Амратәылахь игәыблра еихсыӷьуам

Аҟәа ақалақь Амш есышықәса иазгәарҭоит ииуль мза алагамҭаз. Убас, сынтәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан ииуль 5-6 рзы. Заа ишьақәыргылан аусмҩаԥгатәқәа рплан, егьеихшан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.


Аныҳәа аҽалархәразы иааит Аҟәеи аешьаратә еизыҟазаашьақәа ахьрыбжьоу Урысәыла ақалақьқәа рҟнытә аделегациақәа.
Аҟәа Амш азгәаҭара аҳәаақәа иҭагӡаны уи зҽалазырхәырц аҳҭнықалақь иаҭааз Москватәи аделегациа иалаз асовет аурыс шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, апублицист Иури Полиаков иԥылара еиҿкаан “Москва Аҩны” аҟны.
Иури Полиаков деицырдыруеит уаажәларратә усзуҩык иаҳасабалагьы. Редактор хадас даман агазеҭ “Литературная газета”. Иахьа адраматургцәа Рмилаҭтә Ассоциациа ахантәаҩыс дыҟоуп.
Москва ииз, иааӡаз Иури Полиаков дшыхәыҷыз алитература дазҿлымҳахеит. Н. К. Крупскаиа лыхьӡ зху Москватәи арҵаҩратә институт даналга, аус ахьиуазаалакгьы алитература дацәхьамҵыцызт. Аханатә акымкәа-ҩбамкәа ажәеинраалақәа реизгақәа шыҭижьызгьы, 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭа нахыс апрозаҿы иҽԥишәо далагеит. Иҭижьуеит ипрозатә рҿиамҭақәа реизга “Сто дней до приказа”. Уи нахыс еиуеиԥшым ажурналқәа рҟны лассы-лассы иҩымҭақәа ркьыԥхьуан, хазы ишәҟәқәа ҭыҵуан. Иахьагьы ашәҟәыҩҩы ирҿиара инаԥшьны инапы алакуп ауаажәларратә усура.
Аҟәа Иури Полиаков иԥыларахь инеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, акультура амаҵ азызуа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ажурналистцәа, алитература абзиабаҩцәа, иара убас “Москва Аҩны” анапхгареи аусзуҩцәеи.
Аиԥылара зҽалазырхәырц имҩахыҵыз иҭабуп ҳәа раҳәауа, дазааҭгылеит ҵыԥх, ҭагалан Аԥсны дшаҭааз, арахь иаара еснагь агәахәара шинаҭо, избан акәзар ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны игәакьацәа дрыцны инеиԥынкыланы ԥсшьара даалон. Еиҳараӡакгьы Афон Ҿыцҟа. Убри аҟнытә ахаангьы игәыблра еихымсыӷьыц.

Аҟәаҟа данаауаз иааигаз – ааигәа иҭыҵыз ироман ахԥатәи ашәҟәы “ Совдетство. Узник пятого волнореза” асовет аурыс шәҟәыҩҩы игәалашәарақәа рцикл иаҵанакуа ихәыҷра ашықәсқәа ирызкуп. Москватәи ашколхәыҷы раԥхьаӡа акәны 1969 шықәсазы Афон Ҿыц иԥсы ишьон. Арԥыс изы иџьашьахәын амра хааи, амшыни, ашьхақәеи рдунеи дахьаҭаауаз. Иқәлацәеи иареи реицыхәмаррақәагьы рхатә ҭыԥ рыманы игәалашәараҿы иаанхеит.
Абасала, ароман ахәҭақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа Аԥсны – Афон Ҿыц имҩаԥысуеит. Ароман аҟны автор иқәыԥшра ашықәсқәа ирыдҳәаланы иааирԥшуа Москватәи арԥыс Иури Полуиаков ихаҿсахьала ицәыргоуп. Аханатә автор хықәкы хадас иман асовет аамҭазы изызҳауаз арԥыс дызлагылаз, икәша-мыкәша имҩаԥысуаз зегьы дышрыхәаԥшуаз, ишидикылоз, хәшьарас ириҭоз аарԥшра, убри алагьы ихатә дунеи уагәылаирԥшуеит, уагәылеихалоит, игәнукылогьы рацәоуп. Ацикл хиркәшараны дыҟоуп аԥшьбатәи ашәҟәы ала.
Ашәҟәы ҿыц аӡы­ргараан ашә­ҟәыҩҩы ироман аҟны иаарԥшу ахҭысқәа инарымаданы далацәажәеит ирҿиаратә мҩа, инапы злаку, ҳаамҭазтәи ауаажәларраҿы иааникыло аҭыԥ.
Аҵыхәтәан азҵаарақәеи аҭак­қәеи рахь ииасит. Аӡы­ргара иалахәыз зызҿлымҳаз иреиуан: Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылақәа реимадареи русеицуреи, апериодикатә ҭыжьымҭақәа (ажурналқәеи агазеҭқәеи) рредакциақәа рҭагылазаашьа, ашәҟәҭыжьра аус аҟны иҟоу алшарақәа, ауаажәларраҿы ашәҟәыҩҩы ироли иааникыло аҭыԥи ахәшьара ахьынӡамоу, насгьы иахьынӡеихаҵгыло, акультура азеиԥш ҭагылазаашьа уҳәа егьырҭгьы.
Иури Полиаков хәҭа-хәҭала дырзааҭгылауа азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵон. Наҟ-ааҟ агәаанагарақәа реимдара азҿлымҳара бзиа аманы имҩаԥысит.
В. Ацанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me