Аҭаацәареи, абзиабареи, аиашареи Рымш

Акыр шықәса ҵуеит Урыстәыла ииуль 8рзы аҭаацәареи,абзиабареи,аиашареи Рымш азгәарҭоижьҭеи. Сынтәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин ирылаиҳәеит 2024-тәи ашықәс аҭаацәара ишашықәсу ала.


Убри инамаданы, ииуль 8 рзы Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаҧысит кыр шықәса еицынхо аҭаацәарақәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи рыҭара. Уахь имҩахыҵит Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, уи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа, аб Виссарион, амассатә информациа ахарахәагақәа русзуҩцәа.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭара иалагаанӡа иарҳәан Аҧсни Урыстәылеи ргимнқәа. Анаҩс ажәа иман Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Уи акыр шықәса еицынхо аҭаацәарақәа дрыдныҳәало, иқәгылараҿы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ари аҩыза аусмҩаҧгатә аиҿкаара зыбзоуроу «Россотрудничество» анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Иара убас ажәа змаз Дмитри Федотов дазааҭгылеит ари амш ныҳәаны Аҧсны азгәаҭара ишалагаз 2009 шықәса инаркны. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Аҧсны иқәынхо еиуеиҧшым амилаҭқәа рахьтә 50-ҩык акыр шықәса еицынхо аҭаацәарақәа алкааны аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи шранаршьахьоу.
Раҧхьаӡа изанаршьаз иреиуоуп Аҧсны аҩбатәи Ахадас иҟаз Сергеи Багаҧшь иҧшәмеи иареи, ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иҧшәмеи иареи.
Анаҩс дықәгылеит аб Виссарион. Уи дазааҭгылеит ари амш Февронии Пиотри ацқьақәа рыбзиабара ишадҳәалоу. Дара ҿырҧштәны зегьы ишрызнаргаз ауаҩы гәык-ҧсык ала изыҟалара. Иазгәеиҭеит ауахәамалагьы, мамзаргьы ус уаҩытәыҩсалагьы ауаҩы иашала иҧсҭазаара мҩаҧигар шахәҭоу.
Ари амш азы иалкаан быжьҩык кыр шықәса еицынхо аҭаацәарақәа, иахьатәи ҳаамҭазы амаҭацәа змоу.
Аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи рнапаҿы ириҭон Дмитри Федотов. Иалкаахаз рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп: Витали Хатунеи Смыраа – 33 шықәса еицынхо; Шьалуеи Аллеи Ҷыҭанаа – 51 шықәса еицынхо; Алеқсеии Валентинеи Папасқьыраа – 52 шықәса еицынхо; Хачики Нварди Минасианаа – 52 шықәса еицынхо; Иурии Зинаидеи Иакәшкинаа – 54 шықәса еицынхо; Ивани Валентинеи Багаеваа– 56 шықәса еицынхо; Алексеии Валентинеи Вартикианаа– 61 шықәса.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me