Аԥсны инаркны Китаинӡа

Жәытә-натә аахыс ҳажәлар ирылиаауеит дара рыхьӡ ҭызго, Аԥсны адунеижәлар ирзырдыруа аҵеицәа. Убарҭ дыруаӡәкуп еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, ҭеиҭԥшла, бжьыла адунеи асценақәа зыршанхахьоу, ҳажәлар зызгәдуу, еҵәахәыс иршьо Хьыбла Гьерзмаа.


Шықәсқәак раԥхьа, Диоскураа рыԥшаҳәаҟны Аҟәатәи абааҿы Хьыбла лҩызцәеи лареи атеатртә ҟазшьа змаз ақәыргыламҭа мҩаԥыргон. Иаалырҟьаны амшцәгьа бааԥс ҟалеит: ажәҩан алакыҵа ҵнаршәааит, аԥҳал ахы лахазшәа ақәаршҩы ауит, адыд-мацәыс атәыла арбгеит… Аӡырҩцәа рхы ахьынахаз имцеит, Хьыбла днырмыжьит, лара илыцны Аԥсуа театр ахь ииасит. Уи аҩыза анцәа иаҳҟәырхуп. Абас иҟоуп абаҩхатәра амч.
Ииуль 15 азы Аҟәа иаатуеит XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…». Раԥхьаӡа акәны Аԥсны амузыкатә фестиваль хада рхы аладырхуеит Валери Гергиеви Мариитәи Асимфониатә оркестри. Гергиев инапхгарала аоркестр иацықәгылоит Мариитәи атеатр аоператә труппа ашәаҳәаҩцәеи Хьыбла Гьерзмааи.
Афестиваль апрограммаҿы иарбоуп Аԥсны еиуеиԥшым аконцертқәа ԥшьба, Урыстәыла егьырҭ ақалақьқәа рҟны амузыкатә хҭысқәа фба, Китаи – ҩба. Афестиваль мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгамҭақәа рзы Ап­резиденттә фонд адгыларала.
Хьыбла Гьерзмаа, Ильдар Абдразаков, Зинаида Царенко, Сергеи Скороходов, Виачеслав Василиев, Екатерина Савинкова уҳәа адунеитә опера егьырҭ аеҵәақәа ииуль 15 азы Аҟәа асценахь ицәырҵуеит. Аклассикатә музыка афестиваль ҳаҭыр зқәу сасны даҭаауеит Урыстәыла атеатр Ду адиректор хада, асахьаркыратә напхгаҩы – Мариитәи атеатр аиҳабы, Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Валери Гергиев.
Аконцерт мҩаԥысуеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбра аҿаԥхьа иаарту асценаҿы. Уи мҩаԥигоит актиор, ателедырраҭарақәа рымҩаԥгаҩ Иулиан Макаров. Ахәаԥшцәа аконцерт ахә ахыршәааӡом. Анаԥхьаратә билеҭқәа аланарҵәоит Аԥсны акультура Аминистрра.

«Ҳара ҳфестиваль хацыркын 2001 шықәсазы. Абри аамҭала иҟаҵоу даара ирацәоуп. Араҟа иқәгылахьеит амузыкантцәа дуқәа, инаҳагӡахьеит аоператә қәыргыламҭақәа инадыркны аџьазтә хәылԥазқәа рҟынӡа еиуеиԥшым амузыкатә программақәа, – лҳәоит Хьыбла Гьерзмаа. – Уажәтәи афестиваль, жәаҳәарада, ҳҭоурых аҟны даҟьа ҿыцуп. Валери Абисал-иԥа Гергиев Аԥсны Мариитәи атеатр Асимфониатә оркестр аҿаԥхьа игылара, убри атеатр аоператә труппа ашәаҳәаҩцәа шьахәқәа, асолистцәа асценахь рцәырҵра – ҳамҭа дууп аԥсуа жәлар рзы, Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡауа иҵабыргыҵәҟьаны культуртә хҭысуп. Ҳазну ашықәс афестиваль рызкуп Аԥсны иналукааӡаша аусзуҩцәа ҩыџьа риубилеиқәа – аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәылиеи».
Сергеи Багаԥшь Аԥсны аҳәы­нҭқарра аҩбатәи ахада иакәын. Хьыӡҳәала иара ихаан ареспублика иаиуит ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра астатус. Иԥсы ҭазҭгьы 2024 шықәсазы уи ихыҵуан 75 шықәса. Аԥсны даара аҵак ду змоу аҩбатәи ихыргьежьаау арыцхә – аҵарауаҩ, апоет, арккаҩы, аԥсуа алфавити амилаҭтә литературеи аԥызҵаз Дырмит Гәылиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра ауп. Уи игәалашәара иара убас иалкаахоит, ҳаҭыргьы ақәҵахоит ахатә ҟазшьа змоу аԥсуа традициақәеи адунеитә музыкатә культура дуӡӡеи еидызкылауа афестиваль инагӡаны.

