Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ажурналист иажәеи аиашеи еиҿамгылозар ауп»

«Ажурналист иажәеи аиашеи еиҿамгылозароуп, уи ауаа ириҭо аинформациа аҵыхәтәанынӡа иҭҵаазар ауп, – иҳәоит, – Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, ателеканал Абаза-ТВ аиҳабы Руслан Ҳашыг.

Хәаҧ ақыҭан ииз арҧыс  иман зҟынтәи аҿырҧшы игашаз. Иаб иашьа Никәала Ҷыф-иҧа Ҳашыг еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы абжьгарак аҳасаб ала иҳәалон – иубо, иуаҳауа, уааигәа имҩаҧысуа хҭысқәак азҿлымҳара рыҭала, ақьаад ахь ииагала ҳәа. Иҟалап, аҵарауаҩ иашьа иҧа ус зиаиҳәоз акәны иҟазтгьы, дхәыҷы аахыс Руслан Мкан-иҧа инубаалоз аҩрахьы азҿлымҳара акәзаргьы. Ишакәзаалакгьы, Никәала Ҷыф-иҧа иабжьгарақәа ҳасаб рызун, даныҩеидас Руслан Мкан-иҧа истатиақәа усҟантәи акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа ирныло иалагеит.

Иҧсҭазааратә мҩа даара интересуп, хҭыслагьы ибеиоуп. Имаҷҩуп акыр ҭакҧхықәра зцу аусурҭа ҭыҧқәа рҟны аус уны, рыхьӡ ҧсахра ақәымкәа ҳаҭыр зцу ахыҧша ззеиқәырхаз. Руслан Мкан-иҧа дреиуоп урҭ зхыҧхьаӡара маҷу ауаа. Аус ахьиуазаалакгьы, Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владисав Арӡынба ипресс-маҵзураҿы дыҟазма, Ателехәаҧшра ахантәаҩыс дамазма, Аҧсны ажурналистцәа реидгыла напхгара аиҭома, мамзаргьы ателеканал ҿыц аҧҵаны уи аиҳабра акыр шықәса амаҵ азиуама– зегьынџьара Руслан Мкан-иҧа пату ду иқәырҵоит, иажәа ҳаҭырла иазнеиуеит, иагьазыӡырыҩуеит. 

Ажурналист ихаҭа иакәзар, иҳәоит ишимоу дызхымҧо аҧҟаҧҵәақәа. Урҭ иреиуоп- ажурналистикаҿы амц амҳәара! Амц зхы иаҭәазшьо ажурналист иқәгәыҕра ҟалаӡом. Сыпрофессионалуп ҳәа зхы зыҧхьаӡо иаҧхьаҩцәа, иахәаҧшцәа, изыӡырыҩцәа  пату рықәиҵозар ауп. Аусураҿы ахаан сара сеиҳабуп убри аҟынтә исҳәаз цароуп ҳәа сымҳәац иагьыҟасымҵацт. Зегьы ирхадароуп  аҳәоуеиқшәара, аилацәажәара, иаку еиҳа еиҕьу ахь анеира ҳәа, азгәаиҭоит иара. Ари аҩыза аҧҟара аусураҿы мацара акәымкәа аҧсҭазаараҿгьы аус ауеит.

Руслан Ҳашыг ихатә ҩыза Лиана Ебжьноуҧҳа еицырдыруа журналиступ. Имариоума ҟазарахкык знапы еицалаку, хҭак еицҭахысуа ауаа реицынхара ҳәа  иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иара иҳәеит. «Хыхь ишысҳәаз еиҧш, сара ишысҭаху иҟалароуп ҳәа сыхшыҩҵакқәеи сеилкаарақәеи  ахаан аӡәгьы идсымгалацт, аҩнгьы убас ауп. Сҭаацәа сгәаанагара иазҵаауазаргьы, ирыдызгало хаҭала  сара ишызбо ауп, уи рхы иадырхәоу  иадмырхәоу  дара ирусуп. Убасҵәҟьа ауп сшырзыҟо аҟазара азҵаарақәагьы, – иҳәоит  Руслан Мкан-иҧа.

