Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәацԥыҳәареи арҿиареи рымҩала

Апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-тәи,  III-тәи аҩаӡарақәа занашьоу Владимир Константин-иԥа Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган аконференциа. «Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала» зыхьӡыз аконференциа мҩаԥысит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.

Аиубилиар идныҳәалараз иааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аконференциа ааиртит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба. Уи иҳәеит: «Иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Владимир Занҭариа дыруаӡәкуп иаҳхысыз 70-тәи ашықәсқәа рзы раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызгаз ажәа азҟазацәа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьын ажурнал «Алашара» адаҟьақәа рҿы. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа  реизга «Аҿымҭра абжьы» ҭыҵит 1979 шықәсазы, уи ашьҭахь аамҭа-аамҭала иҭыҵит «Ҩаӡамакьат аԥҽыхақәа», «Адунеи азна», «Бзанҵы» уҳәа убас егьырҭгьы. Уи иҩымҭақәа ирыхцәажәахьеит Мушьни Лашәриа, Мушьни Миқаиа, Артур Аншба, Зураб Џьапуа, Витали Амаршьан, Сергеи Зыхәба, Валентин Кәаӷәаниа уҳәа еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩцәа, акритикцәа. Апоет илирикаҿ ихадоу темоуп ауаҩи, аԥсабареи, аамҭеи рымаӡақәа раарԥшра, аҭоурых азхьаԥшра. Апоет, аҵарауаҩ инапы иҵыҵхьеит акымкәа-ҩбамкәа адокументтә усумҭақәа. Владислав Арӡынба изку аочеркқәа. Владимир Занҭариа илирика аурысшәахь еиҭаргахьеит Зарина Канукова,  Алла Марченко, Иури Лакербаи, Зарина Кубатова лакәзар, аҟабарда бызшәахь еиҭалгеит.

Владимир Занҭариа авторс дрымоуп ателеочеркқәа акымкәа-ҩбамкәа, урҭ уажәы аитернет аҿы иуԥылоит.

Владимир Занҭариа данқәыԥшыз инаркны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан. 1989 ш. март 18 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысуаз Аԥсуа жәлар реизара ду аҿы ажәахә аԥхьара иара инапы ианырҵеит».

Иажәахә хыркәшо Арда Ашәба аиубилиар ҳамҭас ахҭырԥа шкәакәа ииҭеит. Ирыԥхьан иара убас Москва, Ҟарачы-Черқьестәыла уҳәа рҟнытә иаарышьҭыз адныҳәаларақәа.

Аконференциа иалахәыз идырбан авидеонҵамҭа, аибашьра анцоз аамҭазы Владислав Арӡынбеи Владимир Занҭариеи русеицура атәы ахьаарԥшу. Ажәа лырҭеит Абазашҭантә асас, апоет Лариса Шебзухова. Архнышьна еиҩызҵәаз абазеи аԥсуааи ахьтәы цҳа рыбжьыздо апоет дизыгәдууа, лара даԥхьеит изылкыз лажәеинраала.

Аҵарауаҩ-қәыԥш Инал Гыцба иқәгылараҿ дазааҭгылеит 2021 шықәсазы иҭрыжьыз Владимир Занҭариа ишәҟәы «Адунеи азна». «Автор раԥхьатәи ирҿиара аетапқәа раан аԥсҭазаарахь агәацԥыҳәара дуӡӡа  ихы агәрагара иманы имч-илшара дақәгәыӷуа дыҟазар, уажәы дзызхьаауа, ицәыриго азҵаарақәа даҽа хырхарҭак рымоуп. Ҩ-дунеик рыбжьара ихәыцрақәа, аира-аԥсра, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, игәалашәарақәа, аԥхарра рыҵоуп», – иҳәеит аҵарауаҩ қәыԥш.

Уи иаамышьҭахь Владимир Занҭариа ипублицистика иазкыз ажәахә ҟалҵеит аҵарауаҩ қәыԥш Дифа Агрба. Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр актиор Ҭемраз Чамагәуа даԥхьеит аиубилиар иажәеинраала «Иацтәи са сыԥхыӡи, иахьатәи са слабҿабеи». Викториа Хәырхәмал даԥхьеит ажәеинраала «Са сызусҭада?».

