Аиҳабы ҿыц дыдирдырит

Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра хаҭалатәи аилазаареи атәыла амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи дыдирдырит Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Савченко. Агәырӷъаратә ҭагылазаашьаҿы инапаҿы ииркит Ақсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы иштандарт.

Аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аштаб Хада аиҳабыс иҟаз Васили Лунев: «Исҭахуп ҭабуп ҳәа иасҳәарц Васили Васили-иҧа Лунев. Ҳаҭыр зқәу Васили Васили-иҧа! Исҭахуп Шәара ижәдыруазарц Аҧсны иаҧсоу тәылауаҩны шәшаанхо. Иазгәасҭарц сҭахын Аҧсны атәылахьчара арҕәҕәара аус аҿы акырӡа зҵазкуа шәлагаламҭа. Аҧсҭазаара ҧхьаҟа иҵоит, иҟоуп идыру етапқәак. Шәареи ҳареи абзиараз ҳәа еибаҳҳәом, маҷк ааҭгыларак мҩаҧаагоит, иҿыцу даҽа статуск аҟны аусеицура ҳалагоит», – иҳәеит Аҧсны Ахада.

Аслан Бжьаниа Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада  аиҳабы ҿыц Владимир Савченко ақәҿиарақәа изеиҕьишьеит зегьы рзы имариам аамҭазы. «Шәара аҧышәеи адырреи змоу уаҩуп, ҳагьақәгәыҕуеит шәҧышәеи шәдыррақәеи инхарҭәааны ахархәара роуп ҳәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рҟны аусқәа хаҭабзиарала реиҕьтәразы», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me