Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны ажәытәхаҳә аамҭазы

Аҧсны - агеи-ашьхеи ирыгәҭылаку атәыла ссир. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ду, адунеи аҭоурых иахәҭакуп. Араҟа шьахәла иаарҧшуп ауаҩытәыҩса дызнысыз аамҭақәа зегьы. Неиҧымкрада, шәышықәсала ҳхылҵшьҭрақәа иахӡыӡааны ркультура абиҧарала еимырдон.
Аҧсны ауаҩы иҧылоит азқьы­шықәсақәа ирықәлоу абаҟа ссирқәа. Адунеи аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи, асеиҧш аҭоурых ҵаула иахыҽхәартә измоу, рхыҧхьаӡара рацәам.


Зегь раасҭа зхыҵуа ҳҭоурыхтә баҟақәа иреиуоуп Иашҭхәа. Ароуп иахьыҟаз архантроп иаагыларҭа ҭыҧ. Археологцәа Иашҭхәа иаадырҧшит уи ихы иаирхәоз раҧхьаӡатәи амыругақәа.
Данбақәнагалеи ажәытәуаҩ Аҧсны? Изеиҧшрааз усҟан аҧсабаратә ҭагылазаашьа? Иарбан мыругақәоу архантроп ихы иаирхәоз? Арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы иҳаҩсхьоу аамҭа ашьҭақәа ҳархылап.
Раҧхьаӡатәи ажәытәуаҩ иаагыларҭа ҭыҧ ааҧшит Африка мрагылара-ҩадатәи ахәҭаҿы. Ароуп археологцәа Олдуваитәи акультура ашьҭамҭақәа ахьырыҧшаазгьы.
Аҧсны иахьаҵанакуа иҧшаауп Олдуваитәи акультура аҧызҵаз ишьҭанеиуа архантроп ишьҭамҭақәа. Ажәа «архантроп» аҧсшәахь еиҭаҳгозар «археос» - ажәытәра аанагоит, «антропос» - ауаҩы. Агәаанагара злаҟоу ала, архантропқәа Аҧсныҟа иқәнагалеит Азиа Маҷ иаҵанакуа аҭыҧқәа рҟынтәи. 500 нызқь шықәса раҧхьа, урҭ, Амшын Еиқәа аҿықә иаваланы Аҧсны иааит. Араҟа, анхаразы рнапаҿы иааргон еиуеиҧшым аҭыҧқәа. Архантропқәа Аҧсны иананыз, Амшын Еиқәа уажәаасҭа 60 м. иҳаракын. Ари аҭагылазаашьа иахҟьаны, ажәытәуаҩ ишьҭамҭақәа ааҧшуеит амшынқәыҧшылара иаҿырҧшны 80 – 110 м. иҩахыкны ишьҭоу аҳаракыра ҭыҧқәа рҿы.

Ҳазлацәажәо аамҭазы, адунеи аҧсабара ауаҩы изы акыр иманшәалан. Аҧхарра ыҟан. Аҳауа зҩыда иабзоураны, архантропқәа ахыҵакырҭа рҭахымызт. Аха ауаҩи аҧсабареи макьаназ еишьцыламызт, аҧсҭазаашьа даара иуадаҩын. Ауааҧсыра рхыҧхьаӡара маҷын, ана-ара зҽеидкыланы иҟаз

агәыҧқәа еимадара рымамызт. Архантропқәа 10 – 20-ҩык рҟынӡа инаӡоз агәыҧқәа рыла ишьақәгылан. Асеиҧш иҟаз агәыҧқәа аӡиасқәа рхықәқәа ирықәын, асубтропикатә бнақәа ирылан афатә ҧшаауа. Еиҳарак, амазеиҟәшәара рнапы алакын. Ажәытәуаҩ шәарыцагас имаз зегьы, ахаҳәи амҿи ирылхын. Урҭ агыгшәыгқәеи ашәарахқәеи рышьразы ихы иаирхәон. Аҧсны иахьаҵанакуа, ажәытәӡатәи ауаҩы дреишәарыцон аҳаҧымшәқәа, адомбеиқәа, аҽацәқәа, абӷабқәа.
Аҭҵаарадырраҿы излазгәаҭоу ала, архантропқәа аурыла иаҩцацәамызт. Ахацәа роура 160 см. инаӡон, аҳәса ракәзар – 150 см. Аха урҭ амч ду рылан.

