Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара аилакқәа рхантәаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Иара убас аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазылбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи.
Аиԥылара иалахәыз рылацәажәеит ҳазну ашықәс азы иарбанзаалак аилак азакәанрҿиаратә усура апланқәа. Иара убас ирылацәажәеит иахьа ҳажәлар ргәы иҵхо хра злоу азҵаарақәа.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2022 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту.
Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, агазеҭ "Аҧсны" аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Валери Амаршьан идырныҳәалеит ииубилеи.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Гәында Кәыҵниа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс лыҟаҵаразы.
Ааигәа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит Аҧсны 1930-тәи ашықәсқәа раан аус зуаз еицырдыруа асоветтә ҭоурыхҩҩы Анатоли Фадеев (1908 – 1965) иалкаау иусумҭақәа ҩ-томкны реизга аӡыргара. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Ифонд адгыларала иҭыжьу аизга ианылеит Аҧсни Мрагылара Амшынҿықәи рҭоурых иазку аусумҭақәа жәпакы. Абарҭ аусумҭақәа зегьы акьыҧхь рбахьан усҟантәи ашықәсқәа раан, убри аахыс еиҭаҭыжьмызт.
Асабша, ианвар 28 азы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаҧган Аҧшьа Николаи Ассиррҿиаҩы (Чудотворец) ажәытәтәи иуахәама аҧшьара. Уи мҩаҧыргеит Аҧснытәи Ақьырсиан иашахаҵара аиҳабы аиереи Виссарион (Аҧлиаа), Аҧснытәи адинмаҵзура аҧшьаҩцәа. Ауахәамаҿы ашәа рҳәон Аҟәатәи акафедралтә уахәама ахор.
Ианвар 26 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигаз инарҭбааз аилацәажәара азкын 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵара.
Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит.
«Шәиубилеи шәыдныҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажәгахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәылангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.
Херсонтәи аобласт арра-тәылауаҩратә хадараҿы Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аоперативтә гәыԥ анапхгаҩы, аинрал-маиор Андреи Павленко аџьшьаратә шәҟәы изааишьҭит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, – иаанацҳауеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминстр Едуард Быҭәба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы, – иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Уи рхы аладырхәит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа, аминистр ицхырааҩ Роланд Гамисониа. Гәыниа иажәақәа рыла, уажәы азы амедицинатә усҳәарҭаҿы рҽырхәышәтәуеит 38-ҩык.
Аԥсныпресс. Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит анхарҭақәа рыҭара дҵаны ишьҭызхыз Аҟәа амитинг еиҿызкааз аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа.
Ианвар 19 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра хықәкылатәи апрограмма «Анҭыҵи Аԥсны иахьаҵанакуеи атәылауаа рыхәшәтәразы». Абри апрограмма ԥарала еиқәыршәахоит ареспубликатә биуџьет амалқәа рыла. Ҳазну ашықәс азы анҭыҵ Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәразы иоушьҭхоит 90 миллион мааҭ.