Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәыдрытәи аиҩхааҿы аусурақәа рцашьа гәеиҭеит

Аҟәеи Кәыдрытәи аҩхааи еимаздо атоннель аиҭашьақәыргылара иалагеит.

Аргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа аусурақәа рцашьа атәы Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит.

Гәынба иазгәеиҭеит, аобиект астратегиатә ҵакы шамоу. Аусурақәа ҩ-етапкны имҩаԥгахоит: раԥхьа атоннель ахаҭа еиҭашьақәдыргылоит, анаҩс акәша-мыкәша иҟоу амҩақәа. Апроект ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2027 шықәсанӡа.

Ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла афинанстә цхыраара ҟанаҵоит.

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари амҩа иамоу астратегиатә ҵакы. Кәыдрытәи аиҩхааи ҳареи аимадара ҳцәыӡыр, ашәарҭадара иаԥырхагахоит», — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me