Аслан

Аслан

Октиабр ҩба рзы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар рҟнытә Гагра ақалақь ахы иақәиҭтәуижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит. Абри арыцхә инамаданы Гагра аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиетәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонтәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Сентиабр ҩеижәиааба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара.

Аиҧылара мҩаҧысит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача аҟны. Ареспублика Беларус Ахада иҧылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, Алеқсандр Григори-иҧа! Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәеит 1996 шықәса ианвар мзазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алахәцәа – аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

Ихыркәшахеит сентиабр ҩеижәиааба рзы Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы имҩаҧысуаз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара. ашьҭахь уи ахҳәаа азыҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш аҳаҭыр азы Урыстәылатәи Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала. Ашәҟәы аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидыркылоит аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи. Урыстәылатәи Афедерациаҿы интересс ирымоуп исуверентәу Аҧсны иқәынхо ажәлар нхозарц иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарраҿы».

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ҳтәыла иқәынхо ажәлар зегьы рзы ихадоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рныҳәа рыдиныҳәалеит!

Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш азгәаҭараан Аҟәа, Леон имҩаду аҟынтәи ихацыркын маланыҟәала аиҧхныҩлара. Амаланыҟәа иақәтәаз рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Алада-Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Имемориал аҟынӡа.

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш 29 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын ари аусмҩаҧгатә.

413 мшы амацәаз  иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит.

Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа  радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.

Аиааирахь амҩа даараӡа иуадаҩын, аҧсҭбара дуқәа ацын, аха ҳҵеи ду, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагыла, ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьҭаркҩы, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәҭакы анагӡараҿы, ахақәиҭра аагараҿы хьаҵра аазмырҧшуаз, Ҳаҧсадгьыл аҧышәара дуӡӡақәа ирылигеит. Злахьынҵа инапы ианызҵаз ижәлар днарылагыланы, аибашьраҿы Аиааира диргеит, иара убриалагьы ахьыҧшымра алиршеит.

Иахьа уажәраанӡа, ишырҳәо аиҧш, Анцәа иџьшьаны, ҳажәлар адунеи аӡеибафара иаламӡыкәан, еибга-изҩыда иаауеит.

Сентиабр 12 азы Очамчыра ақалақь аҟны гәырҕьарала иаартын ахәыҷбаҳча "Аӡыхь", – иаанацҳауеит Аҧсныпресс.

Уи аартра иалахәын Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me