Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Татмедиа» ажурналистцәа

Аинфорациатә Маҵзура «Татар-информ» Ҭаҭартәи аредакциеи «Интертат» асаити аредактор хада Рамис Латыпов Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усҳәарҭа «Аԥснымедиа» иаҵанакуа аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аусзуҩцәа иусура аԥышәа рымеидеит.

Мчыбжьык иалагӡаны Рамис Латыпов есыҽны «Аԥсныпресс» аусура аганахьала азҿлымҳара ааирԥшуан, аредактор хада, акорреспондентәа,  SMM-специалистцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит. Аамҭакала иара конкретла иаагоу аҿырԥштәқәа рыла дара рредакциаҿы аусура шышьақәгылоу атәы еиҭеиҳәон.

Ишеилкаахаз ала, аҩ-холдингк ирзеиԥшу маҷымкәа иҟоуп. Аҩбагьы ррегионқәа рҿы аус зуа аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа еиднакылоит, иара убас ахатәы бызшәала аусура ахшыҩзышьҭра ду анаҭоит.  Убри аҟнытә, «Аԥснымедиа»  ажурналистцәа ргәы иҵхо апроблемақәа ртәы ибзианы ирдыруеит Ҭаҭарсҭантәи рколлегацәа.

 Иаагозар, ауаа хархьқәа  ирызкны еиҳаны аматериалқәа рыҟаҵара ахәҭоуп, акыр аҵанакуеит иара убас еиҳа акультура иазкны аҩра, анапхгара ахаҭарнакцәа рыҿцәажәараан инҭкааны аинформациеи ахҳәаақәеи риуразы еиҳа аҽадцалара аарԥшра. Аоперативра аизырҳареи аконтент  аиуеиԥшымзаара алыршареи рзы  хәызмаӡам абжьгарақәа ҟаҵан.

«Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуа Аԥсни Ҭаҭарсҭани рҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа рыбжьара аусеицура иаҵоу аҵакы ҷыдала иазгәеиҭеит. «Ҳмассатә информациа ахархәагақәа уажәаԥхьагьы аусеицуратә еимадара рыбжьалахьан.

 «Аԥснымедиа» ажурналистцәа Акционертә еилазаара «Татмедиа» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ, амедиашкол адиректор Алеқсандр Третиаков онлаин-режим ала имҩаԥигоз атренинг-семинар  алахәхаразы алшара рыман. Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара аринахысгьы хра злоу аимадара шҳабжьало», -  иҳәеит Роберт Џьопуа.

 Агазеҭқәа «Аԥсны», «Республика Абхазия» аус рыциуан агазеҭ «Шәһри Казан» адизаинер-даҟьала аиқәыршәаҩ Ильдар Габидуллин. Уи аԥснытәи иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит ҳаамҭазтәи аметодқәа рхархәарала агазеҭ адаҟьақәа реиқәыршәара аганахьала имоу аԥышәеи еиуеиԥшым адизаинертә знеишьақәеи ртәы. Еицхырааны дара агазеҭқәа «Аԥсны», «Республика Абхазия» иҿыцны еиқәдыршәеит.

Цәыббрамза, 2023 шықәсазы аинформациатә  холдингқәа «ТАТМЕДИА» (Ҭаҭарстан)  «Аԥснымедиа» (Аԥсны) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me