XIX ашәышықәсазы, иалагеит Аҟәа амҩадуқәа рыҟаҵара, иҭадырбон ҵҩа змамыз аӡбаарақәа. 1868 шықәсазы ақалақь аҿы ишьақәыргылан 20-мҩадуи, бжьаларҭаки. 1876 ш. амшын аԥшаҳәаҿы ахаҳәтә мҩаду аҟаҵара напы адыркит, анџьныр К. Поликарпов инапхгарала. 1910 шықәсазы, 21 километра рҟынӡа амҩаду ҟаҵаны иалгахьан, акәша-мыкәша инхоз ауааԥсыра, аҵлақәеи атротуарқәеи ирхылаԥшларц рыдҵан».
Аҟәа аҭоурых 25шәышықәса инархыҳәҳәоит, уи аԥшӡара есааира еихаҳауа иааргоит милаҭ рацәала ара иқәынхо ажәлар. Традицианы ишыҟаз еиԥш, сынтәа Аҟәа амш азгәаҭара ақәшәеит ииуль 6, уи аплан шьақәнаргылеит Аҟәа ақалақь ахадара Беслан Ешба инапхгарала.
Шьыжьнаҵы ари аныҳәа ԥшӡа хацдыркит Ефрем Ешба ихьӡ зху абаҳчаҟны, араҟа ахәыҷқәа рзы аниматорцәа злахәыз ахәмаррақәа, аинтерактивтә еицлабрақәа мҩаԥысуан.
С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драмтә театр аҿаԥхьа Анзор Агәмаа иархьив аҟнытә еиҿкаан «Аҟәа иаци, иахьеи» зыхьӡыз афотоцәыргақәҵа. Иара убас асахьаҭыхыҩ қәыԥш, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша акафедра арҵаҩы Иадеҭ Аҭрушба лҭыхымҭақәагьы .
Аныҳәатә программаҿ хадара злаз акы акәны иҟалеит Амҳаџьырқәа рымҩаду аҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа «Аҟәа ашҭа», аԥсу инхамҩа-ԥшӡа, ичеиџьыка рзыблахкыган асасцәа. Насҭха аҵәы иахаргьежьуа аӡра иаҿуп асас дахь иҿаҵахәы ашьтәа ҟата, анаҩс ихиоуп астолқәа, Аԥсны иаадрыхуа чыс лыԥшаахла, ажь, ашьынка, апатырқал уҳәа акгьы агмызт аԥшәма гәыраз истол.
Аҟәа ашҭа иаҭааит тәыла Ахада Аслан Бжьаниа, ақалақь Аҟәа ахада Беслан Ешба, Москватәи, Цхьынвалынтәи, ақалақь Грозни, Ростов, Краснодар, Донецк, Луганск, Шәача, Черқьесск, Тамбов, Новгород, Уфа рҟнытә Аԥсны иааны иҟоу асасцәа рхаҭарнакцәа.
Асасцәа аԥсуа ашәала ирԥылеит ансамбль «Гәында». Ашҭа аҵыхәахьтә иааҩуан ансамбль «Ерцаху» ашәаҳәаҩцәа рашәа хаа. Барақьаҭра згымыз «Аҟәа ашҭа» иаҭааит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәагьы. Убас иҟоуп аԥсуа ичеиџьыка, игәашә еснагь асас изын иаартуп.
Аныҳәатә программа иацнаҵеит амҳаџьырқәа рымҩаду аҿы еиҿкааз аконцерт программа – «Сара с-Аҟәа». Аконцерт мҩаԥыргон Алиса Шамбеи Алхас Манаргиеи. Еизаз дрыдныҳәалеит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа: « Ҳаҭыр зқәу Аҟәаа, асасцәа доусы анхара-анҵыразы агәаҳәара бзиа шәымазааит. 25 шәышықәса иреиҳауп ҳақалақь аҿиара, аизҳара амҩа иануижьҭеи, иҭабуп уи аизырҳара иацхраауа, ҳазегьы ҳажәҩа еибаҳҭар иҵегьы иҳарԥшӡоит», –иҳәеит Ахада. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иқәгылара: « Аҟәа амшныҳәа дууп ҳазегь ҳзы, ари арыцхә маҷым, уи иаҵаҵәахуп аҭоурых ду. Ҳақалақь милаҭрацәала еиласоуп. Уи еиҳагьы иханарҭәаауеит,зегьы шәадныҳәалаз», –ихиркәшеит уи иқәгылара.
Аконцерт аҿы иқәгылеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, агәыԥ «Аԥсны фолк», ахореографиатә ансамбльқәа «Иаирума», «Кавказ», «Адаул».
Саида Сангәлиа, Дмитри Ԥиԥиа, Нарсоу Абыхәба, Мадина Кәарацхьелиа, Алиас Абыхәба, Нугзар Какалиа, Рубен Депелиан инарыгӡон Аҟәа иазкны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥырҵаз ашәақәа. Аконцерт дырԥшӡон Ильда Кәычбериа, Хатуна Ҭарба, Сати Какубаа, Фрида Берзениа, Асида Шьакаиа рвокалтә номерқәа. Аконцертаҿы аамҭа-аамҭала азыӡырыҩцәа ирзеиҭарҳәон Аҟәа аҭоурых.
Аныҳәатә концерт иалахәыз зегь рзы ҳамҭа ссирхеит агәыԥ «Блестящие» ақәгылара.
Апрограмма ахыркәшамҭаз Аҟәа ақалақь Еизара аиҳабы Дмитри Осиа «Ақалақь ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» ҳәа аршаҳаҭга ианаишьеит Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драмтеатр анапхгаҩы Иракли Хынҭәба. Иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан русуратә лҵшәа ҳаракқәа рзы аҩныҵҟатәи аусқәа Аҟәатәи рықалақьтә усбарҭа –аиҳабы Асҭамыр Ҳагәышь, ақалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба, акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыг, уи лхаҭыԥуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр, аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл, «Аргылара проект» аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Аҟәа ақалақь амшныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан амцеишьылқәа рҭырҟьарала.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com