Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ирықәымҿиеит

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит гәыԥҩык, Аԥсны зымч ӷәӷәоу анаркотик аҭира иаҿыз.

Амашьынаныҟәцаҩ, Липецктәи аобласт аҟны инхауа Киселиов Сергеи Владимир-иԥа, 1982 шықәсазы ииз, хаҭала деимырдеит. Уи мап ацәимкӡеит анаркотикатә маҭәашьар шимаз. Иааидкыланы Киселиов имхын 91 грамм, еихшаны аилаҳәарақәа иргәылаԥсаз. Уи «метадон» акәын.

Хаҭала деимырдеит уи имҩа­ныза, Москва­тәи аобласт ақалақь Лиуберцы инхо Дубровина Роза Егор-иԥҳа, 1984 ш. азы ииз. Ларгьы иазхалҵеит зыҭира азин ыҟам амаҭәашьар шлымоу, уи ахәҭакгьы хатәгәаԥхарала ирылҭеит. Иааидкыланы лара илымхын аҭиразы ирхианы илымаз аилаҳәарақәа 70. Урҭ рыкапан иартәеит 78. 260 грамм. Иара убас рҩыџьагьы ирымхын амобилтә ҭелқәеи абанктә хсаалагақәеи маҷымкәа.

Киселиови Дубровинаи рганахьала аоператив-ԥшааратә усмҩаԥ­гатәқәа раан ишьақәыргы­лахеит урҭ маӡала ашьҭаҵарҭақәа шыҟарҵоз. Аԥсны ианааи, рҭыԥ ылырхит Аҟәа асасааирҭақәа руак аҟны. Ашьҭаҵарҭақәа ҟарҵон Гәылрыԥшь араион амҩақәа рҿы. Убарҭ ашьҭаҵарҭа ҭыԥқәа рҟны ирбаз анаркотик маҭәашьарқәа идыртәеит 27 грамм инацны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me