«Аоператә шәаҳәаҩы лыԥшаах лыԥсадгьыл аҟны еиҿылкаауа афестиваль, Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруеит, аӡбахә раҳахьеит, – иҳәоит аҟаза ду Валери Гергиев. – Агәра згоит, ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу рҭыԥҳаи афестиваль сасцәаны иаҭоу аеҵәа ҿыцқәеи рԥылара гәахәара дула ишырԥыло аԥсуа жәлар. Ҳазну ашықәс азы Аҟәа иааҳартуеит афестиваль. Хьыбла Гьерзмаа иналывагыланы асценахь ицәырҵуеит Мариитәи атеатр Асимфониатә оркестри ашәаҳәаҩцәеи: ашәаҳәаҩ ду Ильдар Абдразаков, Сергеи Скороходов, ҳоператә ҿар иреиӷьу рхаҭарнакцәа, П.И.Чаиковски ихьӡ зху XVII Жәларбжьаратәи аконкурс аҟны Гран-при згаз Зинаида Царенко, иара убас ашәаҳәаҩцәеи аконцертмеистерцәеи рконкурс алауреатцәа Виачеслав Василиев, Екатерина Савинкова. Абасала ҳара ҳконцерт ихацнаркуеит XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит»…».
Ииуль 20 азы аконцерт иацҵахоит X ашәышықәса иаҵанакуа Ԥицундатәи ақьырсиантә ныхабааҿы. Уаҟа иқәгылоит Хьыбла Гьерзмаа лҵаҩцәа хазынақәа, П.И.Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа астудентцәа, аушьҭымҭацәа Вероника Хорошева, Вероника Андреиченко, Мариа Лупарева, Валентина Химич, Лада Меркулиева, иара убас ашәаҳәара акафедра адоцент Хьыбла Гьерзмаа лхаҭа. Афортепиано апартиа налыгӡоит аконсерваториа адоцент Екатерина Ганелина – акыр шықәса раахыс Хьыбла иаалыцрымшәо концертмеистерс илыцу.
Август 16 азы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр асценаҿы Хьыбла Гьерзмааи апианинорҳәаҩ Олег Аккуратови автортә концерттә программа цәырыргоит, 1940 – 70-тәи ашықәсқәа рзтәи ашәақәа рыла ишьақәгылоу. Ари апрограмма маи азы Москва иддырбахьеит, ақәҿиара дугьы аман.

Август 18 азы X ашәышықәса иаҵанакуа Бедиатәи ауахәамаҿы имҩаԥгахоит ахортә музыка аконцерт. Хьыбла Гьерзмаа, Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Лев Канторович инапхгарала Академиатә хор ду ашәа ацылҳәоит. Аҳ Баграт III иргылаз ажәытәтәи аныхабааш Аԥсны аҭыԥшӡарақәа ируакуп.
Августтәи ақәгыларақәа хнаркәшоит аџьазтә концерт. Август 20 азы Хьыбла Гьерзмаа асаксофонист Игор Бутмани, Сергеи Макеев инапхгарала аџьаз-бенди дрыцықәгылоит Аҟәа, атеатр аҿаԥхьа иаарту асценаҿы. Амузыкантцәа инарыгӡоит еицырдыруа аџьазтә, аклассикатә ԥҵамҭақәа.
Анаҩс афестиваль Урыстәылаҟа ииасуеит. Аконцертқәеи аҟазара-классқәеи мҩаԥысуеит Москва, Санкт-Петербург, Самара, иара убас Мрагылара Хара ақалақьқәа: Владивосток, Благовешьченск, Хабаровск рҟны. Абас еиԥш зымҽхак ҭбаау апрограмма алыршахоит акультуратә аԥшьгарҭақәа рзы Апрезиденттә фонди афестиваль адгылара азҭо Альфа-Банки ирыбзоураны.
Иара убас афестиваль агастрольқәа Китаи рымҩаԥгара арбоуп. Китаитәи аоператә зыӡырҩцәа раԥхьаӡа акәны ираҳараны иҟоуп Хьыбла Гьерзмаа лыбжьы. Машәыршәа акәӡам 2024-2025 шықәсқәа Урыстәылеи Китаии наҟ-ааҟ ркультура иашықәсқәаны изрылаҳәоу.

Акьыԥхь иазирхиеит
Б. Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me