Агәаҵантә иаауаз аҟазара

Аԥсуа қыҭа Абӷархықә аҭоурых ду змоу қыҭоуп. Иарбан аамҭазаалакгьы аԥхьагылацәа, ажәлар рҿахәы зҳәашаз ақыҭа иалиаауан: аҟазара злаз ауаа, аҽыбӷаҟазацәа, алафҳәаҩцәа, анапҟазацәа, ажәа азҟазацәа, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реиқәрхаҩцәа уҳәа.


Абӷархықә ақыҭа аҭоурых ҳаламлакәа, араҟа ииз, изызҳаз Шамба Иван Сафар-иԥа инысымҩа ҳазааҭгылоит. Жәытә-натә аахижьҭеи Шамба Сафар ачеиџьыка змаз, иҩнаҭа асасцәа дахьқәа агмызт. Иԥшәма Аџьба-Шамба Лиуба Қәҭиа-иԥҳаи иареи ԥшьҩык аԥацәа рааӡеит: Николаи, Виктор, Иван (Ваниа), Анатоли. Ахәыҷқәа ран Лиуба Қәҭиа-иԥҳа Абӷархықәтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аус луан, агеографиа амаҭәар длырҵон. Иреиӷьӡоу арҵаҩы ҳәа изныкымкәан «Аҳаҭыртә дыргақәа» ланаршьахьан. Аҩнаҭаҿы изызҳауаз ԥшьҩык ахацәарԥар рҵахәтәқәа рҽырхаршәаланы анхараҿы раби рани ирыцхраауан. Ашкол ианалга зегьы занааҭк-занааҭк алырхит. Шамба Иван дыныхәыҷыз инаркны аԥсуа жәлар рашәақәа рыхкқәа ашкол аҿы еиҿкааз ахор аҟны идырҳәон. Усҟантәи аамҭазы, шамахамзар ашколқәа зегьы рҟны ахаԥшьгаратә гәыԥқәа еиҿкаан. Иван хәыҷы егьырҭ ақыҭа школқәа рахь ахкы аҳәаразы днарыԥхьон. Иҟазара игәаҵантә иаауан. Ԥсабарала Анцәа илеиҵаз абаҩхатәра ашкол данҭала нахыс зегьы ирбарҭан.
Шамба Иван Сафар-иԥа Аб­ӷрахықә ақыҭан, абжьаратә школ ибзиаӡаны иалгаз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Иван аҟазара иадҳәалоу аҵараиурҭахь дцарц шиҭахыз реиҳәеит. Иаби иани уи игәаҳәара иадгылеит. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа дҭалоит. Аҟазара агәашәқәа ҟьаҟьаӡа изаатит. Амелодиа знык иаҳаз иаразнак игәникылон. Ҷыдала аԥсуа жәлар рашәақәа дрызҿлымҳан. Дшыстудентызгьы аԥсуа қыҭақәа дырҭааны ашәаҳәацәа дырзыӡырыҩуан, ашәақәа ҭаиҩуан. Усҟан аҩбатәи акурс аҿы дтәан.
Иван истудентра ашықәсқәа раан Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны аҵаҩцәа рхор аиҿкаара далагеит.

–Усҟан, – иҳәеит Габуниа Џьума, – Аҟәа ақалақь аҟны Аԥсны араионқәа зегьы злахәыз аолимпиада мҩыԥыргон. 20 инареиҳаны ансамбльқәа ықәгылон. Урҭ ашәаҳәацәеи акәашацәеи рыла ишьақәгылан. Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ директорс даман Ахиба Иосиф (Лесик) Маадан-иԥа. Уи ҳашкол ықәгылаанӡа ишьапы дықәгыланы ансамбльқәа зегьы дрыхәаԥшуан. Иван иссирӡаз ансамбль аԥиҵеит. Актәи аҭыԥгьы ааныркылеит. Амала Аҟәагьы Жәандрыԥшьгьы аилагӡара аницәыуадаҩха иусура аанижьыр акәхеит,. Иусура шаанижьзгьы ҳқыҭаҿы ацәгьеи абзиеи еснагь дҳалагылан. Аамҭа рацәа шцахьоугьы, Жәандәрыԥшьаа иахьагьы ҳҵаҩцәа усҟан иаадырԥшыз аҟазара рхамшҭуа иалацәажәоит.
Иван абжьы ԥшӡа ихан. Уи Аԥснытәи ахортә копеллаҿы ашәа иҳәон. Уаантә Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз ансамбль адирижиорс диаган. Убраҟа аус шиуаз иҟазаратә дунеи аҳәаақәа ирҭбаарц, идырра иациҵарц иӡбеит, дагьҭалоит Собинов ихьӡ зху Саратовтәи аконсерваториа. Уи хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә, Гәдоуҭа араион акультура аҟәша аҟнытә аҳәара ҟарҵеит ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиорси дҟаларц.
Ансамбль «Риҵа» иалаз зегьы ибзиаӡаны дырдыруан, дырзааигәан. Аамҭаказы ансамбль «Риҵа» напхгара азҭоз Малиа Зураб абас иҳәеит¬¬:
– Ваниа, ус акәын ишиаҳҳәоз. Зхаҟынтә зшьапаҟынӡа ҳаԥсуа жәлар рҟазара зцәа-зжьы иалаз, издыруаз, иахӡыӡаауаз, иҭызҵаауаз дреиуан. Бжьыцқьала ашәа зҳәоз даликаауан. Даамсҭа уаҩын. Ажәлар идырҿиаз, иртәыз, ажәлар ишыртәыз, ишаԥырҵаз иаанхар иҭахын. Ашәа ҿыцқәа анҳирҵоз, иагьараан ҳааникылон, изцәыуадаҩыз дымгәамҵӡакәа ирызнеигон. Ибжьы ԥшӡа схашҭӡом. Даашьаӡомызт. Ваниа ажәлар рҟазара ибзиаӡаны издыруаз, рашәақәа дырхаҿны наӡаӡа сгәаҿы даанхоит.
Иҟазара иахыҳәҳәон иа­ԥсуара, иҭоурых, игәыҭбаара, иуаҩра. Ихымҩаԥгашьеи, ицәажәашьеи зегьы рыла дахьыҟазалак дрылукаауан…
Шамба Иван еснагь аҿыц иашьҭаз, еиҿызкауаз, аџьабаа иацәымаашьоз, уахгьы-ҽынгьы зыжәлар рыгәҭа игылаз иакәын. Иҭамбаӡо аӡыхь еиԥш иҵхәраа иааиуаз иҟазара иаҿыхәаз наӡаӡа ргәаҿы дыҟазаауеит. Иара еиҿикаауаз, напхгара зиҭоз ансамбльқәа ирыхәаԥшхьаз, уи ибжьы цқьеи иашәақәа рынагӡашьеи ирхамшҭӡо иаанхоит.

