Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашколхәыҷқәа реихьӡарақәа

Ноиабр ҩажәи жәаба рзы­ Б. У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи ажьаратәи ашкол аҿы имҩаҧысит аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи, Урыстәыла имҩаҧысуаз еиуеиҧшым аолимпиадақәа рҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа аанызкылаз, Аҧсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәеи реиԥылара. Аиҧылара иалахәыз ашколхәыҷқәа алкаахеит Шәача имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи иаарту астраномиа иазкыз аолимпиадеи, Анапа имҩаҧысуаз амҩатә шәарҭадара иахылаҧшуа аинспекторцәа ҿарацәа реиҧылара дуи,  Маиҟәаҧ имҩаҧысуаз «Ассара» зыхьӡыз Урыстәылазегьтәи аҩбатәи аматематикатә аолимпиадеи иара убас, ҳашколхәыҷқәа аиааира ргеит Москва, ателехәаҧшратә  аолимпиада «Умники и умницы» аҿгьы.

Абас ала, ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс аҵарадырра аганахь  алҵшәа бзиаӡақәа аман. Аҧснытәи ашколхәыҷқәа  злахәыз  аҳәаанырцәтәи ауснагӡатәқәа зегьы рҟны, иалкааны рыӡбахә рҳәартә, ҿырҧштәыс  иааргартәеиҧш рхы аадырҧшит. Абри атәы иҳәеит аҵарадырра аминистр Инал Габлиа аиҧылара аартуа. Иара ашколхәыҷқәа реихьӡарақәа рыдныҳәало, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны ахьӡ ахьҭыргао азы. Убри аан аминистр  лымкаала дазааҭгылеит  ахәыҷқәа аус рыдызулоз,  арҵаҩцәа рџьабаа атәгьы.

Аиҧылара мҩаҧысуан аҧхарра аҵаны. Ашколхәыҷқәа аминистр изеиҭарҳәон еиҳа ргәалашәараҿы инхаз, аинтерес зҵоу ахҭысқәа. Аминистр иакәзар азҵаарақәа риҭон, даара дазҿлымҳан  аолимпиадақәа реиҿкаашьа, уаҟа ашколхәыҷқәа ирырҭоз азҵаарақәа, ирымаз ауадаҩрақәа уҳәа. Ателехәаҧшрала ицо адырраҭара «Умники и умницы» иалахәыз, Бамборатәи абжьаратәи ашкол ажәеизатәи акласс аҵаҩы Аслан Ҭарба иқәшәаз азҵаара  изкын  азеижәтәи  ашәышықәсазы Урыстәыла аихамҩатә  еимадарақәа рминистрс  иҟаз  Сергеи Иури-иҧа Витте. Аслан деиҵамхакәан, инарҵауланы уи ачынуаҩ иԥсҭазааратә мҩа дахьазааҭгылаз, насгьы ас инарҵауланы Урыстәыла аҭоурых ахьидыруа, ахәмарра аӡбаҩцәа ирзыџьашьатәхеит. Аслан Ҭарба иакәзар, еиҧхьхәыцрада иаразнак иҟаиҵаз аҭак иаша изаанагеит  амедалқәа ҩба. Ахәмарра аҧҟарақәа инарықәыршәаны, урҭ анаҩс  аорден иаҭныҧсахлан. Иазгәаҭатәуп  Урыстәыла аҭоурых, еиҳаракгьы  аҳ Александр ахҧатәи ихаан иаҵанакуа аамҭа. Аха, уи иҭаӡо аҭоурых ахәҭа,  шьҭыхшьа амамкәа  ихьанҭоуп, аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа хьӡашьа амамкәан  ирацәоуп. Иага ус иҟазаргьы, ҳашколхәыҷқәа рхы аҵадмырхеит.

