Аӡиа Риҵа шыҟалаз иахҳәааны ажәақәак

Адунеи аҿы аҧшӡара «икны иаго» адгьылҭыҧқәа алегендақәа зцым ҳәа акгьы ыҟам.. Алегенда иуҵанаҳәоит иашарак, аха, зны-зынла убас ахыҭҳәаақәа алаӡҩоуп, уи иалоу аиашара алкаара иус мариам.

Аӡиа Риҵа шыҟалаз иазку алегендақәагьы убас иҟоуп. Аҵарауаа изларҳәо ала, иҟоуп агәаанагарақәа ҩба.
Актәи излаҳәо ала, уи ҟалеит аҵааршәи - адгьылҵысреи (ледниково-тектонически) рыла. Ус акәзар, иҟалеижьҭеи миллион шықәса ҵуеит. Уи дақәшаҳаҭым раҧхьӡа аӡиа ҭызҵаауаз аҵарауаҩы, агеолог Е.М. Морозова-Попова. Уи излалҳәо ала, аӡиа ашықәсрацәа амазар, иалало аӡқәа иаарго ахаҳә-мҿыхә иҭдырҭәхьазаарын. Аӡиа ҟалеижьҭеи рацәак ҵуам, адгьылҵысра иахҟьаны Ҧшаҳәышьха иацырдаз абахә бганы аӡиас амҩаҿы аҧынгыла аныҟанаҵа, аӡҭачыра ҟалеит. Иагьазгәалҭоит, «иҭабгазаргы алшоит» ҳәа. Иарбан дгьылҵысроу изыхҟьаз аилкааразы Аҧснытәи агеологцәа рхеидкыла имҩаҧыргаз аҭҵаарақәа рыла, Шамахантәи адгьылҵысра иақәшәеит. Уи адгьылҵысра ҟалеит абҵарамза 25, 1667 шықәса азы. Абасала, аӡиа Риҵа сынтәа 358 шықәса ахыҵуеит.
Ҳәарада, адгьылҵысрақәа раан иҟалар алшоит адгьылҳәазарақәа, абахәқәа реилабгара, аҭабгарақәа, урҭ ирыхҟьаны аӡиақәа рыҟалара. Убас иҟалеит аӡиа Риҵагьы ҳәа ирҳәогьы агәра угартә иҟоуп, аха Иубшара - Риҵа - Лашыҧсытәи адгьылҭыԥи аӡиасқәа рҭагылазаашьақәа ҳанрыхәаҧш, аҽа мзызк ала иҟалазшәа агәаанагара ҳауит. Уи аҟалара зыхҟьаз амзызи, аҭагылазаашьа иацырҟьартә иҟоу ашәарҭареи ирызкуп ари аусумҭа. Аиаша шьақәзыргыло аҧышәара ауп, аха аҧсабара хҟьа-ҧҟьала (причино-следственная) излеимадоу ала, аус ахшыҩ-ҵастә ҭҵаарала уазнеир, аиаша уҵанаҳәоит. Анаҩс, уи аиашара ҧышәарала ашьақәырҕәҕәара иарҵабыргуеит. Араҟагьы убас иҟалап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҵаҟа ҳазлацәажәақәо рҟны ҳхы иаҳархәоит реиҳа ииашоуп ззуҳәартә иҟоу Риҵа иазку иҭҵаау адыррақәеи, иҵабыргу аҟалахьақәеи (факты), алегендақәа рҟнытәи алкаақәеи.
Аҧсуаа ражәа иалоуп «акы мҳәакәа – ҩба узҳәом» ҳәа.