Иван ҳаԥсадгьыл аӷа данақәла, уи ахьчаразы игылаз ҳҵеицәа хазынақәа дрылагылан. Аибашьра аԥхьатәи амшқәа раан еиҿкааз аҟазара аусзуҩцәа еидызкылоз Гәымсҭатәи афронт аҿы еиҿкааз авзвод командирс даман. Аибашьра анеилга ашьҭахь иара ибзоурала еиҿкаан ансамбль «Уарада». Уи С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр артистцәа рыла ишьақәгылан. Асценахь ианцәырҵ ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз зегьы ибзианы иаҳгәалашәоит. Аконцертқәа зегьы напеинҟьарыла ирыдыркылон. Ансамбль «Уарада» арепертуар гьамала ишьақәыргылан. Аԥсуа жәлар рашәақәа ҟазара ҳаракыла инарыгӡон.
Ансамбль «Уарада» иалаз Аԥсны жәлар рартист Ҳагба Кьасоу, напхгаҩыс ирымаз Иван ихаҭара дазааҭгылеит:
– Ззанааҭ бзиа избоз, ибзиаӡаны издыруаз, зхы-зыԥсы ахҭнызҵоз ҟазан. Дарбанызаалак, иарбан усзаалак иахагылоу ауаҩы дызҿу, инапы злаку, ихы-иԥсы еиԥш бзиа ибозароуп. Убасҟан ауп инапаҵаҟа иҟоу ауаагьы анизыӡырыҩуа, ианивагыло. Иҟазаратә хшыҩ ҭбаан, иҵарын. Ҳмилаҭтә ҟазара дагәыцәын. Аԥсуа жәлар рҟны абас иҟаз, згәы аартыз агәаҵәацқьа иӷроуп ҳәа изырҳәон. Ваниа аҟазаратә баҩхатәра илаз зегьы ижәлар ириҭар, ирзаанижьыр иҭахын, аха агәамбзиара ииааит… Еиқәирхаз, иаанижьыз ажәлар ршәақәа ахьтәы фонд иаҩызоуп. Еиҿикааз «Уарада» аибашьра ашьҭахь иаԥҵаз ансамбльуп, уи уԥсуа ҟазара аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит… Иван Сафар-иԥа иԥсы ҭазҭгьы ажьырныҳәа 17 рзы 75 шықәса ихыҵуан. Ииубилеи инамаданы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан иџьабаа здиҵаз, еиҿикааз ансамбль «Уарада» ахәаԥшцәа идырбазар уи ԥсаҭан…
Шамба Иван Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа директорс дарҭоит. Уаҟа аашықәса аус иуит. Уи ашьҭахь, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны афольклор аҟәшаҿы аус иуан. Уи 1986 ш. Аҟәа ашәҟәы «Аԥсуа жәлар рашәақәа» иара убас «Аԥсуа жәлар рашәақәеи афольклорист инҵамҭақәеи» (2010ш.).
Иван дҭаацәаран. Иԥшәма Са­наиа-Шамба Диана Владимир-иԥҳаи иареи узеигәырӷьаша ахшара рааӡеит: Аминеи Дамеии. Рҩыџьагьы аиҳабыратә ҵараиурҭақәа ирылгеит.
Диана аҟазара злаз аҭаацәараҿы дызҳаит. Лара Аҟәатәи амузыкатә школ директорс дамоуп:
– Саб, Владимир Санаиа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ Асовет аамҭазы ихҵан. Сан аинструментқәа зегьы рҟны ибзиаӡаны дыхәмаруан. Саби сани аҟазара даара бзиа ирбон. Ҳаргьы иҳаларааӡон. Саб ажәеинраалақәеи ашәақәеи иҩуан. Адунеи ҳазырдырыз Гьерзмаа Хьыбла аԥсышәала илҳәо, ашәа «Аԥсынра» авторс иамоу саб иоуп. Уи сара сзы даараӡа игәышьҭыхгоуп…
Иван иааԥсареи иџьабааи рзы 1983 шықәсазы «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан.
2004 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Арӡынба В. Г. идҵала аорден «Ахьӡ-аԥша» III-тәи аҩаӡара ианашьан.
Шамба Иван Сафар-иԥа игә­аҵантә иаауаз аҟазара ацыԥхьқәа аԥсуа жәлар ирыцзаауеит. Уи иуаҩреи иҟазареи еицакра ақәымкәа абиԥарақәа еимырдалоит, идырҿиалоит, ԥхьаҟа иргалоит.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me