 «Аҭыхрақәа ахьымҩаҧысуа уанааҩналалак, еицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ, адырраҭара амҩаҧгаҩ Виаземски уанынаихәаҧшлак еилукаауеит иуду аҭакҧхықәра», – иҳәеит Аслан Ҭарба. Иара убасгьы Аҧснытәи акоманда иалан  Гагратәи актәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Лаура Ажьиҧҳаи,  Тҟәарчалтәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Лана Қриаҧҳаи. Лана Қриаҧҳа лцәажәараҿы дазааҭгылеит ахәмарра аҽазыҟаҵара шымҩаҧысуаз атәы. Уи илҳәеит еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәа рхархәарала аинформациа аингалареи, уи аамҭазы аҽазыҟаҵареи реилагӡара акыр ишыуадаҩыз. Аха, ҳҿар ирылшеит  ихадароу алкаара, агәынкылара,  аиндаҭлараҿы  ироуз аинформациа рхы архәара.

Убасгьы сынтәа раҧхьаӡа акәны аҧсуа школхәыҷқәа алахәын , амҩатә шәарҭадара аинспекторцәа ажәаатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи реиҧылара. Уаҟа дара иааныркылеит актәи аҭыҧ. Иааидкыланы, ауснагӡатә иалахәын  Урыстәыла,  Беларусиа, Кыргызтәыла уҳәа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟынтәи шәи ҧшьынҩажәи хәҩык ашколхәыҷқәа. Аусмҩаҧгатә аиҿкаара ҵакы хадас иамоуп  амҩатә машәырқәа раҧырҟәҟәааразы ашәарҭадара ацклаҧшра, апропаганда азура. Аҧсуа команда иалан Аҟәатәи актәи ашкол аҵаҩцәа Дилара Ҷокәуаҧҳа, Камилла Папасқьырҧҳа, Дмитри Аргәын, Асҭан Кәыҵниа.

Аҧсуа школхәыҷқәа алахәын убас, астрономиа азҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи аолипиадагьы. Аиндаҭларақәа ирылахәыз ирбаз–ираҳаз рацәоуп. Аусхада анаҩсгьы дара рзы еиҿкаан еиуеиҧшым амастер-классқәа, ирыҧхьан алекциақәа, идырбан аҭыҧ ҧшӡарақәа. Аҧсуа команда ахаҭарнакцәа Кьасоу Аргәын, Давид Кузмичов, Саҭанеи Лагәлааҧҳа,Алеқсандр Воуба, Саида Бжьаниаҧҳа, Леуарса Қаџьаиа, дрыцын Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә ашкол аҵаҩы Асида Ҧачлиаҧҳа. Ашколхәыҷқәа иаадырҧшыз адыррақәеи, азыҟаҵара ҳараки алкааны хазы рыӡбахә ҳәан  аолипиада аихшьалақәа рыҟаҵараан.

Ҳазҭысуа ашықәс азы ́Аҧснынтәи ашколхәыҷқәа иара убасгьы иалахәын, аҧхьахәтә ҭыҧқәа рҽалархәрала Урыстәылазегьтәи аматематиказы аолимпиадаҿгьы. Ҩынҩажәи жәаҩык инарзынаҧшуа Урыстәыла, Аҧсны, Аахыҵ-Уаҧстәыла уҳәа жәохә ҳәынҭқарра рҟынтәи  аматематиказы  аҟыбаҩ ҷыда злоу ашколхәыҷқәа еицлабуан ари аиндаҭлара хкы аҟны. Аҧснынтәи агәыԥ иалахәылацәан:  Анна Аџьынџьали, Сабина Зарақәуеи. Очамчыратәи ашкол –аинтернат аҵаҩы Сабина Зарақәуа иазгәалҭеит Аҧсны анҭыҵ даҽа ҭакҧхықәрак шуныруа. Иага ус иҟазаргьы ҳарҭ зегьы иҳалшеит Аҧсны ахьӡ аҭыгара, ари аус аҿы иҳацхрааз иҭабуп ҳәа расҳәоит лҳәеит аҵаҩы.

Аиҧылара хыркәшо аҵарадырра аминистр Инал Габлиа иазгәеиҭеит  агәраганы дшыҟоу, аҧсуа школхәыҷқәа зну  аихьӡара дуқәа рымҩа ишацҵахо азы. Анаҩсгьы урҭ  ихьӡырҳәагақәаны ишыҟало азы. 


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me