Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Ԥшь-жәашықәсак инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа доуҳа арҿиареи, уи иауасхыру амилаҭтә литература абзиабареи аҿар рылааӡара знапы алакыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба диит 1954 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра ақыҭан, иҿырԥшыгоу аԥсуа ҭаацәара, ауаҩ нага Арзамеҭ Хьыбба иҩнаҭаҿы.
Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу анапхгарабжьаратә атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Ахыб рыԥсахуеит

15 Жәабран 2024
Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны. Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц аҟаҵареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит», – адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа. Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.
Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.
Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло, Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рылахәхаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Роберт Киут жәларбжьаратәи атерроризм, абџьари анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аҳәаа иахыганы наҟ-ааҟ реикәыршара аганахьала ацәгьоурақәа раԥхьырҟәҟәаареи, ацәгьоуцәа…
2024 ш. февраль мза 4 рзы ақалақь Москва имҩаԥысит Жәларбжьаратәи афестиваль «Многожанровый-конкурс» ҳәа хьӡыс измаз. Уи еиҿнакааит Арт-Комитет «Московское время».

Зегьы ирыцку

15 Жәабран 2024
Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба иажәақәа рыла есыҽны ахәшәтәырҭа иадҵаалоит зшоура 39-40 рҟнынӡа ихало 70-ҩык рҟнынӡа ауааԥсыра. Урҭ рахьтә аиҳараҩык «агрип А» ҳәа изышьҭоу ачымазара ауп изыргәамҵуа.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me