- Руслан Мкан-иҧа, аамҭак азы  шәара напхгара ашәҭон Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ипресс-маҵзура, иахьа архив иазынханы иҟоу Жәлар рҧыза иҿцәажәарақәа  раҕьырак  шәара шәоуп имҩаҧызго. Даара ирацәазар акәхап  хаҭала шәызлахәыз, ишәгәалашәо ахҭысқәа. Шәгәы иҭаӡами урҭ еизгак аҳасаб ала, шәҟәны аҭыжьра?

- Аиашазы  ибҳәаз  акырынтә  сазхәыцхьеит. Сымшынҵа иану ицәырсымгац  рацәоуп. Урҭ лассы-лассы иаасыртлоит, сеиҭарыхәаҧшлоит. Исхадмыршҭуа, ҿыц еиҭасгәаладыршәо рацәоуп. Ҳәарада, еилсыкаауеит урҭ сгәаҵаҿы иҵәаху ахҭысқәа зегьы мышкызны  адунеи шдырбатәу, аха иахьатәи аамҭазы уи аганахь ала иҟасҵахьоу рацәаӡам. Сыҧсҭазаареи сусуреи узеиҟәымҭхо мҩак еицануп, еснагь исцәыуадаҩын еиҳа ихадароу алкаара. Сусура акәу сыҧсҭазаараҿы хадара зуа, мамзаргьы сыҧсҭазаара сусуреи  сзаанаҭи ракәу. Ишынаурҳәы-ааурҳәлакгьы дара  еиҟәыҭхашьа рымам. Сара насыҧ змаз сакәны схы сыҧхьаӡоит, избан акәзар сыҧсҭазааратә мҩаҿы исыман арҵаҩцәа бзиақәа, исҧылахьан акы зҿыуҵааша ахшыҩҭрақәа, ҳәарада урҭ зегьы анырра ҕәҕәа сырҭеит. Убас, ателехәаҧшраҿы  аус анызуаз, усҟантәи ахантәаҩы Шамил Ҧлиа иҿысҵааз даара ирацәоуп. Иара даара дуаҩҭышәынтәалан, иусзуҩцәа ргәаанагара пату изақәын, игәы ҭбаан, иусзуҩцәа  рыгәра игон, дара ракәзар уи агәрагара аҭакҧхықәра рыднаҵон. Ус иҟоуп ажурналистикаҿы, уахь инанаго гәык-ҧсык ала иус бзиа имбозар акраамҭа иҽизадырхалаӡом, дканаҧсоит, даҧырҵуеит.  Ажурналист иаша аҧҟара еилеигаӡом, аҧаразы ихы иҭиӡом, аиаша дацәхьаҵны  амц аларҵәара иҽазикӡом; араҟа зегьы еидҳәалоуп, – иҳәоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Руслан Ҳашыг.

Иара аҧсҭазаареи аспорти еидикылоит, избан акәзар  аҧсҭазаара зны-зынла ашьапылампыл еиҧшнишьалоит. Ашьапылампыл  асҩы иҽхәаҧхьаӡ уаҳар улшоит  аха ихәмарра ауп иузырбо иара уи аҽхәаҧхьаӡ даҧсоу даҧсаму.  Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан 1992-1993 шш.рзы Руслан Ҳашыг Аҧсуа телехәаҧшра редактор хадас дыҟан, иара иоуп ателехәаҧшра Гәдоуҭаҟа аиагаразы аӡбамҭа здызкылазгьы. Уи даара ихьанҭаз аамҭан зегьы рзы,  аибашьра атәы ззымдыруаз аҧсуа журналистцәа, иаразнак иҿыцу аҭагылазаашьа рҽаандырнаалеит. Аха, иара абраҟагьы, Руслан Мкан-иҧа иаамсҭашәара ааҧшуан, иара иҩызцәа дрыхӡыӡаауан. Унапы аҵаҟа иҟоу ауааи уареи шәеиҩызцәазар ауеит, убри аан уи шәеиҩызара аусура ианымҧшуа аҟаҵарагьы алшоит, иҳәоит иара. Ҩнызқьи фба шықәса рзы иаҧҵан Абаза-ТВ,  уи аахыс ателекомпаниа напхгаҩыс дамоуп Руслан Мкан-иҧа Ҳашыг. 2016 ш.рзы иара далхын  Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс. Ари аҭыҧ ааникылоит иахьа уажәраанӡагьы.

