Апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-тәи, III-тәи аҩаӡарақәа занашьоу Владимир Константин-иԥа Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган аконференциа. «Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала» зыхьӡыз аконференциа мҩаԥысит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.