Е.М. Морозова - Попова иазгәалҭоит, «Риҵа аӡырха (долина) аҧшра амоуп» ҳәа. Уи илҳәаз иақәшәоит ҳҳәартә иҟоуп аҧсуаа рлегендақәа ирҳәогьы, аӡиа ҟалаанӡа ара ақыҭа Риҵа захьӡыз ыҟан ҳәа. Морозова-Попова иаалго ахсаалаҿы (акартаҿы) Риҵа иацрыҵуа аӡиас Лашыҧсы (Лашиҧсе) ҳәа иалырбоит, иахьа уи Иубшара ҳәа азаҳҳәоит. Ари аҵарауаҩ, илбази илшәази рыла, агеологиатә ҭҵаарадырра аҧҟарақәа инарықәыршәаны иҟалҵеит алкаақәа, аха аиаша дазназгаран иҟаз адыррақәа лзеизгама ? Лекспедициа ара ианыҟаз, хаха-хымш амшцәгьақәа иҟан, аӡқәа хышхыҵәаны илеиуан лҳәоит. Уи иахҟьаны еилкаашьа лымаӡамызт, Риҵа иацрыҵуаз аӡы аҟнытә хара имгакәа ҧыҭк адгьыл ишыҵалоз, уи иаанаго, уа иахагылаз абахә аныбгоз, аҵан иҟаз аҳаҧырақәа рҟынтә еиқәхаз ыҟоуп. Лара излалҳәо ала, уа иҟоу ахаҳәра акыр иҕәҕәоуп, егьырахь иҟақәоу раасҭа. Ус акәзар, иаҳҳәар алшоит, иахьа Риҵа аӡы ахьацрыҵуа иҟоу «ашәхымс» еиқәхеит, уи аӡырха ҳәа ззылҳәаз уаанӡагьы убранӡа ишьҭыхны иҟан, усҟан, абахә анбгоз, уи аҭыԥ иагьеиламбгеит, иагьҭамбгеит.
Морозова-Попова Риҵаҟа лаара амҩа злаҟаз ала, аҭыҧантәи ауаа рықәшәашьа лымамызт. Усҟан амҳаџьырреи ахара зду ауаа ҳәа ианыҟаз аамҭан, Риҵа иаҭаауаз аҧсуаа маҷын. Уаҩы дахьылымбаз, игҿаханы иҟоу ҭыҧушәа агәаанагара лнаҭеит. Ажәытәан, Бзыҧтәи аиҩхаара уаала ианҭәыз, шьхеи, ӡиаси, ӡыхьи уи ааигәара иҟаз ирзымдыруаз, ахьыӡ зырымҭаз ҳәа акгьы ыҟаӡамызт, аха аҭҵааҩы иабаалгоз урҭ адыррқәа, аҭыҧантәи ауаа дрықәымшәазар? Ари зхаҳҳәаауа, Риҵатәи аҭыҧ ауаҩытәыҩса ианибоз аамҭан, аӡиас Лашыҧсы Риҵа илеиаанӡа адгьыл иҵаланы ацара иалагахьан. Ауаа ирбаз Риҵа ишьхарҧны ишьҭаз, анкьа уа илеиуаз аӡқәа иҟарҵаз адәы - «аӡырхара» ҳәа Морозова -Попова иззылҳәаз ауп. Риҵаҟа иҩеиуаз ауаа, аҧхьа иназыдгылоз, адгьыл иҵырҩны иааиуаз аӡиас акәын. Ирбаз, иаҭәаз ахьыӡгьы - Иубшара (абахә иҩбаны еиҩызшаз аӡиас ҳәа акәхар ҟалап) ҳәа арҭеит. Абас ала, ауаа Риҵаҿы анхара иалагаанӡа аӡқәа Иубшареи Лашыҧси рҽыршахьан, Риҵа аҵала аҳаҧыра иҵаланы Лашыҧсы ацара иалагахьан. Арҭ аӡқәа иубартә еимадара рымамызт, рыхьӡқәагьы хаз-хазхеит.
Е. М. Морозова-Попова даныҟаз илбаз ала, Риҵа иалалоз аӡиас хада ахьыӡ иацрыҵуазгьы иахылҵеит. Ара иҟалаз аиқәымшәара зыхҟьаз, уаанӡатәи аҭагыла-заашьеи, аӡиа аныҟала ашьҭахьтәи аҭагылазаашьеи реиԥшымра ауп.
Риҵа шыҟалаз иахҳәау алегендақәа рацәоуп, аха ақыҭа ахьыӡ ахьынтәаауа ҳәа Џьениа Камшьышь Абзагә-иҧа, бзыҧаа рҿы иреиҕьу ашәарыцаҩ ҳәа ахьыӡ змаз, 80 шықәса ирҭысхьаз, саныхәыҷыз иҳәо саҳаит, «… анкьа, уи аҭыҧ қыҭан, ашьха дуқәа хҧа: Ҧшаҳәышьха (Ҧшашьа ҳәагьы рҳәоит), Аҵыҭәақәа, Арихәа рыҵа ишьҭан. Ақыҭа Ашьхарыҵа (ашьхақәа рыҵа) ҳәа хьӡыс иаман. Иарбан шьхаҭыҧу иҧшӡам, аха ари акалашәа иҟан рҳәоит. Уи аҧшӡара ихнахыз ашәарыцацәа рыҧҳацәа Риҵа ҳәа хьӡыс ирырҭон… Ҽаҩраҭагалара ааихьан, Ашацәа ақыҭа Риҵа ианаҭааз…». Инарҭбааны далацәажәеит урҭ зықәшәаз, аха ҵакыс иамаз абас иҟан, ҧҳәысеибак лыда риҵаа рысасдкылашьа ргәамԥхеит, ӷәӷәала ирызгәаан рқыҭа иӡмах ҭыҧны иҟарҵарц рыӡбеит, аха, уи аҭыҧ иамаз аҧшӡара арӡра рҭахымхеит, иӡиа ҧшӡаны иҟарҵарц рыӡбеит ҳәа. «Усгьы Ашацәа ирыӡбыз нарыгӡон. Дадраа! Уи аӡиа зымбац мгәаҭа дыҟоуп, аҧшӡара икны иагоит» ҳәа ихиркәшеит иажәабжь.
