Иҟан-ианын ҭакәажәыки лагажәыки:

Гәында Кәыҵниа ллакә анимациатә версиа ддырбеит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы

Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ахантәаҩы, апоетесса Гәында Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, амультфильм аус адулара шымҩаԥысуаз атәы еиҭалҳәеит.

Ампахьшь шана иахҳәаау алакә лара Гәында Кәыҵниа лхаҭа илҩит. 2012 шықәсазы «Ампахьшь-шана» акьыԥхь абеит.

Амультфильм ахронометраж – 12 минуҭ иҟоуп. Амультфильм арежиссиор – Џьамбул Жорданиа. Еиуеиԥшым аԥшшәқәа зныԥшуа ари амультфильм асахьақәа аԥсы рхарҵоит амультипликатор, асахьаҭыхыҩ  Асҭамыр Кәыҵниа  инапы ҟазақәа, амультфильм иацу амузыка уи аинтереси ахшыҩҵаки аҵаны иҟанаҵоит. Аперсонажцәа абжьы рхарҵеит апрофессионалтә актирцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп  Сырбеи Сангәылиа.

«Амультфильм асиужет — аԥсуа иԥсҭазаара аҟынтәи иаагоуп. Иҟан-ианын ҭакәажәыки лагажәыки, урҭ ирыман ашьыжь раԥхьа зҿи-знапи ӡәӡәаны уи ала зыҽзырбоз иааиҭаху игәазыҳәарақәа зегьы ҟазҵоз ампахьшь шана. Ари аҭоурых, сара сажәеинраалақәа ирылху ашәақәа ацны ахәаԥшцәа итрадициатәу Аԥсны акультура иаланагалоит. Алакә ахәыҷқәа ирыланааӡоит ақьиара, ассир агәрагара, иара, убас, ҳәарада аԥсуа традициақәа деилнаркаауеит», - лҳәеит Гәында Кәыҵниа.  

Гәында Кәыҵниа инаҵшьны иазгәалҭеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа акыр шықәса раахыс афильмқәеи амультфильмқәеи рдублиаж шымҩаԥнаго. Иарбоу аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ари ахылаԥшырҭа акыр ҵуеит ахатәы аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара азԥхьагәаҭаны иамоуижьҭеи. Ари, ҳәара аҭахума, акыр аџьабааи ахарџь зцу усу.

«Аспециалистцәа рыԥшаара — ҳара ҳзы еиҳа иуадаҩу аусқәа иреиуоуп.  Асҭамыр Кәыҵниа амультфильм аԥҵаразы иҳадигалаз аидеиа адгылара аҳҭеит. Иазгәаҭатәуп, уаанӡа ари апроект анагӡаразы алшара ыҟаӡамызт, нанҳәа 2024 шықәсазы ҳара уи ҳазҭоу ашықәс апланқәа ирылаҳгалеит. Амультфильм абиуџьет ҩ-миллион мааҭ аҟынӡа инаӡоит. Асҭамыри ҳареи ҳаиқәшаҳаҭра иабзоураны арҿиаратә команда аизгара алыршахеит, абжьы ахаҵаразы аспециалистцәагьы уахь иналаҵаны. Аусура хацыркын ашықәс алагамҭазы, уи аамзы ирҭагӡахеит. Аҵыхтәаны амультфильм  «Ампахьшь-шана» қәҿиарала ихыркәшахеит», – еиҭалҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Асҭамыр Кәыҵниа инагӡаны еиқәыршәоу астудиа ада, 200 кадр инареиҳаны рыла ишьақәгылоу амультфильм аԥиҵеит.

«Аусура мариаӡамызт, аха алҵшәа бзиа аиуит, гәахәарыла ҳахәаԥшцәа ахәыҷқәа уи рыдаагалоит, урҭ рзы аҳамҭақәагьы ҳархиеит. Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ала иҭыжьу ашәҟәқәа амультфильм аԥхьарбара ахь иааиуа ахәыҷқәа зегьы ҳамҭас ираҳҭоит», – инаҵшьын иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me