▫️ Аконституциа адкыларала Ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети ашьақәырӷәӷәара амҩаҟны илахьынҵаӡбагаз ашьаҿа ҟаҵан. Ихадароу ари азакәан иҳәаақәнаҵеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра аполитикатә, азинтә, адоуҳатә шьаҭақәа, ишьақәнарӷәӷәеит иреиҳаӡоу аԥҟарақәа — ауаҩы, изинқәа, ихақәиҭрақәа, иаԥнаҵеит ҳтәыла адемкоратиатә шьақәгылашьа.
▫️ Аконституциа аԥҵара — уи авторцәа рҟәыӷара дуи рҭакԥхықәреи ирылҵшәоуп. Авторцәа рыҩныҵҟа иҷыдоу аҭыԥ ааникылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи инапхгарала ишьақәыргылан аҳәынҭқарратәра, ишьақәырӷәӷәан иахьагьы Аԥсны злашьақәгылоу апринципқәа — ахьыԥшымра, аиашара, жәлар ракзаара, аҭоурыхтә шьаҭақәа ҳаҭырла рзыҟазаара.
▫️ Аконституциа ажәлар ргәазыҳәара шаанарԥшуеиԥш, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳтәылауаа рхақәиҭра, зинлатәи рыхьчара, ршәарҭадара, реиҟарара символра рызнауеит. Уи иҳаднаҵоит ҳтәыла аҿаԥхьа аҭакԥхықәра, уи асуверенитет ахьчара, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рырӷәӷәара.
▫️ Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар,
▫️ Акрызҵазкуа абри амш аҽны зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аԥеиԥш агәрагара, аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа Ҳаԥсадгьыл аҿиара аус аҟны. Аконституциаҟны иарбоу апринципқәа напхгаганы иҟазааит аизҳазыӷьара, аиашара, Аԥсны жәлар ракзаара ахьӡала дасу ҳнапы иану аусқәа рыҟны».


