Зажәеи зуси еицнагаз

Аԥсуаа жәытә-натә аахижьҭеи рыԥсҭазаара аҟазара иагәыцә хадан. Ажәлар шәышықәсала иаԥырҵоз ашәақәеи акәашарақәеи абырлаш еиԥш иԥсаҟьаны ҳмилаҭ ирыларыԥсон.

Иарбан аамҭазаалакгьы Гәдоуҭа араион аҟны ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа аԥызҵози ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рыла ибеиан. Иаагозар: Ачба Жана, Ақаҩба Мҭы, Гәынба Алиас, Кәарҷелиа Меҭ уҳәа ирацәаҩны.
Аԥсуа милаҭтә ҟазара аџьабаа азызбаз, аҭоурых аҿы зышьҭа анымҵӡо ианызҵаз, урҭ иоурыжьыз адацқәа ҳажәлар рҟазара иаласоуп. Асовет аамҭазы араион аҟны ирацәаны ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ансамбльқәеи еиҿкаан. Аӷьараҳәа, баҩхатәра ссирла ажәлар иаарылагылан, нас Аԥсны ахы-аҵыхә еицырдыруа иҟалаз аҟазара амҩа ҭбаа азҭаз акомпозиторцәа, ахореографцәа, акәашаҩцәа, ашәаҳәаҩцәа: Бебиа Едуард Уаҳаид-иԥа, Қьецба Лев Максим-иԥа, акомпозиторцәа: Чычба Алексеи Чанҭа-иԥа, Гәымба Ражден Џьгәаҭан-иԥа, Царгәыш Уасил Михаил-иԥа, Ченгелиа Константин Антон-иԥа, Ҷанба Нодар Виктор-иԥа, Кортуа Иван Еснаҭ-иԥа, Шамба Иуана Сафар-иԥа, Аиба Виачеслав Максим-иԥа, Малиа Зураб Владимир-иԥа, Уанаҿа Гиви Александр-иԥа, Багаҭелиа Баграт Аҳмеҭ-иԥа, Хәынҵариа Оҭар Гьаргь-иԥа…
Акәашаҩцәа иреиуоуп: Ачба Далаҭбеи, Ҟәыруа Жора, Хьыкәба Маска, Гәыблиа Владимир, Аҩардан Шамел, Аҩардан Иван, Џьыкырба Венера, Герзмаа Маиа, Гәынба Дона, Дасаниа Руфеҭ, Мқанба Едуард, ашәаҳәаҩцәа: Ҳагба Анатоли, Ақаҩба Акаки, Санаиа Владимир, Аншба Зоиа, Хьынтәба Хьымца, Ҳалуашь Закан, Чакмач Вилик, Џьугелиа Владимир (Вова), Чамагәуа Нора, Бигәаа Наҭикәо…
Асовет аамҭазы аҟазараҿы аџьабаа ду збахьаз, Кәыҷа Лакрба Гәдоуҭатәи араион акультура аҩны 22 шықәса дахагылан. Уаҟатәи иусуразы СССР акультура аминистрра Абираҟ ҟаԥшь ианаршьахьан. Абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» 30 шықәса еиԥымкрада напхгара аиҭон.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аԥхьатәи амш инаркны аԥсуа жәлар рыгәҭа дгылан. Уи иажәеи игәаанагарақәеи ажәлар ргәы шьҭырхуан, ацхырааразы еснагь дыхиан.
Аԥсны аибашьра анеилга, 1994 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҟны аибашьра иалагаанӡа еидикылахьаз, аҟазара иадҳәалоу афотосахьақәа маҷымкәан еизганы имаз сиҭеит: - Мышкызны аҟазара знапы алакыз, зџьабаа дуз, рпатреҭқәа еидышәкылозар, ишәҭаххозар ҳәа иԥхьаӡаны, шәара ишәысҭоит, - иҳәан иаасиркит. – Арҭ апатреҭқәа зегьы аҭоурых рымоуп, - иҳәан исзаанижьит Иван Ҭамшьыгә-иԥа .
Лакрба Иван иӡбахә змаҳац, дыззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Уи уаҵәтәи амш иазхәыцуаз уаҩын. Дыздыруаз, изааигәаз зегьы ихьӡи иабхьӡи еидкыланы ирҳәон. Уаҩы нарҳак, зажәа раӡаны, иацклаԥшны ицәажәоз, иҵаулаз, ауаа ирзааигәаз, зыԥсадгьыл азы илшоз зегьы ҟазҵаз, араион ахаҿра ашьҭыхра иашьҭаз уаҩын.
Лакрба Иван Ҭамшьыгә-иԥа диит 1915 шықәса жәабранмза 15 рзы, Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан. Иани иаби ҩыџьа ахшара рхылҵит: Ивани Александри. Иара фышықәса ихыҵуан иан лыԥсҭазаара даналҵуаз, иабгьы 1937 шықәсазы дрыԥхеит. Иван ихәыҷра ашықәсқәа уадаҩын. Инысымҩаҿы игәалаиршәон. - Ииашаҵәҟьаны сареи саҳәшьеи иуадаҩыз аамҭа ҳалиааит… Ҳшыхәыҷқәазгьы махәҿала аус аауан, аӡәи-аӡәи ҳрыцҳаибашьон, ҳаиқәгәыӷуан. Ҳхәыҷра аамҭа хашҭра зқәым акәны сгәаҿы иаанхеит…
Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны бжь-класск дрылгеит. Уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭалоит. Истудентра ашықәсқәа раан аинститут аҟны еиҿкааз аетнографиатә хор аҟны солист хадас дыҟан.
Иван Ҭамшьыгә-иԥа иарбан усзаалак инапы злеикуаз инаваргылан аҟазараҿы иџьабаа дуӡӡан. – Аԥсуа мца ааигәара ҳакәшан ҳанаатәалоз, ҳаиҳабацәа аԥсуа жәлар рашәақәа акеҩҳәа ианаацәырыргалак, ҳара рааигәа иҟазгьы ԥшышьала ирыцҳарӷызуан. Убас исызгәамҭаӡакәан аҟазара абзиабара есаааира адацқәа сыҩнуҵҟа иоурыжьуан… – иҳәалон.
1934-1935 шш. раан Џьырхәатәи алагарҭатә школ деиҳабын. 1935-1936 шш. рзы иқыҭа гәакьа Дәрыԥшь рҵаҩыс аус иуан. Ирҵаҩра инавыргыланы усҟан ашколтә хори ақыҭа аклуб аҟны еиҿкааз ансамбли напхгаҩыс дрыман. Иара дыздыруаз, иҿцәажәоз ибзиаӡаны иргәалашәоит иқыҭа еснагь гәыҵхас ишимаз, дшахӡыӡаауаз.
1938 ш. хәажәкырамза 20 рзы ахьӡ ҳаракы даԥсахеит, «Алагарҭатә школ иреиӷьу арҵаҩы» ҳәа далыркааит.