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ркадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, иқәгылараҿы игәалаиршәеит апоет аҩбатәи ишәҟәы «Ахьышьҭра». «Ажәа азҟазараҿы абаҩхатәра ҷыда аныԥшуеит. Уи анҭрыжьыз аахыс Владимир Занҭариа акыр аҩымҭа ҵаулақәа аԥиҵахьеит, ган рацәала абаҩхатәреи ихаҭа­реи ааи­рԥшхьеит» ,– азгәеиҭеит иара.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Владимир Занҭариа ашәҟәыҩҩраҿгьы, аҭҵаарадырраҿгьы илшахьоу рацәоуп. Ашкол даналга инаркны Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан. Хыԥхьаӡара рацәала иҭижьхьоу иаԥҵамҭақәа ишьақәдырӷәӷәоит еснагь ижәлар рлахьынҵа, аԥхьаҟатәи рԥеиԥш дшазхәыцуа, рхьаа шихьаау, ргәырӷьара шигәырӷьароу». Иазгәеиҭеит аиҭагара аганахьала Владимир Занҭариа ицназго дышмаҷу.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит, ААУ аԥсуа литература акафедра адоцент Адгәыр Какоба: «Ганрацәала еиларсу шәара шәхаҭараҿы еизыркәкәоуп еиуеиԥшым абаҩхатәрақәа, шәна­пы рылакуп акымкәа-ҩбамкәа азанааҭқәа, аусхкқәа. Апоет, аиҭагаҩ, акритик, апублицист, ажурналист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ – араҟа еиқәуԥхьаӡаша маҷым. Раԥхьаӡа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы шәкорреспондентын, нас аус жәуан Аԥсуа радио аҟны, зны шәредакторын, аамҭаказы Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра хантәаҩра азыжәуан.

2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аԥсны акультура аминистрс, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс шәыҟан. Аха арҭ амаҵурақәа нышьҭаҵаны, дырҩегьых шәлитературатә, шәуаажәларратә усура иацышәҵеит.

Иахьа шәара шәравторуп 15 инарзы­наԥшуа апоезиатә, апублицистикатә, акритикатә статиақәа реизгақәа. Иналукааша аурыс поетцәа рырҿиамҭақәа қәҿиарала аԥсшәахь еиҭажәгахьеит, шәышәҟәқәа «Ҳхада Владислав», «Путини Аԥсни», шәара, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, «Ахьӡ-аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, иахьа уажәраанӡагьы шәкалам цҳафыр шышәкыц ишәкуп, аԥхьаҟагьы шәзыхьӡаша маҷым. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, шәырҿиаратә мҩаҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи», – иарбоуп уаҟа.

Аконференциаҿы аҭыԥ аман апародиа. Ажурнал «Алашара» аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа адныҳәалара ҟаҵо, даԥхьеит Владимир Занҭариа иажәеинраала аҭакс иаԥиҵаз ипародиатә жәеинраала «Уҭабааит».

Адныҳәалара ҟаҵо иқәгылеит академикцәа: Уасил Аҩӡба, Зураб Амқәаб, Едуард Гәбаз.

Аботаникатә баҳча анапхгаҩы Едуард Гәбаз аиубилиар алабашьа ҳамҭас ииҭеит. Алабашьа аныҟәгара макьанагьы згәы иҭам, аиубилиар зны-зынла алаф лахҿыхқәак набжьаигалон, идныҳәалараз иааиз аҩызцәа ргәы ирҿыхаразы.

Адныҳәалара ҟарҵеит: ауаажәларратә палата анапхгаҩы Гәыли Кьычба, ажурналист нага Екатерина Бебиа, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳа.

Т.Аџьба ипремиа алауреат Геннади Аламиа иқәгылараҿ иазгәеиҭеит апоет илшара шшьардаӡоу.

