Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿар реиҵааӡараҿы

Сынтәа Аҧсны аҵара Аминистрра аиубилеитә шықәсуп. Убри инамаданы, ҳиҿцәажәарц ҳаӡбеит кыр шықәса аус зухьоу, зыҧсҭазаара абжа зегь ззанааҭ иадызҳәалаз, абаҩрҵәыра рылааӡареи, аспорти, аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.

Ҳаиҿцәажәараан иаҳзеиҭаиҳәеит, ари аҵара министрраҟны  аус иуеижьҭеи ҳазҭало ашықәс азы 50 шықәса шҵуа. Раҧхьаӡакәны аусура ҳәа ишьаҿа еихигеит 1974 шықәсазы. Усҟан аҵара аминистрс дыҟан, ааигәа зыҧсҭазаара иалҵыз Ҭамара Иван-иҧҳа Коҕониа. Иазгәеиҭеит, Асовет Еидгыла аныҟаз аамҭазы аҳәынҭқарра амч шамаз. Усҟантәи аусуреи ҳаамҭазтәи аусуреи шеиҧшым. Усҟантәи аусура еиҳа имариан ҳәа азгәеиҭеит уи. Избанзар, Москва иҟаз СССР аҵара аминистрра еиқәышәшәа иаарышьҭуан иҟаҵатәу. Иҳәеит, иара дызҿыз аус, ашколқәа рҟны аспорт абзиабара рылааӡаразы усҟан аҳаракыра ду шамаз. СССР имҩаҧысуаз ашколхәыҷқәа рспартикиадақәаҟны, иара убас еиуеиҧшым аицлабрақәа рҟны аҧхьахәқәа ааныркылон. Иара иазгәеиҭеит, ишрымаз Аҵара аминистрра иаднакылоз  ареспубликатә хәыҷтәы қәыҧштә  спорттә школқәа быжьба. Урҭ Жәларбжьаратәи аицлабрақәа иара убас ареспубликатә еицлабрақәа рҿы рыҽрыладырхәуан, ҧынгыла ҳәа акгьы рымамызт, зегьынџьара аҧхьахәқәа ргон. Усҟантәи аамҭазы ахәыҷы иахьааиҭаххоз аспорт хкқәа рҟны ихы алаирхәыртә алшара ыҟан.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра аналагоз аламҭалаз аҵара аминистрреи акультура аминистрреи еидырҵеит. Убасҟан,1991 шықәсазы министрс дҟарҵеит Нодар Ҷанба.

 Иазгәеиҭеит, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҵареи акультуреи рминистрра  Гәдоуҭа араион аҟны ишыҟаз. 1993 шықәсазы аҵара аминистрреи акультура аминистрреи еидыргеит. Уи анаҩс,  аҵара аминистрс дҟаҵан Иван  Саӡба. Анаҩс, еиқәиҧхьаӡеит еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аҵара аминистрс иҟақәаз: Беслан  Дбар, Алеко  Гәарамиа, Ҭали Џьапуа, Индира Аҩардан-ҧҳа, Даур Наҷҟьебиа, Адгәыр Какоба, иахьатәи ҳаамҭазы аҵара министрс дыҟоуп Инал  Габлиа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Аҧсны аҵеицәа реиҧш, Аслан Ҭаркьыл иабџьар шьҭыхны деибашьуан, иҧсадгьыл ихьчон, дыҟан артиллериаҟны. Аибашьра ашьҭахь, хыхь ишаҳҳәаз еиҧш, аҵара аминистрс Иван  Саӡба даныҟарҵа ашьҭахь, иара дхынҳәуеит иусура ашҟа. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа даара иуадаҩын ҳәа азгәеиҭоит уи. «Акьыҧхьга инаркны, аусуга ҳәа акгьы рымамызт. Аҭагылазаашьа цәгьан, ауалафахәы ыҟамызт, ча-хык ҳәа аус руан», – иҳәоит уи. Аусуразы ашколқәа рахь аметодика ҳәа ирзырышьҭуаз ҳәа акгьы ыҟамызт. Иван Саӡбеи Беслан Дбари, Урыстәылантәи ашәҟәқәа раагара шыцәгьазгьы, ишрылдыршаз арҵага шәҟәқәа раагара. Анаҩс, аамҭа цацҧхьаӡа Аҧсни Урыстәылеи реимадара еиҳагьы иҕәҕәахон. Убри инамаданы ашколқәа рзы Урыстәылантә акомпиуторқәа раагара иалагеит.

Дазааҭгылеит иара убас Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ирымаз ахәыҷтәы спорт школқәа  быжьба рҟынтә ҩба рҟынӡа ишнагаз, ауалафахәы иршәоз ахьрымамыз иахҟьаны. Урҭ ҩба иҟазгьы еиқәыршәатәын кадрла, еизгатәын. Аҵара аминистрра иалшеит ахәыҷтәы спорт школқәа реиҭашьақәыргылара. Аспорт хкқәа рхыҧхьаӡара иацлеит. Уи ианамаданы Аҧсны араионқәа рҟны еиҿыркааит ахәыҷтәы спорт школқәа. Урҭ зегьы ршьапы иқәгылон, русура ҭышәынтәалон, рхы бзиан иаады­рҧшуа иалагеит. Анаҩс хәыҷы-хәыҷла иалагеит ахәыҷтәы спорттә школқәа рспартакиада. Аибашьра ашьҭахь раҧхьаӡакәны иалагеит актәи ареспубликатә ахәыҷтәы спартакиада. Актәи аспартакиадаҟны 500-ҩык алахәызҭгьы, быжь-спортхкык рыла ишьақәгылаз, сынтәатәи ашықәс азы ашколхәыҷқәа рзы 16-тәи Аҧсны  ареспубликатә ашколхәыҷқәа рспартакиада шьақәыргылан 14-спортхкы рыла. Урҭ рылахәцәа рхыҧхьаӡара наӡон 1200-ҩык инареиҳаны.