Ажәытәӡатәи ауаҩы ишьҭақәа Иашҭхәа 1934 ш. иҧшааит археолог Лев Соловиов. Инахарамкәа, Аҟәа иҩацәхыкны ишьҭоу ари аҭыҧ ҟалеит адунеиаҿы еицырдыруа.Ажәытәхаҳә аамҭа инаркны аҿатәхаҳә аамҭанӡа акультуратә ҿыгҳарақәа рхеибарҭәаара иабзоураны, ауаҩытәыҩса дызнысыз иеволиуциатә мҩа ара шьахәла иааҧшуеит. Уи азоуп ари абаҟа иахьагьы адунеиаҿы акраҵанакуа изыҟоу.
Иашҭхәа – дгьылҵакырала 70 гектар инреиҳаны иаҵанакуеит. Аҵарауаа излашьақәдыргылаз ала, уи ақәра 350 нызқь шықәса иреиҳауп. Ара, археологиатә усқәа изныкымкәа ишымҩаҧыргахьоугьы, иахьагьы уи иаҵаку адгьыл ишахәҭоу иҭҵаам.
Зыӡбахә ҳамоу аамҭазтәи археологиатә ҧшаамҭақәа рхыҧхьаӡара егьырацәам. Аха иара иҧшаау рылагьы, Аҧсны иахьаҵанакуа архантроп иҧсҭазаашьа шыҟаз шьақәургылар алшоит.
Ажәытәхаҳә аамҭа иаҭынханы, ҳара ҳҟынӡа иааӡаз амаҭәарқәа реиҧш зеиҧшу Аҧсны ада уаҳа Кавказ џьаргьы иуҧыхьашәом. Убарҭ рахьтә иналукаартә иҟоуп, Аҟәа ааигәа Аҳаҭхә ҳәа изышьҭоу ашьхаҿы иҧшаау аҵәымҟа. Асеиҧш иҟоу амыруга, архантроп ихы иаирхәон акшаразы, акы аҧҟаразы, ахәархьразы. Ажәытәхаҳә аамҭа иатәу амыругақәа маҷымкәа Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеиаҿы ицәыргақәҵоуп.
Аамҭа цон… Ажәытәуаҩ иҧсҭазаараҿы иаҧхьаҟа акыр ауадаҩрақәа аҧышәарақәеи изыҧшын. Аҽаҧсахуан аҧсабаратә ҭагылазаашьа.

Абжьарахаҳә аамҭазы, адунеиаҿы аҧсабаратә ҭагылазаашьа ӷәӷәала аҽаҧсахит. Ажәытәхаҳә ҧаса анҵәамҭазы, ахьшәашәара аҿалеит. Аӡынра аухеит, лассы-лассы асы леиуа иалагеит. Асеиҧш иҟаз аҳауа шьақәгылон Аҧсынгьы.
Ҳ.ҧ.ҟ. 100 нызқь шықәса раҧхьа, адунеиаҿы абжьарахаҳә аамҭа шьақәгылеит. Аҭҵаарадырраҿы, уи, мустье ҳәа иашьҭоуп. Мустье хазны иалкаан 1860-тәи ашықәсқәа рзы. Уи аҭҵарадырраҿы иалазгалаз, афранцыз археолог-антрополог Луи Мортилье иоуп. Мустье ахьӡ шьақәгылеит Ле-Мустье ҳәа изышьҭоу, Франциа мраҭашәара-ладатәи ахәҭаҿы ажәытәуаҩ ишьҭақәа ахьааҧшыз аҳаҧы иабзоураны. Ароуп иахьыҧшааз усҟантәи ажәытәуаҩ иҧсыбаҩқәа. Урҭ рыла ишьақәыргылан анеандерталуаҩ ҳәа изышьҭоу ихаҿсахьа.
Анеандерталуаҩ аурыла даҩцацәамызт – ишәагаа 157 см. иреиҳамызт. Аха уи амч ду илан. Анеандерталуаҩ ихшыҩ иахьатәи ауаҩы итәы аасҭа акыр еиҵан. Уи ауадаҩрақәа маҷымкәа изцәырнагон. Еиҿартәышьала, анеандерталцәа ӷәӷәан, аха рыҧшра цәгьан, рылахь ылҳәҳәон, ахәы рықәын. Анеандерталцәа рыбаҩ рцәыласын. Ашәарыцараан, урҭ, аҧстәқәеи агыгшәыгқәеи раҧхныҩлара рылшон, ирыхьӡаны иршьуан.

