Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афымцамч акәша-мыкәша

2024 шықәса февраль 2 азы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инарҭбааз аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аиҳабыра иалоу алархәны.
Аилацәажәара иалахәын Аԥыза­-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.


Аиԥылараҿы ирылацәажәеит аенергетика апроблемақәа, иара убас изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иаҿагыланы ақәԥара алҵшәақәа.
Аенергетикаҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа атәы иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьолиа.
«Аҭагылазаашьа даара иуадаҩӡоуп. Февраль 5 азы ихыркәшахоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә афымцамч аашьҭра», – иҳәеит иара.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, афымцамч иналак-аалакны арцәарақәа ԥсыхәа змам – усмҩаԥгатәуп, амзызқәа жәпакы ирхьыԥшуп.
«Ари, уаанӡа аиԥш, изыхҟьо инаҳхуа афымцамч ахәԥса имаҷны алхра, Џьвартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара даара алаҟәра, Ростовтәи АЕС аҟны 4-тәи афымцаблок планла арҽеира, Аԥсны афымцамч ахьынтәиаиауа Алада Урыстәыла аҟны ашьақәгыла машәырла аҿыхра», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Афымцамч ахәԥса алхра алаҟәра иаҿагыланы хырҳара злоу усмҩаԥгатәны иҟалоит афымцамч аԥхьаӡагақәа.
Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы атәылаҿы иахьабалак иқәыргылан 22,5 нызқь аԥхьаӡагақәа.
«Ҳазну ашықәс азы аԥхьаӡагақәа 24 нызқь раахәареи рықәыргылареи абиуџьет аҟны иарбоуп», – иациҵеит иара.
Аилацәажәара аан араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аҳасабрбақәа ҟарҵеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы имҩаԥыргауа аусура алҵшәақәа ирызкны.
Убас, 2023 шықәсазы Аԥсны ирымхын 3 284 амаининг маругақәа: 505 – Аҟәа ақ., 870 – Гагра араион, 162 – Гәдоуҭа, 204 – Аҟәа, 328 – Гәылрыԥшь, 892 – Очамчыра, 259 – Тҟәарчал, 64 – Гал.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me