Дазааҭгылеит аибашьра ашьҭахь ашколхәыҷқәа арратә патриотизм рылааӡаразы, насгьы арра ианахысуа азыҟаҵара бзиа рыман иҟаларц азы, ишымҩаҧыргаз актәи ареспубликатә арратә спорт хәмарра. Уаҟа ирылахәын Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи иаашьҭыз ашколхәыҷқәа. Арҭ аицлабрақәа раионцыҧхьаӡа имҩаҧыргон, уаҟа иалкаахаз ареспубликатә еицлабрақәа  дрыладырхәуан. Аҧхьа ианалагоз арратә школтә еицлабрақәа иршәырҵоз ар рымаҭәа рымамызт. Аха хәыҷы-хәыҷла, аамҭа цацҧхьаӡа алшара ҟалеит ар рымаҭәа аархәартә еиҧш. Иахьатәи аамҭазы рхы анрыладырхәуа арратә еицлабрақәа даара угәы шьҭнахыртә, угәы иахәаратә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит уи.

 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аспортсменцәа қәыҧшцәа Аҧсны ахәыҷтәы  -қәыҧштә спорт школқәа анаадырты, алҵшәа бзиақәа аадырҧшуа иалагеит. Урыстәыла имҩаҧысуа атурнирқәа рҟны уҳәару, мамзаргьы Жәларбжьаратәи атурнирқәа уҳәару, аихьӡара бзиақәа аадырҧшуеит. Аҵара аминистрра аколлегиаҟны, ирлас-ырласны изхәаҧшуа азҵаарақәа рҿы иҟоуп, Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи  рҟны абаҩрҵәыреи, аспорти, апатриотизми рылааӡаразы аусмҩаҧгатәқәа рҭагылазаашьа. Иазгәеиҭеит, ааигәа имҩаҧысыз ажәибжьтәи ареспубликатә арратә спорт хәмарра аихшьаала шыҟаҵахо иааиуа аҵара аминистрра аколлегиа аилатәараҿы. Убраҟа  иазгәарҭоит, аихьӡарақәа реиҧш, агхақәагьы.

Иара  иҳәон, ахәыҷтәы спорт школ ацхыраара шаҭаху. Иахьатәи ҳаамҭазы аспорт ду ҳәа изҿу, уасхырс иамоу ахәыҷтәы қәыҧштә спорт ауп. Иуҳәозар, абжьаратәи аҵара, алагарҭатәи акласс ҟамлакәа, аиҳабыратәи шзыҟамло еиҧш.

 Игәы иаанагоит ахәыҷтәы спорт школ азыҟаҵацәеи абаҩрҵәыра ашкол аҟны азыҟаҵацәеи еимадазароуп ҳәа. Ашкол аҟны аицлабрақәа анымҩаҧысуа ахәыҷтәы спорт школ аспециалистцәа алахәзароуп, ирбароуп. Игәаанагарала, акгьы злам ахәыҷы дыҟаӡам, аӡәы – амузыка, аӡәы – аспорт, аӡәы – асахьаҭыхра. Иара аспорт аҿгьы иҟоуп аспорт хкқәа рацәаны, убри азыҟаҵаҩ – арҵаҩы игәаҭаны ахәыҷы далихыроуп. Ахәыҷқәа зегьы ҟыбаҩк - ҟыбаҩк злам аӡәгьы дыҟам.

Ҳаиҿцәажәараан  иумбар залшомызт иара ахәыҷқәа рахь имоу абзиабара, изанааҭ даара гәцаракрыла дшазнеиуа, гәыла-ҧсыла ахәыҷқәа аспорти, апатриотизми, абзиабареи рылааӡара дшашьҭоу. Иҳәеит аҧхьаҟа иҵегьы ирацәаны аҿар рзы ахәыҷтәы аспорт школқәа шаарттәу.

Аслан Ҭаркьыл акыр шықәса инеиҧынкыланы иусуразы ианашьоуп: Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҳаҭыртә шәҟәы, Қырҭтәылатәи ССР аҟны аҵараҿы зҽалызкааз, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара, Аҧсны афизкультуреи аспорти зҽаҧсазтәыз русзуҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы, «Аиааиразы» амедал ианашьоуп, Аҧсны аспорт азҟаза, амилаҭ категориа аӡбаҩ, Олимпиатә комитет алахәыла, еиуеиҧшым  аамҭақәа инадыркны Аҧсны аҵара аминистрра аредколлегиа  далоуп. Абжьааҧнеиҧш иусура ҧкым.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me