Краснодар ақалақь аҟны имҩаԥысит ахәыҷқәа рҿыханҵатә ҭыхымҭақәа жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа «Ашықәс ҿыц ҳаиднакылоит» ҳәа хьӡыс измаз.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы аԥсабара даҽа «ҳамҭак» ҳзаанагеит. Амшцәгьақәеи аԥшасрақәеи ирыхҟьаны аҵлақәа каҳаит Аҟәа, Турбазеи Синопи ҳәа иахьашьҭоу. Ҵлак аҳҭны-қалақь агәҭаны анхарҭа ҩны иақәҳаит. Арҭ аусқәа знапы иану апроблема аԥырырхуеит.
Есы-шықәса еиҧш, сынтәагьы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ашықәс анҵәамҭазы аихшьаала ҟарҵеит «Ашықәс азы иреиҕьу асахьаҭыхҩы» иалкааразы.
Декабр 22 рзы еицырдыруа аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит.
Дызусҭазаалак ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы аҳамҭақәа ирзыҧшуп.
Сынтәа 45 шықәса ҵуеит аҭыԥҳацәа рансамбль «Гәында» аԥҵоижьҭеи. Ари ансамбль аԥхьа еиҿкаан Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны Роза Чамагәуа-ԥҳа лнапхгарала. Раԥхьаӡа, уи аҭыԥҳацәа рыдагьы иалахәын аҷкәынцәа: Оҭар Хәынҵариа, Оҭар Ферызба, Анри Ферызба, Нодар Кәарҷиа. Инарыгӡон аԥсуа жәлар рашәақәа.