– Руслан Мкан-иҧа, ҳаамҭазтәи аҧсуа журналистика аҿиашьа шәышҧахәаҧшуеи? Уи анаҩсгьы, шәгәаанагарала аҧсуара ажурналистика анырра анаҭома. Избан акәзар, ҳахьыҟазаалакгьы ҳара ҳменталитет ҳзацәхьаҵӡом, аибачҳара, аӡәы игәы анмырхара,  аиуара, зҳәаз еиҧш…арҭқәа зегьы ажурналистика аҧҟарақәа маҷк ирықәшәом.

- Иҟалалозар акәхап  иананыҧшуа, аха сара уи сақәшаҳаҭӡам. Сгәаанагарала, ахаршшаара иаҧсаӡам. Ҭагылазаашьақәак рҟны аҵәахра зынӡа иаҭахӡам. Аҳәынҭқарра ҵызшәаауа ҟазҵо ауаа рыхьыӡқәа ҳәалатәуп. Иаҳҳәап, акрипто арҳаразы  изакәанымкәа иқәдыргыло амаинингқәа ҳәа изышьҭоу аппаратқәа  ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы  аенергетикаҿы иҟоу аиҧҟьарақәа зегьы  ирныруеит. Дсыуоуп, дысҭынхоуп ҳәа ас ҧырхага ҟазҵо ауаа рыҵәахра ҟалаӡом. Ажәлар зегьы ирҧырхагоу  дыудыруазар, ихьӡ ҳәатәуп иаартны. Ажурналист  иинформациа ҭҵаазар, ишьақәыргылазар ауп. Ауаа ирылаирҵәаанӡа ганрацәала дазнеироуп, дахәаҧшыр ауп, деиҭахәаҧшыр ауп. Ача зӡуа ича хаамзар, аӡәык, ҩыџьак, хҩык ирфап, ирнырып, аха ажурналист  ауаа ириҭо ажәа­бжь  зегьы ирылаҵәоит, зегьы ирныруеит. Убри аҟынтә иаҽҧнырҳәо ҟамларц азы уи иашахаҭазар ауп.

Аҧсуа журналистика аибашьра ашьҭахь иласу ашьаҿала аҿиара иалагеит. Иаҵагылеит  имаҷҩымкәа ззанааҭтә зыҟаҵара ҳараку, ззанаҭтә мҩаҿы  аҧеиҧш бзиа ззыҧшу абиҧарақәа. Аҧсҭазаара еимгеимцарак иаҩызоуп.  Аиҳабацәа дуқәа рыдунеи рыҧсаххьеит. Урҭ  ихатәраз, аҳәынҭқарратә ҩаӡара змаз, ихәыцуаз уаан. Сархив аҿы егьырҭ зегьы иаарылыҳәҳәо акәны исыҧхьаӡоит Шьалуа Инал-иҧа иҿцәажәара. Убасҟан иара иқәиргылоз азҵаарақәа уажәы ҳааины ҳарҭагылоуп. Уи џьашьатәуп, ҩажәа, ҩажәи хәба шықәса раҧхьа иҟалараны иҟаз азы азҵаарақәа ахьизцәырҵуаз. Асеиҧш иҟоу ауаа рыла ишьақәгылазар ауп аҳәынҭқарра зықәгылоу ауасхыр ҕәҕәа.  Аҧсуаа ҕәҕәоуп доуҳала, адоуҳа ҕәҕәеи агәымшәареи роуп  изхылҿиаауа  ҳиааирақәа,  адоуҳа зхылҵуа ажәлар роуп. Иҟоуп иахьагьы имаҷымкәан аҭаацәарақәа  зхы-зыҧсы пату ақәҵаны, зхатә џьабаа мацарала инхо-инҵуа, урҭ роуп ҳқыҭақәа ҧсыс ирхоу. Ақыҭаҿы, аҳәынҭқарраҿы зегьы иреиҳау амал ауаҩы иоуп, егьи зегьы  аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит. 


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me