Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан 50 зҵаара инарзынаҧшуа. Иқәгылаз азҵаарақәа раҕьырак азкын 2023 шықәсазы аминистр­рақәеи, аилакқәеи, аҳәынҭ­қарратә усбарҭақәеи рҿы аус зуа рхыҧхьаӡареи, ирзыршәо ауалафахәи рышьақәырҕәҕәара. Урҭ рзы ақәҵарақәа рыдыркылеит.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит абизнес хеидкыла ахаҭарнакцәа. Уаҟа иалацәажәеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿар рзы гуманитартә еидара аиҿкаара азҵаара, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура. Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анападкылаҩцәа дрыҧхьеит агуманитартә цхыраара активла рхы аладырхәырц.

Иҵегьы аамҭа аҭахуп

09 Ԥхынкәын 2022 09:16
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амазшәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа инарымаданы аҳәынҭқарра Ахада уаанӡа ириҭахьаз анапынҵақәа ирынагӡашьоу, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me