Ари алегенда излаҳәо ала, аӡиа акыр ахыҵуеит, ашацәа ауаа ирбо ианыҟаз иаамҭанытәуп, аха ԥышәарала шьақәырӷәӷәашьа змам иабанӡаиашоу?
Аҧснытәи ашьхақәа еиҳараӡак акьыр злыҵуа ахаҳәқәа рыла ишьақәгылоуп. Урҭ зегьы ҕәҕәарыла еиҧшым, иҟоуп аӡы имарианы иҵнаӡәӡәаауа, иҟоуп акыр зычҳауа. Убас, аӡиас Лашыҧсы миллион шықәсала адгьыл аҵа аҳаҧқәа аҧнаҵеит. Алегендақәа изларҳәо ала, амшцәгьа бааҧсык аан ақыҭа Риҵа ҭабгеит. Е.М. Морозова-Попова «аҭабгарагьы ҟалеит» лҳәоит, аха, уи зыхҟьаз ҳәа илҳәо адгьылҵысра ауп.
Адгьыл аҵа аҳаҧқәа ахьыҟоу, адгьылҵысра иахҟьаны лассы-лассы аҭабгареи, адгьылҳәазарақәеи ҟалалоит, аха, ус еиҧш иҟоу ахҭысқәа аҽа мзызк алагьы иҟалар алшоит.

Ҿырҧштәыс иаагап 2002 ш. ашьха Аҧшьра иаҵырдоу, Ачба ихәдаара аҵан ишьҭоу Уадқәа ҳәа изышьҭоу аҭыҧан иҟалаз адгьылҭабгареи адгьылҳәазареи. Ари аҭыҧан, абахә иалҽҽан 60- ҟа метра илеиуаз аӡкнаҳа, аҵаҟа еилажьыз аҳәаҩараҿы иҵаланы, Уадқәа аҟьаҟьара иаҵсны ицон. Уи адгьыл иҵаланы хҧаҟа километр ианлеилак иҵыҵны адәы иқәланы, илеины аӡиас Ааҧсы иалалон. Уи иахьыҵалози иахьыҵыҵуази аҳаракырала 120-ҟа метра ыҟан. (Ара иаагоу ахыҧхьаӡарақәа зегьы бларҧшыла ауп рыхәшьара шыҟаҵоу). Мышцәга бааҧсык аан, адгьыл иҵаланы ицоз аӡы кылсырҭак аҿы аҧынгыла анаиу, аҳаҧыраҿы аӡҭачра ҟалеит. Иҭачыз аӡы иҟанаҵаз ақәыҕәҕәара аныҳаракха, адгьыл кылжәаны аӡы рацәаны икылҟьаса, идәықәлаз, аҳаҧыраҿы аӡыдинамикатә аахара (гидродинамический удар захьӡу) ҟанаҵеит, уи адагьы, аӡы аҭачра ианаҿыз иҟалаз адгьылаҵатә аҳауақәыҕәҕәара, аӡы рацәаны иандәықәла, аҽаҧсахит адәахьалатәи аҳауа ақәыҕәҕарала. Арҭ амчқәа еилалаз аҳәаҧыратә еибаркыра аҕәҕәара ианеиҳаха, адгьыл аҭабгареи, адгьылҳәазареи ахылҿиааит. Ҳәарада, миллион тоннала иҭабгаз адгьыл, аҭыҧантәи адгьыл аҵысрагьы арҿиеит.
