Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Асоциалтә бызкаҭаҳақәа рнырра

Ишдыру еиԥш иахьатәи ҳаамҭазы, ауаҩы иԥсҭазаараҿы асоц­иалтә бызкаҭаҳақәа инарыгӡо ароль хымԥада даара ирацәоуп. Ишақәнагоу ахырхарҭала зхы иазырхәо рзы даара ихәарҭа дууп ҳәарада, аха убри аан иҟоуп иахьҽеимгьы.


Иаагозар аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аҩныҵҟагьы аҿиара зауз еиуеиԥшым ахәмар-рақәеи асоциалтә гәыԥқәеи . Еиҳараӡак арҭ ахәмаррақәа ирыдрыԥхьалоит ахәыҷқәа, макьаназы зыхдырра нагӡаны имшәыц, зықәратә категориа еиҳаракгьы 10-17 шықәса ирхымсыц.
Убри инамаданы, ааигәа А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны, Аҩнуҵҟатәи аусқәа ақа­лақьтә усбарҭа зықәра мнаӡац аус рыдулара аҟ́әша аусзуҩцәа ашколхәыҷқәа рзы имҩаԥыргеит аилыркааратә усмҩаԥгатәқәа.
Аусмҩаԥгатә иҭагӡаны ахәыҷқәа ирыҭан акыр хәарҭара зцыз адыррақәа, асоциалтә бызкаҭаҳақәа шәарҭара рыцымкәан ахархәара шалыршатәу азы .
Арҭ ауадаҩрақәа зегь раԥхьа иргыланы аҭаацәаратә еизыҟазаашьаҿы асоциалтә бызкаҭаҳақәа рхархәара еиҳа ԥыжәара аго иахьалагаз ауп изыхҟьо. Уи ҳәарада ихьааумгарц залшом. Уи аиԥылара ашколхәыҷқәа рнаҩс иалахәын ақалақь егьырҭ ашколқәа рнапхгаҩцәеи, ашкол анҭыҵтәи аусқәа реиҿкааҩцәеи.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me