Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа жәлар иарбан ҭоу­рыхтә аам­ҭазаалакгьы рҿахәҳәаҩцәа, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз ауаа хатәрақәа рылиаауан. Убарҭ ируаӡәкыз, аԥсуа қыҭа Лыхны 1883 шықәсазы ииз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Аланиа Дмитри Иван-иԥа диижьҭеи 140 шықәса ҵит.


Аланиа Дмитри Иван-иԥа Аԥсны еицырдыруаз, зажәа ылҵуаз, зус цқьаны иназыгӡоз аԥсуан. 1989 шықәсазы иара идҳәалаз аматериалқәа еизызгон. Дмитри Иван-иԥа иаб иашьа иԥа Аланиа Лев Николаи-иԥа Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны аус иуан. Ҳаицәажәара абас далагеит: «Дмитри иаби саби еишьцәан. Ҳаҩны лассы-лассы Аԥсны анапхгара аҭаауан. Саб иашьа Дмитри ажәлар рыԥсҭазаара далахәын. Нестор Лакобеи, Самсон Ҷанбеи, Дмитрии лассы-лассы иаауан. Дмитри имшиира аныҟаз Нестор Лакоба аҳамҭа иманы дааит. Усҟантәи аамҭазы уи аҩыза зыҩны измаз маҷӡазар ҟаларын. Уи иааигаз ацәашьы здыркуа акәаҷап ду (алампа) иахьагьы аҩны иҳамоуп. Излыху аиха хьамҭоуп, азынџьырқәа изҭагылоу уамашәа иԥшӡоуп. Уи азынџьыр ала ҳаҩны акәакьҭаҿы ихшьын. Аҩны зегьы лашаӡа иҟанаҵон. Уи акәаҷап ду, збаҩ ҳмоуз Дмитри иҩызцәеи иареи рцәа ахыскаауеит. Еицыз зегьы Аԥсны аизҳазыӷьареи ԥхьаҟа ацареи зҭахыз ракәын. Урҭ зегьы ашықәс еиқәаҵәақәа раан харада ахара рыдҵаны ишьын, ирӡын…»
Аланиа Дмитри усҟан Гәдоуҭа еиҿкааз ауахәаматә рҵаҩратә школ доушьҭымҭан. Уи ашьҭахь Тҟәаԥс ақыҭа нхамҩатә школ далгеит. Хәышықәса инеиԥынкыланы Гәдоуҭатәи араион ашколқәа рыҟны рҵаҩыс аус иуан. 1911-1913 шықәсқәа раан Санкт-Петербургтәи акоммерциатә курсқәа дрылганы Аԥсныҟа даауеит. Усҟан аԥсуа жәлар раԥхьагылаҩцәа дрыцын, жәлар рсовет аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Еиҿкааз қәкы хадас иаман, ақырҭуа меншевикцәа ирҿагыланы ақәԥара. Иара «Ихьыԥшым асоциалистцәа» зыхьӡыз афракциа далан, арҭ абольшевикцәа ирыдгылон.
Аланиа Дмитри Иван-иԥа аус ахьиуаз: Аԥсны афинансқәа рнаркомс, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс, Аԥсны апартиа аобком амаӡаныҟәгаҩыс, Ацентртә Анагӡаратә Комитет (ЦИК) ахада ихаҭыԥуаҩс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аус иуан: Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет аҟны, уи ашьҭахь аиҿкааратә хәҭаҿы еиҳабыс дыҟан.