Уа иҟалаз зыхҟьаз, адгьыл аҵа аӡҭачыра шакәу лабҿаба иубартә иҟан. Сара, ари аҭыҧаҿы 2024 ш. сыҟан, лабҿаба избеит иҟаз. Аӡышьҭраҿы избази исшәази рыла 800 кубометр еиҵамызт секундк ала уа ииасны ицоз аӡы. Макьана ирацәаҩуп издыруа, аӡиас Ааҧсҭа цәаҧшьӡа шықәсык абжа аҟара илеины амшын ианалалоз, Гәдоуҭеи Аҟәеи рыбжьара амшын аҿықәа цәаҧшьӡа ианыҟаз. Уи зыхҟьаз Уадқәа аҳаҧы аҭабгареи, аҳәазареи идырҵысыз Аҧшьратәи адгьыл аиха ҵәыҵәыра (окис железо) рацәаны излоу анышә аӡы иахьаанагоз ауп.
Ари еиҧш иҟоу ахҭыс ҟалеит Алгыҭ, Аҷандара иахагылоу ашьха Бҕьаҩынтәы ҳәа изышьҭоу асакара ааигәара, ахьшьцәа ртәарҭа аҟны 1970-тәи ашықәсқәа раан. Уа Алгыҭ иамоу аҟьаҟьара иҩахыкны анаараҿы, аӡы адгьыл кылжәаны ишааиз убартә иахьагьы иҟоуп.

Абасала, аӡиа Риҵа аҟалара, адгьыл аҵатәи аӡҭачра ишахҟьаз аиаша еиҳа иазааигәоушәа аабоит егьырҭ, изыхҟьаз ҳәа ирҳәақәо раасҭа. Усҟан, ақыҭа Риҵа аҭабгара иахҟьаны иҟалаз адгьылҵысра Ҧшаҳәышьха иацырдаз ахәы аилабгареи аҭабгареи анаҭеит, аха уа аҳаҧқәа еиламҳакәа инхақәаз ыҟоуп, аҭабгара зауыз «аӡырха» - ақыҭа Риҵа ауп. Иара ақыҭа иҭабгаз ауп илеиуаз аӡқәа рымҩа зкыз. Егьи, абахә абгара, уи Риҵа ашәхымс анаҩс ауп иахьыҟалаз. Ус шакәу арҵабыргуеит Риҵеи Риҵахәҷи ирыбжьыгоу амҩа алахыс иԥыххааса еилажьу ахаҳәрддыра. Иҟалар алшоит, ақыҭа аҭабгара иҟанаҵаз аҭыҧантәи адгьыл аҵысреи, абахә аҵатә ҭабгарақәаки рыбзоурала абахә еилабгазар, аха уи абахәаҵатәи аҭыҧ зегьы еиламҳаит аӡышьҭра зегьы ашәаҳаратә. Ус шакәу шьақәнарҕәҕәоит Риҵа анаҩс иҵало аӡы.
Риҵа амҽхакыраҿы иҟоу аӡиасқәа рҭагылазаашьақәа зеиҧшроу ҳахәаҧшыр, иаабартә иҟоуп, аӡиа Риҵа иацрыҵны илеиуа аӡы 300-ҟа м. ианлеилак 5 м3 аҟара адгьыл аҵалара шалшо, еиҳахаз хыхь адгьыл иқәланы ишцо. Аӡы, уа иахьыҵалои анаҩс иахьыҵыҵуеи, аҳаракырала 310 м. рыбжьоуп (ашәаруга - анероид иаҳнарбаз ала), аурала 2,5 км. аҟара. Ас еиҧш иахьыҟоу аҭыҧаҿы, аӡҭаҽҽа дуқәа амамкәа иҟаӡам. Амшцәгьақәа раан Риҵа иацрыҵуа аӡы ҩажәантә ианеихаҳауа рацәоуп. Ианакәызаалак аӡиасқәа андухалак, аҵыӡәӡәаарақәеи, арҳәазарақәеи, арбгарқәеи ҟазшьас ирымоуп. Изыхҟьазаалак, Риҵа анаҩс, ари аҭыҧан, аӡы рацәаны иҵалартә иҟалар арбгарақәа ҟанамҵар алшоит. Бжьаратәла аӡиа Риҵа аӡынкыларас 90 000 000 м3 аҟара амоуп. Риҵатәи аӡашәхымс анаҩс адгьылеиҳара ҟалар, уи ашәхымс иазынкылару аӡҭачыра?
Зхы зыхьчаз – Анцәагьы дихьчеит рҳәоит.
Ашәарҭара аҧырҟәҟәааразы иаҧсоуп ҳәа иҳаҧхьӡоит, уа аӡы ахьыҵало амцхә иҵамларатәы аҟаҵара. Шаҟа ыҵалар ҟалои, ҟаҵашьас имоуи рыҳасабра алшоит. Иара убас уа аҳаҧқәа рыҟазаара иахҟьаны Риҵатәи амҩа агеологиатә ҭҵаара бзиа аҭахуп.
