Аԥсуа телехәаԥшра – 44

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсуа телехәаҧшра аколлектив ирыдиныҳәалеит иара еиҿыркааижьҭеи 44 шықәса аҵра.

Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аҧсуа телехәаҧшра аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа! 1978 шықәса  абҵара қ азы аҧсуа жәлар зегьы рзы иҟалеит акырӡа зҵазкуа ахҭыс – аефир ахь иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьатәи адырраҭара. Ари аамҭа иалагӡан шәнысымҩа даара ибеиоуп.

Хазы иазгәасҭар сҭахуп, аибашьраан ателехәаҧшра, арадио аусзуҩцәа ижәбаз аџьабаа. Шәара ишәылшеит амаругақәа еиқәырханы аҳҭны-қалақь ралгара, анаҩс Гәдоуҭантәи аефир ахь аҭыҵра.

Рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, ажурналистцәа афронт аҿы анҵамҭақәа ҟарҵон. Уи иабзоураны ҳара иҳамоуп аибашьра иамшынҵахаз хәызмам архивтә кадрқәа. Хьаа дууп иахьа иахьҳалагылам иҭахаз, инаскьахьоу шәҩызцәа. Урҭ ргәалашәара хашҭра ақәым.

Аибашьра ашьҭахь аамҭа хьанҭақәа раан гәыкамыжьрада шәыжәлар рымаҵ жәуит. Иахьагьы шәзанааҭ пату ақәҵаны шәуалҧшьа нашәыгӡоит. Аиҳабыратә биҧара иаҵанакуа ателехәаҧшра аусзуҩцәа рҧышәа, рдырра рымардоит аҿарацәа. Еихаҳауа иаажәго, жәлары зегьы рзы иҿахәҳәагоу Аҧсуа телехәаҧшра иазеиҕьасшьоит аизҳара. Иахьа аус зуа, 44 шықәса рыбжьара аџьабаа збахьоу зегьы даҽа зныкгьы ишәыдысныҳәалоит аныҳәа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра!

Ҽаанбзиала, Аҧсуа телехәаҧшра!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me