны.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me