Иван Ҭамшьыгә-иԥа Осиповотәи арратә ҵараиурҭахь ддәықәҵан. Уи қәҿиарала ихыркәшаны, Бабруисктәи арратә ҵараиурҭахь дцоит идыррақәа еизирҳарц. Ари ахҭыс игәаларшәо ус иҳәон: «Арратә ҵараиурҭа саналга ЦК КПСС иҟанаҵаз адҵала 50-ҩык афицарцәа, зегьы акоммунисттә партиа ҳалан. Ҳдәықәырҵеит акавалериатә полк ақалақь Ломка аусуразы. Ари амш даара сзеигәырӷьоз мшын, исзааигәазгьы сыцгәырӷьон…»
Усҟантәи аамҭазы Иван Ҭамшьыгә-иԥа ихахьгьы иааигомызт Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалагоит ҳәа. Ақалақь Ломка ианааи, ианҭышәынтәала 1941 шықәса рашәарамза 20 рзы ақалақь Бабруиск иҟаз иԥшәма лахь ашәҟәы иҩит, рашәарамза 29 рзы днеины дшигоз ала.
1941 ш. рашәарамза 22 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалагеит. Лакрба Иван аибашьра адәаҿы афырхаҵара аарԥшуа иҭаирцәуан ақыҭақәеи ақалақьқәеи: Москватәи, Калугатәи, Смоленсктәи аобластқәа рҟны. Далахәын Сталинградтәи, Курсктәи, Белгородтәи ажәыларақәа. Иара убас иҭаирцәуан Белоруссиа адгьылқәа… Деибашьуан, ихьчон Польшеи Чехословакиеи…
Аибашьра анеилга Аҟәатәи аҳаиртә еидҵараҿы аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан 1958 шықәсанӡа.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьан аорденқәа ҩба: «Аџьынџьтәылатә еибашьра II-аҩаӡара», «Аеҵәа ҟаԥшь» аорден.
Асовет Еидгыла аамҭазы жәаа медал ианашьан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Москва ахьчаразы», «Берлин агаразы», «Агәымшәаразы»…
Иван Ҭамшьыгә-иԥа еснагь здырра еихазҳауаз, иацызҵоз хаҵан. 1949 ш. иреиҳау аҵараиурҭа, 1953 ш. ақалақь Ленинград иреиҳау арратә школ ибзианы ихиркәшеит. 1958 ш. ирратә уалԥшьа ааныжьны иқалақь гәакьа Гәдоуҭаҟа дхынҳәуеит.