Риҵатәи адгьылҭыҧ аҵан уаанӡа иҟаз аҳаҧқәа аимадарақәа рымазар ҟаларын. Убас, ақыҭа Риҵа анҭабгоз иацҭабгазар алшот аӡиа Риҵа маҷ иаҵанакуаз адгьылҭыҧгьы.
Агәаанагара егьа ииашоуп уҳәартәы иҟазаргьы ашь­ақәырҕәҕәара аҭахуп. Хыхь аӡиа Риҵа ҟалашьас иаиуз ҳәа иаҳҳәаз ашьақәырҕәҕәаразы, уи адгьыл кылжәаны аӡы ахькылҟьаз аҳаҧы аҧшаара ҳашьҭалеит. Иҳаҳаит, ашәарацаҩ, иахьа Риҵа инхо Ахба Асламбеи Аслан- иҧа идыруеит аҳаҧы ахьыҟоу ҳәа. Ҳаиҿцәажәараан, уи иҳаиҳәеит акыр шықәса шҵуа аҳаҧы ду ибеижьҭеи. Уи амбатә зхыҵуа, ҳаҧҵасла акы згымкәа иҩычаны иҟоу ԥшӡара згым акы шакәу, аха аҭаларҭа макьана уаҩы ишиеимҳәо, аҳаҧы аиқәырхаразы. Ҳара ҳзышьҭоу ахьыҟало ҳәа аниаҳҳәа, иара иибаз аҳаҧы зынӡа аҽаџьара ауп иахьыҟоу иҳәеит, аха иаҳахьеит, ҳара ҳахьашьҭоу аҭыҧаҿы аҳаҧы аҭаларҭа шыҟоу, саныхәыҷыз уа аҳаҧы сҭалалон ҳәа иазҳәаз ауаҩы дыҟан ҳәа. Аҧхьаҩ, имаҷума аҳаҧы аҭаларҭақәа ахьыҟоу, аха ҳара ҳзышьҭоу аҭаларҭа аҟны аӡы раҵәаны ишааиз убартә ашьҭақәагьы анызар ауп. Иҟалар алшоит, уи аҳаҧы аӡы ахькылсыз аҿышәҭа, ҧхьан ианыҟалоз еиҧш, 100 м2 аҟара амамзар, еилаҳазар адгьыл-ҭабгараан.
Ари ҳзышьҭоу аҳаҧы ҧшааны, хыхь иаҳҳәаз арҵабыргра инагӡаны ашьақәырӷәӷәара ҳара ари зыҩуа, иҳалымшар ҟалап. Иахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит Риҵа иахыҵуа аилкааразы аҽа ԥышәарак амҩаԥгара. Ақыҭа Риҵа анҭабгоз, уа игылаз аҵлақәа, иахьа Риҵа аҵаҟа иҭагылоу рыла. Урҭ аҭабгара ҟалаанӡа ирхыҵуаз, рышықәсатә мацәазқәа рыла аилкаара алшоит. Ус иҟоу аԥышәара, Шамахантәи адгьылҵысра иақәшәозаргьы аанарԥшуеит.
Ҳажәа ахыркәшамҭазы иаҳҳәар ҳҭахуп, А. Ахба иибаз аҳаҧы, ҳәарада, Риҵатәи амилаҭтә парк иаҵанакуеит ҳәа. Риҵа аҟалашьа ҳәа хыхь ҳзыхцәажәаз ахҭыс аҩыза ари аҳаҧазгьы иҟалар шалшо. Агәра аагоит, зыҧшрада уи аҳаԥы шыҭҵаатәу, зны иахәҭоу аиқәырхаратә усқәа мҩаҧганы, нас Риҵатәи амҩаду ааигәара Афонтәи аҳаԥы аиԥш аҽа туристтә ҭаарҭак шыҟало.
Уи иара аҳаҧы аиқәырхаразгьы аҳәынҭқарразгьы акыр зҵазкуа усуп, хырҩа азура иаԥсоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит.

*10 шықәса зхыҵуаз Зураб Ҭраҧшь Риҵа аниба абас азиҳәеит. Дҭахеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Венесуела 3 шықәса дырҭагылан, дҭаацәарамызт.

Анзор Амаба,
ООО «ЕРА-ИСТОК» анџьныр хада,
Александр Чамагәуа,
атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидит

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me