Аҧсны - агеи-ашьхеи ирыгәҭылаку атәыла ссир. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ду, адунеи аҭоурых иахәҭакуп. Араҟа шьахәла иаарҧшуп ауаҩытәыҩса дызнысыз аамҭақәа зегьы. Неиҧымкрада, шәышықәсала ҳхылҵшьҭрақәа иахӡыӡааны ркультура абиҧарала еимырдон.Аҧсны ауаҩы иҧылоит азқьышықәсақәа ирықәлоу абаҟа ссирқәа. Адунеи аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи, асеиҧш аҭоурых ҵаула иахыҽхәартә измоу, рхыҧхьаӡара рацәам.