Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Жәлар: Аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа!

«Еснагь иуадаҩыз аамҭақәа раан аиԥш, ҳажәлар доуҳатә уасхырны ирзыҟалеит ауаҩы ибзиабара, аҭаацәара рыгәцаракра, наҟ-ааҟ аидгылара, аихаҵгылара реиԥш иҟоу аԥсуа ҵасқәа. Абри иаҳнарбоит егьырҭ аԥышәарақәагьы ҳшыриааиуа, ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҳәахьақәа ҳашрызиашоу.

Аԥсны жәлар рыхьчара – еиҳау даҽакы ыҟам. Абри инамаданы уаанӡагьы, иахьагьы ҳазну аамҭазы акырӡа зҵазкуа зҵаара хадақәаны иаанхоит: Аԥсуа аҳәынҭқарра арӷәӷәара, аҭаацәара ахьчара, аекономикеи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рырҿиара. Абраҟа аҵакы ҷыда шьҭырхуеит аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи арҿиареи иазку аусмҩаԥгатәқәа. Аԥсуа бызшәа аҵареи арҿиареи рганахьала аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы иаҭахны исыԥхьаӡоит ҳаамҭазтәи аметодқәа, ахырҳара злоу егьырҭ атехнологиақәа рышьаҭала арҵага шәҟәы ҿыцқәа разырхиара, рҭыжьра, аҵаратә материал ҳаамҭазтәи ацәажәаратә бызшәа анраалара, абызшәа адырра ахаҭабзиара аиӷьтәра, арҵаҩцәа рзанааҭдырра иааиԥмырҟьаӡакәа ашьҭыхра уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара.

Ҳара аҭагылазаашьа убас иҳарманшәалароуп аԥсуаа рымацара ракәымкәа, егьырҭ ҳџьынџьуаагьы аҳәынҭқарратә бызшәа аҵара иазҿлымҳахарц азы. Ҳарҭ ҳахьтә дарбанзаалак – амчра ахаҭарнак иакәзааит, атәылауаҩ хархь иакәзааит – иара аҭакԥхықәра ахәҭа даҵагылоуп, аха ҳарҭ зегьы аҭакԥхықәра ҳаицаҵагылоуп иакызаҵәыку ҳадгьыл гәакьа аҿаԥхьа. Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам, иагьыҟалом. Убас иҟаҳҵароуп, дарбанзаалак атәылауаҩ иԥсҭазаара, иусура, имч -илшара анагӡара иҩны гәакьа – Аԥсны Аҳәынҭқар­раҿы изыманшәалахартә, изыбзиахартә еиԥш».

Аслан Бжьаниа

(Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз Анашьҭымҭа аҟнытә)

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me