Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿар рырҿиаратә хеидкыла

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит Москва инхо, аҵараиурҭақәа ирҭоу аҿар рымчала еиҿкаау Аԥсны аҿар рырҿиаратә хеидкыла аӡыргара. Уи иалагеит Аԥсны агимн арҳәарала.


Аиԥыларахь иааԥхьан Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба, асахьаҭыхҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа.
Ахеидкыла аӡыргара иазкыз аиԥылара аартуа, Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Абзагә Ҵәыџьба иҳәеит дара рхықәкы: Арҿиаратә центр Москва иҟоу, Урыстәыла инхо рзы мацараз акәым изеиҿкаау. Уи ҳаиднакылароуп Аԥсны аҿар зегьы, насгьы акультуреи арҿиареи рымацара ирызкым ҳаигәныҩра. Аполитикатә хықәкы амаӡам анаҳҳәа, уи иаанагаӡом ҳара Аԥсны аполитика ҳалацәажәаӡом ҳәа. Ҳара иаҳусуп, иаҳхьаауп ҳажәлар ирыхҭысуа, ирыгу, изыргәырӷьо зегьы. Мызқәак роуп иҵуа ари ахеидкыла аԥҵоижьҭеи Москва, аха абри аамҭа кьаҿ иҭагӡаны имҩаԥаҳгахьеит имаҷымкәа аиԥыларақәа, астол гьежьқәа».
Москва инхо адиаспора рыбзоурала аҿар ироуит алшара Москва «Морозоваа рынхарҭаҿы» (Усадьба Морозовых) есымчыбжьа арҿиаратә еиԥыларақәа рымҩаԥгара. Аԥсуа ҿар ажәлар рашәақәеи рыкәашареи дырҵаразы алшара рзаԥҵоуп.
Ажәа иҳә́еит Ҭырқәтәылантәи иааз, Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториа азанааҭҭҵааҩ Барас Кәыџба. «Ари ахеидкыла ҳара асоциалтә ҳақәа ҳанҭыҵны ҳаибабара иазкуп. Иааӡагоу аԥсуа фольклор ҳарҿыхап» – азгәеиҭеит иара.
Жәлар рартист, 80-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҿар рхеидкыла напхгара азызуаз Нодар Ҷанба иқәгылараҿ иҳәеит: «Ҳара ари аҩыза ахеидкыла анаԥаҳҵоз даҽа аамҭа хьанҭак ҳҭагылан, «ҳгәылацәа» рылаԥш ҳаҵшәомызт, аха иаҳдыруан ҳхықәкы. Шәара акагьы шәацәымшәан, шәыгәҭакы нашәыгӡала, ҳара ҳшәыдгыдаҩцәоуп, ҳахьхәарҭоу – ҳацхырааҩц́әоуп».

Аҿар Анана Ҭыжәба, Алиас Сангәылиа рықәгылараҿы иазааҭгылеит ҳхатәы бызшәа мыӡразы аԥсышәала ишцәажәалатәу. Ахеидкыла алагоит иаанаго – иаарту амаҿа – иаарту ашәҟәы аҿы, аҿар реидкылара, дыррала реизырҳара, ибеиоу ҳкультуратә ҭынха аиқәырхара ауп, ҳәа азгәарҭеит дара.
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа иажәахә аҿы игәалаиршәон: «Ҳара ҳаамҭаз ҳхеидкыла иалан абаҩхатәра ҷыда злаз аҿар. Урҭ, Аԥсны алахьынҵа зыгәҭыхаз, здыррақәа ҳаракыз ирыбзоураны иҳалҳаршоз маҷмызт. Усҟан аамҭа шымариамызгьы, ус аламала ажәа аҳәара ҳанақәиҭымыз аламала. Иахьа шәара изықәҿиаз ҿаруп, избанзар шәынхоит зхы иақәиҭу атәылаҿ. Шәышәқәа зегьы аартуп. Ишәыдысныҳәалоит ахеидкыла бзиа аԥҵара ахьшәылшәыршаз», – ихиркәшеит уи иқәгылара.
Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр илҳәеит дара еснагь рывагылара, рыцхраара ишазхиоу, акультура Аминистрра аганахьала адҵаалара рҭаххозар еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы.
Ари аҿар рхеидкыла иалаларц рылшоит изҭаху аԥсуа ҿар зегьы, урҭ рхықәкы рыцеиҩызшо. Иахьатәила Аԥсны аҿар рырҿиаратә хеидкыла иалоуп 150-ҩык.
Ахеидкыла аӡыргара аԥсы ахарҵон уи иалоу аҿар: Абзагә Ҵәыџьбеи Лука Шьамаҭааи еицынарыгӡеит ҳажәлар бзиа еицырбахьоу ашәа «Аԥсны сара сгара». Агәахәара ду урҭон ашәаҳәацәа қәыԥшцәа Иарна Смыр, Барас Кәыџба, Емилиа Терзиан – Хагба рықәгылара.
Аиԥылара хыркәшо, аҿари аиҳабыратә абиԥареи еиԥырҵит агәыӷра бзиақәа рымҩахь узырԥшуа анотала. Ақәҿиарақәа, аус дуқәа раԥхьаҟа ирзыԥшызааит ҳажәлар рԥеиԥш знапы иану ҳҿар!

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me