Иара дышқәыԥшыз бзиа иибоз аҟазарахь ихы ирхоит. Уи иџьабаа дуӡӡан. Иусушьа, ицәажәашьа, иеиҿкаашьа лгәалалыршәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Чамагәуа Нора: «Иван Ҭамшьыгә-иԥа иҵауланы ихәыцуаз, алеишәа ҷыда змаз, ҳажәлар рҟазара иазҿлымҳаз, зуаҩра дуӡӡаз, згәы ҭбааз, нцәахшак иеиԥш ҳазхәаԥшуаз ҟазан…»
Иван Ҭам­шьыгә-иԥа уахгьы-ҽынгьы зус ҩ-на­пыкла иашьҭаз, аҟа­зара злаз ақыҭақәа дрылаланы иалзыԥшаауаз дреиуан, ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Нарҭаа» напхгара аиҭон. Урҭ еидикылоз, асценахь рцәыргараҿы иацыз аџьабаа, абас далацәажәон: «Абыргцәа зегьы рыҩнаҭақәа сырҭаауеит, аӡәы дычмазаҩхар, смашьына иакуа аашьҭыхны иганы, ҳнеидтәаланы ргәы шьҭысхуеит… Дара ахәыҷқәа ирҩызоуп, рҽызхдырҟьо уздырӡом. Убри азы иаҭахуп аҿабызшәа, изласылшо ала срышьҭоуп. Дара зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рымоуп. Урҭ еснагь урзыӡырҩлар рҭахуп…»
1985 ш. Иван Ҭамшьыгә-иԥа дызхагылаз ари ансамбль алахәылацәа ааԥхьара рыман Иапониаҟа. Имҩаԥысуаз аныҳәа иахьӡын «Абыргцәа рымш». Гәдоуҭатәи ансамбль «Нарҭаа» жәамш инарзынаԥшуа ақәгыларақәеи аиԥыларақәеи ирылахәын.

Иара убас, хара имгакәан Иван Ҭамшьыгә-иԥа напхгара зиҭоз ансамбль «Нарҭаа» алахәылацәа, ишиашаз ицоз ателедырраҭарақәа «Лыхны-Рим» Ҭемыр Агрба игәа­раҭаҟынтә идырбан.
Иван Ҭамшьыгә-иԥа еиҿикаауаз, дызҿыз, дызнысыз амҩа статиак иҭаӡаӡом. Избанзар ҽнак хәлаанӡа зхы нықәҵаны зыԥсы зымшьаз, зыжәлар рзы аус бзиақәа мҩаԥызгоз, иааԥсоз, аха уи иаламцәажәоз, еснагь иҿыцу аартырак зықәҿиоз ԥхьагылаҩын. Уи иџьабаа ду азы «Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ихҵан.
1982 ш. Гәдоуҭа ақалақь агәаны игылаз аԥсшьарҭа «Алашара» директорс дарҭоит. Араҟа аус иуанаҵы Гәдоуҭа араион аҟны иҟаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду (1941-1945) аветеранцәа рхеилак хантәаҩыс даман. Усҟан акьыԥхь аҟны ласы-лассы дцәырҵуан. Аибашьцәа рҭоурыхқәа икьыԥхьуан, иикьыԥхьуаз агазеҭқәа иргәылԥҟаны иман.
Иван Ҭамшьыгә-иԥа иԥсы ҭазҭгьы 109 ш. ихыҵуан. Сыбла дыхгылоуп икәымжәи ихылԥарч шкәакәеи дрылԥхаауа… Иҭаҳмадацәа рыгәҭа дгыланы, лафк нараҳәаны, ргәалаҟазаара нышьҭыхны, днарыԥхьагыланы, асценахь ицәыригон.
Р. Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә Хан асахьаркыратә напхгаҩы Бигәаа-Шамба Џьулетта, абас лҳәеит: «Иван Ҭамшьыгә-иԥа аус уахгьы-ҽынгьы иуан. Инапаҵаҟа иҟаз аусушьа дырбаразы, идирҵаразы ихаҭа ауснагӡатәқәа ҟаиҵон, нас ҳаргьы анапынҵақәа ҳаиҭон. Уи иҿуҵааша рацәан, иидыруаз гәыкала иҳазнеигон, иџьбарареи аус анапхгареи ҳазегь ҳаиднакылон, аҟазара абзиабара иҳалаиааӡаз наӡаӡа иаҳзынхеит…»
Иван Ҭамшьыгә-иԥа аибашьраҿы аума, аҟазараҿы аума, уи иӷәӷәаз, иҿырԥшыгаз, Аԥсны гәыкԥ-сыкала бзиа избоз ԥхьагылаҩын. 1994 ш. иара иеизгамҭақәа, аҟазараҿы еизигаз апартреҭқәа ирыцҵаны ацәыргақәҵа ҟаҳҵеит. Ацәыргақәҵа «Аҟазара-иҭамбаӡо ӡыхьуп» ахьӡын. Апатреҭқәа238 ӡырган.
Иван Ҭамшьыгә-иԥа иахьа дызҭыҵыз иашҭа ҭбаауп, илашоуп, еиҵыҵуеит, иазҳауеит, уи аиҵыҵра иацзааит еснагь аманшәалара. Игәымшәареи, ифырхаҵареи, иҟазареи абиԥарақәа еимырдалоит. Уи адацқәа наӡаӡа аҭоурых иаласазаауеит. Афырхаҵа имҩа дызлыҵыз ажәлар ирыцзаауеит, ихаҿсахьа ԥсра-ӡра ақәымкәан иаанхоит.

Гугуца Џьыкырба   

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me