Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи ашыцмҿы

Назаров ақалақь (Урыстәыла, Красноиарсктәи атәылаҿацә) аҟынтәи аҟаза ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит. Урҭ акала «нецке» ҳәа изышьҭоу иапониатәи асахьақәа иреиԥшуп.

«Амҿыҭаԥҟаҩы инапқәа рҿы амҿы аҟәырҷаха аԥсы ахалоит, уи даара аинтерес зҵоу, аԥстәы, ма ауаҩы рсахьақәа алҵуеит. Амҿыҭаԥҟаҩы, аҟаза Николаи Килин  еицыдыруа алакәтә персонаж Папа Карло иеиԥшҵәҟьа  иуадахәыҷы-иҟазарҭаҿы дыҩнатәаны азныказы акала улахь имааиуа амҿтәы ҟәырҷахақәа  ирылихуеит зеиӷьаҟам, иџьашьаху иперсонажқәа». Иазгәаҭатәуп, аҟаза иперсонажқәа злихуа амаҭәахә иныҟәарақәа раан Аԥснынтәи ишааигаз.

«Ари амҿы ахкы акырӡа икьакьоуп, иара аус адулара зынӡа имариаӡам,  уи акы алухырц азы даара уҽазҵәылхны, ачҳара аарԥшны, гәадкыларала аус ууроуп. Уажәы сара ацгәы-аныҟәаҩ асахьа аҟаҵара саҿуп. Абар араҟа иара ахәдакәырша ахазаауеит, зегьы ԥшӡаны, иҭыҟҟаны, еиҿкааны иҟалоит» – ҳәа еиҭеиҳәоит аҟаза.

Николаи Назаров ирацәаны атәылақәа дырҭаахьеит. Аԥснынтәи иааигеит ашыцмҿы ақәырҷахақәа.  Ашыц даара еиласоу маҭәахуп. Убри аҟнытә, уи аминиатиуратә сахьақәа, рыҟаҵаразы зеиӷьаҟам ала иманшәалоуп ҳәа иҳәоит аҟаза.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me