Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы

Алхрақәа рылҵшәақәа рхашшаареи рыхәаԥшреи рыҿҳәарақәа реиҵатәра, аҩбатәи алхрақәа раан 10 процентк инареиҳаны ауаа рхыԥхьаӡара азырҳара, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» иахьа иҳамоу Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы егьырҭ ажәалагалақәа жәпакы ртәы еиҭеиҳәеит «Аԥсныпресс» иеиҭаз аинтервиу аҟны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.


Ианвар 29 азы Аԥсны Жәлар Реизараҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбааз аилатәара. Уаҟа Алхратә комиссиа хада алахәылацәа ажәалагала ҟарҵеит алхрақәа рылҵшәақәа рхашшаареи рыхәаԥшреи рыҿҳәарақәа еиҵартәырц, иалырхыз ахада иҭыԥахь днаргаанӡа аӡбамҭа адкылара аусӡбарҭа иалшарц азы.
«Иахьа азакәан иалнаршоит ахада иҭыԥ ахь даннаргалак ашьҭахьгьы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аилыргара. Шәара ижәдыруеит, 2020 шықәсазы абжьыҭара алҵшәақәа рыԥхьаӡара аҵыхәала усӡбарҭала аусеилыргара шыҟаз. Алхратә комиссиа хада уаанӡатәи аилазаара ақәҵара (Рауль Ҳаџьымба хадас иалхра аан) аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа», – иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иажәақәа рыла, ахада иҭыԥ данахадыргылалак ашьҭахь алхрақәа рылҵшәақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаԥнахыр, ицәырҵуеит азҵаарақәа, иара инапы зҵаиҩхьоу аусԥҟақәеи азакәанқәеи ирыԥсыхәоузеи ҳәа. Конституциала урҭ аиуристтә мчы рымаӡам.
«Абри аҟнытә, иахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит амаҵура дахадыргылаанӡа ахәаԥшра аҿҳәарақәа рырмаҷра», – иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.
Иара убас уи иҳәеит, раԥхьатәи абжьыҭара аан алхратә биуллетен аҟны иарбоу «Зегьы ирҿагыланы» ҳәа аграфа ажәалагалақәа шазыҟаҵоу.
«Аԥхьатәи алхрақәа раан «Зегьы ирҿагыланы» ҳәа иарбоу абжьқәа реиҳарак аиур, ҳара ирыдаагалоит егьырҭ акандидатцәа алархәны алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара. Алхыҩцәа реиҳараҩык зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭар, ҳара ҳгәаанагарала, аҩбатәи алхрақәа ҟамлароуп. Урҭ ргәаанагара иазыӡырҩтәуп», – иҳәеит Дмитри Маршьан.
Егьырҭ алхрақәа ирыҵаркуа атәы акәзар, Алхратә комиссиа хада алахәылацәа аҩбатәи абжьыҭараан инеиуа рхыԥхьаӡара ашьҭыхразы ажәалагала ҟарҵоит. Актәи абжьыҭараан, азакәан ала, инеиуа рхыԥхьаӡара иартәозароуп 50 процент, аҩбатәи аан – 25 процент.
«Ҳара иаҳҭахуп аҩбатәи аан инеиуа рпроцент иацаҳҵарц, даҽакала иуҳәозар, 25 процент инаркны 35 процент рҟынӡа. Ҳара абарҭ арҽеирақәа рыдаагалеит, адепутатцәагьы ақәшаҳаҭхеит. Анаҩсан аилак инеиҵыху аилатәараҿы иҳамоу азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы апроект аус адулара аганахьала аӡбамҭа рыдыркылароуп», – иҳәеит Маршьан.
Иара убас ишьҭыхын алхрақәа рылҵшәақәа реихшьалара азҵаарагьы. Ишаабац еиԥш, алхрақәа раан абиуллетенқәа рхыԥхьаӡарак ԥхасҭартәуеит. Аҭыԥаҿтәи алхратә комиссиақәа, аҭыԥхадаҿтәи алхратә комиссиақәа ракәзааит, урҭ дырзышьақәыргылараны иҟаӡам алхҩы ибжьы зиҭаз акандидат.
«Ҳара ирыдаагалеит алхрақәа раан аиааира згаз акандидат дшьақәыргылахарц абиуллетен иашаҵәҟьақәа рыла, даҽакала иуҳәозар, «идгыланы», «иҿагыланы», «зегьы ирҿагыланы» абжьқәа рхыԥхьаӡара ала, иԥхасҭатәу абиуллетенқәа зынӡаск иԥхьаӡатәым», – иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me