Аԥсны апартконференциа аделегатси Қырҭтәыла акомпартиа аизара ду аделегатси далырххьан. Аланиа Дмитри ифотосахьақәеи иара идҳәалаз аусқәеи аҩнаҭаҿы ирацәаны ирыман. Иаб иашьа иԥҳа Антонина Николаи-иԥҳа ицәырылгаз апортреҭ дахцәажәо, ус лҳәеит: «Абри апортреҭ, иара Дмитри данҭарк ашьҭахь Аҟәантәи иаагаз ауп. Инапҩымҭақәа, ипортреҭқәа зегьы ыӡит. Нестор Лакоба, Дмитри Аланиа, Самсон Ҷанба еидтәаланы иҭыхыз, уи заа иааганы иаанижьыз ауп. Иара ипортреҭқәа рацәан, нас еидаҳкылеит… Дмитри дандыриаша нахыс Несторгьы, Дмитригьы, Самсонгьы зныз апатреҭ ҳсасааирҭаҿы иқәгылоуп. Ҽнак азал жәа­нтә сыҩналаргьы, жәантә сҵәыуоит. Абас «иҳалаԥшуа аҵхқәеи-амшқәеи рхыргоит»…»
Аланиа Антонина уажәы-уажәы ацәажәара далагон. Акы лыцәбжьахар ҳәа дшәон.
– Сара Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҩбатәи акурс аҿы стәан. Убасҟан ауп Дмитри данҭаркыз. Адырҩаҽныҵәҟьа акомҿарра салырцеит. Дмитри «ажәлар драӷан» ҳәа ашәҟәқәа ҟарҵеит. Мышқәак аабжьысхьан атехникум аансыжьыр амуа сааҭадыргылеит…
Аланиа Дмитри 1923-1924 ш. рзы апартиа Аԥснытәи аобла­сттә комитет аҟны маӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1924 шықәса инаркны 1926 шықәсанӡа аус иуан ЦИК ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс. 1926 шықәсазы Қарҭҟа диаргоит. Уи ашьҭахь 1928ш. Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Еиуеиԥшым ауаажәларратә усқәа инапы рылакын.

– Агазеҭ «Аԥсны» азы, – лҳәеит Антонина Аланиа, – еснагь астатиақәа еиқәиршәон. 1920 ш. жәабранмзазы Аԥсны аинтеллигенциа аизара ду мҩаԥыргеит. Дмитри уаҟа агазеҭ «Аԥсны» азҵаара шьҭихит, убраҟа аҵарадырра шышьҭыхтәу дазааҭгылеит… Уи Лыхны данаа ирзеиҭеиҳәон иқәгылара

џьоукы ишыргәамԥхаз… Агазеҭ «Аԥсны» аномер ҿыцқәа анҭыҵлак Лыхныҟа ирацәаны иааигон. Аԥхьашьа здыруаз ириҭон, аԥхьашьа ззымдыруаз ирзаԥхьаразы иреиҳәон.
– Ҽнак мацара амра ҵлакы ашәара иҩеихьан еиԥш Дмитри Лыхны дааихьан. Ҳан иаразнак акҿаҩра дныкҿалеит Дмитри бзиа иибоз аԥсуа чысқәа лырхиарц. Иаргьы жәабжьқәак ҳаиҳәандаз ҳәа икәша итәаз ауаа рҿаԥхьа аҭамзаара нышьҭаҵаны, ҳан дзыҩназ аԥацхахь иҿынеихеит. Ашә нкыдиҵан, «Ақыҭахь Владимири (Вова) Икеи аазгар сҭахуп. Урҭ шәара шәыхшара реиԥш ишәааӡарц, шәырхылаԥшларц, шәара шәҿы иаансыжьуеит, – ҳәа, налеиҳәан ҳан лҭакгьы дазымԥшыкәа дындәылҵит.
– Аланиа Дмитри уи аҽны илахь еиқәын. Ихшара аԥсшәа ахьырзымдыруаз (ран даурысын) иадиҳәалозу, игәы иалаҵәҟьаз иаахтны изымҳәазу аилкаара уадаҩын, – лҳәеит Антонина.
Иԥацәа рҩыџьагьы аԥсуа бызшәа бзиаӡаны ирҵеит. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгеит. Аиҳабы Владимир (Вова) 1941-1945-тәи аибашьра Дуӡӡа аан фырхаҵарыла дҭахеит. Ика Москва дынхон, дҭаацәаран.
– Дмитри, – лҳәеит Антонина, – аҵыхәтәан аҩны данааи ҳбаҳча, ҳашҭа зегьы еимидеит. Дцәажәаӡомызт. Агәашә аартны, абыца еидарак зманы иааиз ҳаб Николаии иареи даара акыраамҭа еицәажәон. Уи ауха Дмитрии сареи Аҟәаҟа ҳаицны ҳцон. Ҳаб ихы шьҭыхны дызихәаԥшуамызт… Иӡамҩа бааӡашәа избеит. Дмитри иашьа ихы ниақәикын, мчылашәа дааччан, ус иеиҳәеит:
–Амҭақәа акалашәа иҟоуп, аха шәымшәан. Шәгәы акы аанамгааит, сара асаркьеиԥш сыцқьоуп, – иҳәеит, нас зегьы бзиала ҳәа реиҳәеит. Ахәы аҟынӡа днаскьаагеит. Уаҳа ишьҭахьҟа дымхьаԥшӡакәа, изыԥшны игылаз амашьына дынҭатәеит. Зегьы ҿымҭӡакәа акыраамҭа ҳашьхныԥсыланы ҳгылан. Ҳаб иқьышәқәа қәац-қәацо:

– Иреиӷьӡоу Аԥсны аҵеицәа рҭагылазаашьа уадаҩуп… Алахшақәа, – иҳәан аҩныҟа иҿынеихеит. Абраҟа ҳара иаҳзымдыруаз маӡак ҳаб ишидыруаз еилыскааит…
– Сара Аҟәаҟа Дмитрираа рахь сцеит. Зегьы еишәара-еиҵараха иҟан.Зегьы ргәалаҟазаара цәгьан. Уажәы-уажәы ана-ара иааилақьызқьызуан…. Ари 1930-тәи ашықәсқәа рантәи амш ауп сызҿу… Аҩны аҩнуҵҟа аӡәгьы дцәажәаӡомызт. – Зкәытә аамҭа бааԥсхазеи? – ҳәа, ихы дацәажәозшәа абарҭ ажәақәа Дмитри иааиҿыҵҟьеит… Иара убри ауха Дмитри џьоукы аҭел изасит (зегьы аԥсышәала драцәажәон). Сара ашьҭаларҭа ауадаҿы сышьҭан. Уаҟа ашә аартын. Ирҳәоз зегьы бзианы исаҳауан, избон. Уажәы- уажәы ибласаркьа ааихыхны астол инықәиҵон. Дмитри дыззыӡырыҩуаз ибжьы наиқәиргон: «Аамҭа цәгьоуп, ҳмилаҭ маҷуп, аӡыблара ҳалаӡыр ҟалоит, ҳмилаҭ хьчатәуп, аха изла?» Зҵаара шәкы ықәыргыло еилацәажәон. Иацәажәоз руаӡәк, сымҩашьозар Самсон иакәын. Уи ус иеиҳәеит: «Дмитри, аҭагылазаашьа цәгьоуп, зны уҽынаԥхьак, иубеит шаҟаҩы ҳалыргахьоу?!» Дмитри уи ииҳәаз хамҵаӡакәа иажәа анагӡара даҿын: «Қарҭ аҩны сахьыҩназ, ишыжәдыруа еиԥш, Мачабели имҩа аҟны акәын. Аҵх агәазы абжьы сарҿыхеит. Нестор Лакоба дзыҩназ асасааирҭа аҟынтә ԥҳәыск дасуан, уахь ирласны снеирц. Уи дзыҩназ ауада ашә анаасырт, сыбла иабаз агәра сзымгеит».

