Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш. Урыстәыла Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала, инашәыгӡо аусгьы ахә ҳаракны иршьоит. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала лыҵшәа змоу ҳусеицура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра». 
Аԥснытәи Амилаҭтә галереиа аҭоурых алагоит 1964 ш. март жәибжь инаркны. Уаанӡа Аԥсны Аиҳабыра Реилазаара 1964 ш. август 20 рзы аӡбамҭа аднакылахьан уи Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афилиал акәны аиҿкааразы. Агалереиа аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылоуп еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа: В. Бубнова, М. Ешба, О. Брендель, А. Иванба уҳәа егьырҭгьы. Агалереиа аекспозициақәа еиҳарак ишьақәыргылахеит аҿыханҵатә ҟазара абзиабаҩ, Аҟәатәи аҳақьым Е. Фишков ихатә коллекциа аҟнытә. Аҳақьым ихатәы…
Қәҭелиа Алықьса (Алик) диит 1960 ш. маи 23 рзы Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан, Қәҭелиа Мези Амҷԥҳа Мери рҭаацәараҿы. Ирааӡеит ҩыџьа ахацәарԥари ҩыџьа аҭыԥҳацәеи. Алик иашьа идунеи иԥсаххьеит, аиҳәшьцәа ҭаацәара ҳәа ицахьеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me