Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахатәы бызшәа ихадароу зҵаароуп

Аԥсуа ихатәы бызшәа аԥсшәа шакәу зегьы еицырдыруеит. Уи ихатәы бызшәала дцәажәо, дхәыцуа, аԥшӡара, ахаара ихы-игәы аҿынӡа инеиуа аҟаҵара даара акрызҵазкуа усуп. 

Аԥсуа бызшәа ажәартә еилазаара ҿиоит, есааира иацлоит ажәа ҿыцқәа, ибеиахоит, аха ҳара иаҳмырӡроуп ҳбызшәа ажәытә жәартә еилазаара. Уи ахархәара аҳҭалароуп есымшааира. Ҽаамҭанык еиԥшымкәа ҳбызшәа ҳазхьаԥшроуп иахьатәи ҳаамҭазы. Уи апрактикаҿы иамазароуп хымԥада иахәҭоу ахархәара.

Иахьа ақалақьқәа рҿы инхо еиҳарак аԥсуа ҿар рцәажәара, ражәақәа урзыӡырҩыр даара угәы унархьуеит. Абжаҩык зцәажәаӡом рхатәы бызшәала, егьырҭгьы ражәаҳәа даара иӷаруп. Убри аамҭазы атәым жәҩан аҵаҟа ииз ҳашьцәа аԥсышәала ҵарак шырымҵозгьы ҳара ҳаҵкьыс рбызшәа еиҿкаауп, ицқьоуп, еиҳагьы ахархәара амоуп. Ари уаҩы иџьеишьаратәы иҟоуп, уимоу ихьымӡӷушьартә иҟоуп.

Ашкол аҿы аус зуа аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа иааныркылоит аҭыԥ дуӡӡа изызҳауа абиԥара ҿа рхатәы бызшәа абзиабареи адырреи рызнагараҿы, аха арҵаҩы аҭаацәа рганахь ала имоур ацхыраара иус бжамҽамхоит. Ахәыҷы ашкол аҿы дааиаанӡа абызшәа агәыбылра икыроуп иҭаацәа рҿы. Ари апроблема изныкымкәа ишьҭырххьеит акьыԥхь аҿы арҵаҩцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, аха уамак ԥхьацара аиуам акәымзар. Ари азҵаара ықәыргылатәуп иахьагьы, ахшыҩзышьҭрагьы аҭахуп. Зхатәы бызшәа далхәдааны зхәыҷы дзааӡо аҭаацәа, уи иабеиҭаху ҳәа изыԥхьаӡо ирықәӡбатәуп. Збызшәа ззымдыруа идырраны дыҟаӡам ҳмилаҭ рҟазшьа аҷыдарақәа, иԥшӡоу, ицқьоу, иҿырԥшыгоу ҳқьабзқәа, ибеиоу ҳҭоурых.


Римма Барцыц-ԥҳа,

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me