Аҳәсақәа реиԥш, Дмитри дқьыԥ-шәыԥуа ибжьы саҳауан, урҭ ахацәа рҩыџьегь шеицәажәоз идыршеит… Мышқәак аабжьысхьан, Дмитри Қарҭҟа иԥхьан дыргеит. Уи ашьҭахь ашәҟәы ҳауит, «Дмитри Аланиа аԥсадгьыл даӷоуп» ҳәа. Уи ашәҟәы сыманы Лыхныҟа сааит. Иаҳәшьа Надиа лыҳәҳәабжьы ақыҭа иалыҩуан. Хара имгакәан Дмитри иԥшәмагьы дықәҵны дааит. Лылаӷырцқәа лҿашы, лыбжьы қыџьқыџьуа ус лҳәеит: «Ҳуадақәа ҳдәылырцеит, иҩназ дәылган ирблит… Ҭаацәала ҳаицҵәыуон, ҳаиҿаԥшӡомызт. Аамҭа ҳҵәон…
Аланиа Дмитри иҭаацәагьы саб Николаигьы акыраамҭа иззызԥшыз Дмитри инапҩымҭа ааит. Қарҭ дҭакын. Иаҳәшьа Надиеи сареи ихәы ҳаманы дахьҭакыз ҳцеит. Уи илҳәарц илҭахыз лзынамыгӡар ҳәа дшәошәа, уажәы-уажәы аӡы днаҿыхәон. Лылаӷырӡ лзаанкыломызт. Дыгәжәажәон.
Абахҭа ҳаннаҵагыла, – еиҭалҳәон Антонина, – ауаа рыбжьқәа аҭыӡқәа ирылыҩны иуаҳауан. Шаҟа сааҭ ҳгылаз сгәалашәом. Аха нас, инаагаз афатә ҳамырхит. Ԥыҭрак ашьҭахь, аарла игоз, Дмитри ибжьы ҳлымҳа иҭасит. Надиа дгәаҟит, дуазырит, лашьа диҿаԥшырц, аха дылзырбодаз?! Сара сгыланы уи ибжьы сацҵәыуон… Ҳарҭмаҟ инаагаз ҳамызхыз хыхь даақәгылан, иҿаԥшылара ҟәызгаӡа: «Арҭ иаажәгаз иҭаххаӡом, шәысҭ шәарҭмаҟ», – иҳәан, иҭақәаз ааҭыхны, арҭмаҟ ыршәны аҿылаирхеит. Абахҭа аҭыӡқәа Дмитри ибжьы рныҩҩуан: «Надиа, сара хара сыдым, сыцқьоуп, сыжәлар сырԥоуп!», – ҳәа.
Аланиа Надиеи сареи ҳашҵәуоз Аԥсны ҳааит…
Аланиа Дмитри Иван-иԥа зыԥсы цқьаз, зыԥсадгьыли зыжәлари бзиа избоз, здыррақәа Аԥсны аизырҳареи аиҵыҵреи иазызкуаз, харада ахара идҵаны 1937 шықәсазы дшьын. Иаб игәараҭаҿы иара иажәа, иҭынха, иҭоурых рыԥсы иаҵаҵәахны, абиԥарала еимдо иааргоит.
Лакоба Нестор Дмитри Аланиа акәаҷап ду (алампа) ҳамҭас ииҭаз, уи иҭаацәа С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәыла еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас 1989 шықәсазы Аланиа Лев Николаи-иԥа иеиҭеит, иара убас афотосахьақәа рацәаны.
Зыԥсадгьыл зымҭиз, асаркьа еиԥш згәы цқьаз, зажәеи зуси еимадаз, Аланиа Дмитри Иван-иԥа иҩызцәеи иареи ҳаԥсуа ҭоурых иагәыцәзаауеит, иахаҿызаауеит. Ҳажәлар рҭоурых, ҳажәлар ирбаҟоуп. Уи аамҭа еиқәаҵәақәа ирылаӡыз Аԥсны аҵеицәа зегьы зыԥсадгьыл зхы аҵкьыс бзиа избоз ракәын. Ахааназ хашҭра рықәым.

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me