Аҧсны иахьаҵанакуа аҭыҧқәа акыр рҟны, анеандерталцәа рышь­ҭақәа аарҧшуп. Уи зыбзоурахаз 1930-тәи ашықәсқәа рзы Лев Соловиови Сергеи Замиатнини Аҧсны имҩаҧыргаз археологиатә ҭҵаарақәа роуп.
1934-1935 шш. рзы Аҧсны имҩа­ҧы­суаз археологиатә ҭҵаарақәа Лев Соловиов ихы рылаирхәит. Урҭ ирыбзоураны акырџьара ажәытәхаҳә аамҭа иаҵанакуа аагыларҭақәеи амыругақәеи ааирҧшит. Ас еиҧш аҭыҧқәа иреиуан – Ӷәада, Ҵабал, Кьалашәыр, Отаҧ, Мықә, Елыр, Аҽгәара.
Сергеи Замиатнин иакәзар, 1934-1935 шш. рзы Аҧсны имҩаҧигаз аҭҵаарақәа ирыбзоураны ажәытәхаҳә аамҭа иаҵанакуа аагыларҭа ҭыҧқәа ааирҧшит – Гагра, Калдахәара, Бармышь, Оҭҳара, Лыхны, Гәдоуҭа, Ешыра. 1930-тәи ашықәсқәа рзы Аҧсны имҩаҧгаз археологиатә ҭҵаарақәа, Асовет Еидгыла аҭҵаарадырразы акрызҵазкуа хҭысхеит.
Анеандерталуаҩ имыругақәа алабеи ашьанҵеи ирылихуан. Аҵарауаа излазгәарҭо ала, мустье аан аҽаҧсахит ахаҳә аус адулашьа. Уи иабзоруаны, ицәырҵит еиуеиҧшым аҭеиҭыҧш змаз амыругақәа. Урҭ шәагаалеи капанлеи еиуеиҧшымызт. Аҭҵаарадыраҿы ишьақәыргылоуп шәкы инарзынаҧшуа мустье иатәу амыругақәа рсахьақәа. Арҭ амыругақәа ихы иархәаны анеандерталуаҩ акы цәирҧссон, икылиҵәон, ихиҵәон. Иара убасгьы иишьыз агыгшәыгқәа алеиҿихуан.
Абжьарахаҳә аамҭазоуп ианцәырҵыз ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылаз абџьар - абҵы. Уи ашыҵәеи аҳаҟәеи реиҧшьра иабзоурахеит. Аҧсны абжьарахаҳә аамҭа иаҵанакуа абҵахарсқәа маҷымкәа иаарҧшуп. Урҭ Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеиаҿы ицәыргақәҵоуп. Абҵы ацәырҵра ажәытәуаҩ иҧсҭазаараҿы акраҵанакуан. Уи ашәарыцараус акыр иарманшәалон. Ажәытәуаа гәыҧ-гәыҧла ишәарыцон. Аҧсны иахьаҵанакуаз еиҳарак изеишәарыцоз аҳаҧы мшәқәа ракәын. Урҭ рыбаҩқәа ара акырџьара иаарҧшуп.
Абжьарахаҳә аамҭазы раҧхь­аӡакәны аҧҳәыс уси ахаҵа уси хазы-хазы ишьақәгыло иалагеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аҧҳәыс амазеиҟәшәара лнапы алакын. Ахаҵа иакәзар, дшәарыцон, аҧсыӡ икуан.
Абжьарахаҳә аамҭазы, Кавказ аҵаа ихнаҟьеит. Ахьҭа аҿалеит, анаҟә ықәлеит. Ари аҭагылазаашьа иахҟьаны, акыр аҧстәы хкқәа адгьыл ианыӡааит. Имаҷымкәа асубтропикатә ҵиаақәа хыҧсааит. Арҭ амзызқәа ирыхҟьаны, ажәытәуаҩ иҧсҭазаараҿы, акыр аиҭакрақәа ҟалеит.
Ишьақәгылаз аҳауатә ҭагылазаашьа, ауаатәыҩса рыҧсҭазаара еиҭанакит. Анеандерталуаҩ, хыҵакырҭас ақьалақәа иргыло далагеит. Аҭҵаарадырраҿы излазгәаҭоу ала ари аамҭазоуп анеандерталуаҩ амцагьы ихы ианаирхәаз.
Ақьалақәа инарҷыданы, анеандерталуаҩ нхарҭа ҭыҧс ихы иаирхәо далагеит аҳаҧқәеи аҿыџьқәеи. Аҧсны адгьылҵакыраҿы асеиҧш иҟаз аҳаҧқәа рхыҧхьаӡара маҷым.

Ажәар
Ажәытәхаҳә аамҭа – палеолит
Ҳашықәсҧхьаӡара ҟалаанӡа (Ҳ.ҧ.ҟ.) – до н.э.
Ажәытәуаҩ - архантроп
Амазеиеизгара – собирательство
Аҵәымҟа – ручное рубило
Абжьарахаҳә аамҭа – средний палеолит
Ашьанҵа – кремний
Абҵы, аҧса – копье
Ашыҵәа – палка, копья
Аҳаҟәа – каменный наконечник, копья
Аҿыџь - грот
Џьамбул Инџьгиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me