Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашәарҭадара алыршаразы

Атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьеи, азеиԥш шәарҭадареи, азинлеишәеи ралыршара азҵаарақәа ирызкын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәара.

Вальтер Быҭәба анапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит иааигәахауа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәеи урҭ ирымадоу аусмҩаԥгатәқәеи хшыҩзышьҭра рзырурц.

Аминистр иаликааит ауаажәлар­ратә шәарҭадареи азинлеишәеи рганахьала агәҽанҵаратә усурақәа дырӷәӷәарц. Ҷыдала иазгәеиҭеит иааиуа аныҳәамшқәа ҳасаб рзуны амҩаҿы шәар­ҭарада аныҟәара иахылаԥшларц. Избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы ГАИ аусзуҩцәа иаадырԥшуеит зықәра намӡац автомашьынақәа шдырныҟәауа ахҭысқәа.

Иара убас аминистр иҽеим ҳәа рзиҳәеит ашьауӷатә усԥшаара аганахьала иҟоу аҟаҵар­ба­қәа. Ашьауӷатә усқәа рыҭҵаара далацәа­жәауа, Быҭәба иазгәеиҭеит аоперативтә усзуҩцәа иҵегьы активла аус шрыцы­руша аусҭҵааратә ҟәшақәа.

Ашықәс Ҿыц аныҳәақәа рыламҭалазы апетардқәа, афеиер­веркқәа ргана­хьала аҭахрақәа рацәахоит. Аминистр рнапы иани­ҵеит ахәа­ахәҭырҭақәа гәарҭаларц. Аԥсаҵлақәа рыԥҟара иаҳа иачы­чоит ашықәс анҵәамҭазы. Абри аганахьалагьы ахылаԥшра арӷәӷәара рнапы ианиҵеит. Вальтер Быҭәба даҽа напынҵакгьы риҭеит. Уи зызкыз абџьари аџьаԥҳани изакәа­нымкәа рыҵәахреи рныҟәгареи рфактқәа раарԥшра акәын. Абри аганахьала иҵегьы аусура рӷәӷәатәуп, – абри атәы аанац­ҳауеит Аминистрра апрес-маҵзура.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me