Ари ашықәс декабр 16 рзы Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ имаҵура аҟнытә ихы дақәиҭтәын даҽа усурак ахь дахьиасыз инамаданы. Ашьҭахь Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны Игор Ахба адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟнытә евразиатәи аинтеграциа азы ахаҭарнак ҷыда имаҵура дахаргылоуп. Аҧсны Ахада Иусҧҟала уи ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Аҧсадгьыл апатриот Игорь Ахба 75 ш. ихыҵра аиубилеи гәыкала идаҳныҳәалоит.
Игор Ахба диит Аҟәа 1949 ш. февраль 5 рзы, аҧсуа традициақәа ахьныҟәыргоз Мураҭ Ахба иҭаацәараҿы. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә аҧсуа школ даналга (1966), М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аиуристтә факультет дҭалоит. 1966-1971 ш.ш. раан Москва иреиҳау аҵараиурҭаҿы адырра бзиа иоуит. Аҵара аус ахь агәацҧыҳәара шимаз гәазҭахьаз, насгьы азиндырра ахьицааиуаз ҳасаб азуны СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәынҭқарреи азини Ринститут аспирантурахь дрыдыркылоит. Иҵара қәҿиарала ианыхиркәша аусура далагоит СССР Акультура аминистрра акоординациатә центр аҭҵаарадырратә усзуҩыс. Уи нахыс диасуеит СССР Иреиҳаӡоу Асовет аппарат ареферентс. Абри амаҵураҿы дшыҟаз ауп усҟан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз В.Г. Арӡынба 1992 ш. рзы Москва иаҧиҵаз Аҧсны ахаҭарнакра анапхгаҩыс дшышьҭыз. Аха Игор Ахба уаанӡагьы ауаажәларратә усура инапы алакын, изызкызгьы аҧсуа культура Урыстәылан аӡыргара акәын.
Ишдыру еиҧш, XX ашә. 80-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс ҧыхьатәи Асовет Еидгыла аҟны ихацыркыз адемократиатә процессқәа ауаажәларраҿы есааира иалаҵәон. Убас, 1988 ш. абҵарамза 12 рзы Москватәи аҧсуаа гәыҧҩык рхатә аҧшьгарала еизеит, ицәырган акультура-рккаратә хықәкы змоу хеилакык аҧҵаразы ажәалагала, егьадгылеит. Еиҿыркааз Асовет аилазаара ҿыц аустави апрограммеи реиқәыршәара аҽазыҟаҵара иалагеит. Хара имгакәа Аҧсуа культура Москватәи аилазаара «Нарҭаа» ахантәаҩыс далхын Игор Ахба.
«Нарҭаа» анаҧҵаха инаркны аусура иацнаҵон. Ахантәаҩы Игор Ахба иеиҧш, Асовет аилазаара иалан ашьҭахь ихаҭыҧуаҩс иҟалаз Иури Анчабаӡе, Виачеслав Чрыгба, иара убас Татиана Гәлиа, Геннади Барцыц, Римма Гәымба, Емма Возба, Нона Кәырмазиа уҳәа егьырҭгьы.
«Нарҭаа» уснагӡатәыс аҿаҧхьа иқәнаргылон Москватәи аҧсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхра, рхатәы бызшәа дырҵара, аҵаси, ақьабзи, амилаҭтә традициақәеи рылааӡара, Аҧсны аҭоурыхи акультуреи дырдырра, Аҧсны аҭоурыхи аҧсуа культура иналукааша ахаҭарнакцәеи ирымадоу ахҭысқәеи арыцхәқәеи разгәаҭалара. Ахшыҩзышьҭра бзиа арҭон акультура-рккаратә усура. Абасала, Т. Шамба дзеиҳабыз Москватәи аҧсуаа рхеидкыла имҩаҧнагоз аусура иацхраауаз ируакны иҟалеит «Нарҭаа».
Москватәи аҧсуаа рхеидкылеи, аҧсуа культура Москватәи аилазаара «Нарҭааи», Москватәи аиҳабыра аҵара адепартаменти реимадареи русеицуреи иалҵшәаны милаҭрацәала еилоу ршкол ҷыда аҟны 1990 ш. ианвар 20 рзы иаартхеит аҧсышәала иахьадырҧхьоз амҽышатәи ашкол, анапхгарагьы лыдҵан аҧсуа бызшәа дырҵара хацзыркыз Ира Басариа.
Амҽышатәи ашкол анаҧшьгаха нахыс, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан Ира Басариа лнаҩсангьы рҵаҩцәас иҟан Бабуца Абыхәба, Виолетта Ҧерцхелиа. Иахьа амҽышатәи ашкол аус ауеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәарҭа аҟны, араҟа дырҵаҩуп В. Ҧерцхелиа.