«Досу иара иҟаиҵо аасҭа ивагыло иқәҿиара деигәырӷьо дзыҟалар иҵегьы ҳаиӷьхоит.

Ан лҳақ ҳәа акы ыҟазар иара  инаигӡеит ҳәа сахәаԥшуеит. Игәыхәтәы дахьӡааит, иҵегьы еиҳаны дахьӡааит, сара ушызбо анцәа уибааит». Ихиркәшеит идныҳәалара.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла анапхгаҩы Руслан Ҳашыг иқәгылараҿы иҳәеит: Владимир Занҭариа апоезиа, ауаажәларратә усура, анаукатә усура зегьы шеилеигӡоз. «Акырӡа зҵазкуа, иарбан аамҭоу ажурналистика ухы аназукуа ауп. Аҟазаареи аҟамзаареи ҳанрыбжьагылаз, ҳаӡбахә џьара ирҳәарыма, мамзаргьы уа ҳаӡбахә зҳәо аӡә дыҟоума ҳәа, аԥсуаа ҳаныԥшыз 89-90 ш.ш. раан Аԥсны Ахада Москва жәлар рдепутатс даныҟаз, убри аамҭаз аԥсуа ажурналистикаҿ аус зуаз ауаа, убри аҩыза азыҟаҵара змаз, адҵа аҩаӡара шьҭызхырц зылшоз иакәхеит Владимир Занҭариа. Иреиҳаӡоу Асовет жәлар рдепутатцәа Аԥсназы ргәы иаанаго.

Аԥсназы иҟаҵатәу, ари арыцҳара аҽацәыхьчара шаҭаху ҳәа, убри зегьы усҟан Владимир Занҭариа имҩаԥигоз аиҿцәажәарақәа  хымԥада рҵакы дууп», – иаҵишьит иара.

Академик Валери Кәарҷиа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит: «Владимир Занҭариа дхәыҷаахыз иашьа Даур Занҭариеи иареи аеҵәа хәыҷқәа реиԥш ишаагылаз. Игәалаиршәеит Лыхнашҭа иқәгылара атәы, иара убас ҵара-дыррала иҳаракыра, иусқәа, иара изы ацқьара зегьы ишрыцку».

Аконференциа хыркәшо, аиубилиар Владимир Занҭариа иҭабуп ҳәа реиҳәеит еизаз зегьы. Бернард Шоу зны иҳәахьан «Только дурак может праздновать приближения своей смерти» ҳәа. 70 шықәса нахыс иҟало ззымдырхуада, аха макьана сгәы ҷкәыноуп… Игәалаиршәеит арра даныҟаз изынарышьҭхьаз асалам шәҟәқәа: Алықьса Гогәуа, Џьума Аҳәба, Геннади Аламиа, акритик Кәасҭа Аҵнариа, Денис Чачхалиа. Арҭ асалам шәҟәқәа сара  сзыхӡыӡаауа шәҟәқәоуп. Алаф лафуп, аха сара насыԥ сыман абасеиԥш иҟаз арҿиаҩцәа дуқәа ҩызцәаз иахьсымаз, иахьсымоу иахьагьы.

Ҳаԥсадгьыл хазына иахьа изҭагылоу аамҭа мариаӡам, сгәанала даҽазнык амилаҭ интеллигенциа рыжәҩахыр еибырымҭар ада ԥсыхәа рымам. Аамҭеи аҭоурых џьбареи рҟырҟы икылганы Аԥсны аҵеира иаҳзааргаз ахақәиҭра, ахьыԥшымра шәышықәсала ҳазхьуан. Уи уашәшәырахар ҟалоит адоуҳатә ҵаҵгәы ацәыӡыр, џьармыкьатә хәаахәҭроу џьшьаны иаазҭаххо зегьы агәашәқәа ҟьаҟьаӡа иаадыртуа иалагар. Лев Гумилиов иҳәан еиԥш. «Ажәлар ироуз ахақәиҭра пату рзақәымҵар, ишроуз еиԥш ирымпыҵашша ицар ҟалоит». Абас ихиркәшеит аиубилар иқәгылара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me