«Нарҭаа» анапы алакын аҭыжьра аусгьы. 1989 ш. декабр азы «Нарҭаа» иҭнажьит агазеҭ ҿыц «Алашара» раҧхьатәи аномер, редакторсгьы даман Виачеслав Чрыгба. Уи адаҟьақәа рҟны иркьыҧхьуан Аҧсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иацыз апроблемақәа, ианыҧшуан ҳажәлар рҭоурыхи ркультуреи, Москватәи аҧсуаа рыбзазашьеи, ажәабжь кьаҿқәеи. Агазеҭ «Алашара» зынӡа 26 номер ҭыҵит. 1993-1994 шш. раан иҭыҵуан «Нарҭаа» иҭнажьуаз «Абхазский вестник» зыхьӡхаз (аредактор – Иури Анчабаӡе). Аҭыжьымҭаҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылон Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) атема.
1991 ш. ииун 1 азы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭны-қалақь Москва иаҧҵан Аҧсны ахаҭарнакра. Убри инаркны Урыстәылан Аҧсны ахаҭарнакс дҟаҵан Игор Ахба, инапгьы ианҵан Аҧсны аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи ҧсҭазаара аҳәаанырцә, аҧхьаӡа иргыланы Урыстәылан аӡыргара, аларҵәара, аҧсуа жәлар ирҭаху, ргәы иҵхо, изыргәамҵуа азҵаатәқәа Урыстәыла анапхгара, ауаажәларра рҟынӡа анагара, Аҧсни Урыстәылеи реизааигәатәра, аусхкқәа жәпакы рҟны аусеицура рыбжьаҵара аҽазышәара уҳәа. Уи иалнаршон Аҧсны абжьы анҭыҵ ираҳартә аҭагылазаашьа аҧҵара.
Аҧхьаӡа иргыланы Аҧсны ахаҭарнакра аусура аиҿкаараан ахырхарҭа хадақәа ируакын аинформациа аларҵәара. Ахаҭарнакраҿы еиҿкаан Татиана Гәлиа дзеиҳабыз апресс-маҵзура.
Аҧсны ахаҭарнак - Аҧсны дацҳаражәҳәаҩын. Ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз ахҭысқәа зегьы Аҧсны аполитикатә статус иадҳәалан.
Урыстәылан Аҧсны ахаҭарнакра аусура ҷыдала иззааҭгылатәу, иҭҵаатәу акоуп.
Аҧсны аҭагылазаашьа шҭышәынтәаламыз иаанхон. 1992 ш. август 14 рзы акәзар, ҳтәыла рымпыҵархаларц ӡбаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар ақәлеит. Раҧхьатәи амш инаркны Урыстәылан Аҧсны ахаҭарнакра аусура ахықәки аҵаки иаалырҟьаны рҽырыҧсахит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) аан «Нарҭаа» алахәын Аҧсны ацхрааразы Москватәи аҧсуаа еиҿыркаауаз аусмҩаҧгатәқәа. Уи ахаҭарнакцәа рыҽрыладырхәуан Москва имҩаҧысуаз аконференциақәа, асимпозиумқәа, астол гьежьқәа уҳәа еиуеиҧшым аиқәшәарақәа.
Аҧсны ахаҭарнакреи Москватәи аҧсуаа рхеидкылеи рҽеимаданы, Аҧсны ахьчаразы игылаз аҧсуа жәлар рыцхрааразы еиҿыркааз аштаб анапхгаҩыс далырхит Аҧсны ахаҭарнак Игор Ахба. Аштаб аусура ахырхарҭа хадақәа ракәны иҟан: аинформациатә усура, ахҵәацәа агәыҳалалратә цхыраара рыҭара, Москваҟа инанагоз ахәцәа рхаҵгылара.
Аҧсны ацхрааразы Москва еиҿкаахаз аштаб аусура аҳәаақәҵаразы Москваҟа дышьҭын, ицәырҵуаз азҵаатәқәа амҩа рзылихуан, Москватәи аҧсуаа рахьтә ахатәрақәа иҽрымаданы, еидкыланы, рыжәҩа еибыҭаны акрызҵазкуа аусқәа рыӡбара напы аиркит усҟан Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс иҟаз С. У. Багаҧшь.
Игор Ахба акыр шықәса ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭышәныртәаларазы Урыстәыла абжьаҟазарала имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа дрылахәын. Ианакәзаалакгьы Аҧсны Аҳәынҭқарра имҩаҧнагоз аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика далахәын, еиуеиҧшым аиҧыларақәа раан, Аҧсны ахаҭарнак ишиқәнагаз еиҧш, идырреи иҧышәеи еснагь хәарҭара рылан.
Ахаҭарнакра анапхгаҩыс иҟаз Игор Ахба, абжьааҧнеиҧш, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рымҩаҧгара инапы ианын. 20004 ш. ииуль – декабр ирыбжьанакыз амзақәа раан акәзар, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс аус иуан.
Игор Ахба иусура, аханатә еиҧш, иҧсҭазаара ҵакыс иамоу акәны дахәаҧшуан еснагь, иахьагьы, уажәынахысгьы ус акәхоит, уи иҽаҟәыҭханы дызгылашам. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны раҧхьатәи ацҳаражәҳәаҩ иҧсадгьыли иуаажәлари рымаҵ аура агәацҧыҳәара имоуп, игәаҵаҿгьы иҿыцәаашам.
Вахтанг Аҧҳазоу