Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиубилеи азгәарҭеит

Ааигәа С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысит Аҧсны аҵара аминистрра 100 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.

Аҩбатәи ахәҭахьы ииасаанӡа Аҵара аминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи, Ахьӡ-Аҧша апарк ахь имҩахыҵны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа.

С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысуаз Аҧсны Аҵара аминистрра 100 шықәса ахыҵра аиубилеи ахь имҩахыҵит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Аҧсны аиҳабыреи рхаҭарнакцәа, аҵарауаа, Аҧсны араионқәа рҟынтәи арҵаҩцәа.

Аныҳәатә хәылҧазы аартуа амҩаҧгаҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит имҩахыҵыз Аҧсны анапхгара, асасцәа, арҵаҩцәа, аҵара аус знапы алаку зегьы. Дара ирҳәеит, аныҳәа амҩаҧгара зызку, аҧынгыла дуқәа ириааины, аҧсуареи, ахаҿреи мырӡкәа, амилаҭ дуқәа ирыҵамырӡкәа иаазго, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра 100  шықәса ахыҵра уи аҭоурых аҟны хҭыс бзианы шыҟоу.

Анаҩс иарҳәан Аҧсуа гимн. Иазгәаҭан, еиуеиҧшым аамҭақәа раан Аҵара аминистрра ахьӡ акырынтә аҽшаҧсаххьаз. Ари арыцхә аҽны аныҳәа азгәаҭара машәыршақә иҟамлаӡеит, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба Иусҧҟа,  1993 шықәсазы декабр 12 рзы инапы зҵаиҩыз ала Аҵара аминистрра ахьӡ ҧсахын, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистрра ҳәа. Министрсгьы дҟаҵан Иван Николаи-иҧа Саӡба.

Анаҩс минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа. Ашьҭахь  ажәа иман Аҧсны аҵара  аминистр Инал Габлиа. Уи иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Анапхгара, арҵаҩцәа, аҵаратә система аусзуаҩцәа зегьы. Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра азы иҷыдоу мшуп, Аҵара аминистрра 100 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь 1921 шықәсазы иаҧҵан Аҧсны аҵаратә комиссариат. Убри инаркны Аҵара аминистрра аҭоурых алагоит…». Иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус шрыдулаз арҵагатә программақәа, аметодика, атехнологиа ҿыцқәа. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит зегь раҧхьа инаргыланы ари аус аҟны аџьабаа збо, ирывгылан ирыцхраауа арҵаҩцәа. Аҵаратә системаҿы аџьабаа збо зегьы ирыдиныҳәалеит агәырҕьаратә мшы, ирзеиҕьеишьеит агәамч, агәабзиара, гәыкала изҿу аус аҟны ақәҿиара дуқәа.

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба. Шәышықәса рыҩныҵҟа аҵара асистема ауасхыр азышьҭазҵаз, уи иазааҧсоз иреиуоуп анапхгаҩцәа дуқәа: Самсон Ҷанба, Андреи Ҷоҷуа, Михаил Делба, Иван Ҭарба, Николаи Гьериа, Григори Чыкәбар, Борис Ҭарба, Алықьса Џьонуа,Ҭамара Коҕониа, Нодар Ҷанба, Иван Саӡба, Беслан Дбар, Алеко Гәарамиа,Ҭали Џьопуа, Индира Аҩардан, Даур Наҷҟьебиа, Адгәыр Какоба.

Иахьазы   Аҧсны иҟоуп 153 школ, уаҟа аус руеит еиуеиҧшым амаҭәарқәа рыла х-нызқьҩык арҵаҩцәа. Урҭ рахьтә иҟоуп зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьыӡ зхырҵахьоу.

Есышықәса еиҧш, сынтәагьы арҵаҩы Жәларбжьаратәи  имш инамаданы, «Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ҳәа ахьӡ шрыхҵоу ала аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьаразы асценахь днаҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа. «Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ҳәа ахьӡқәа рыхҵоуп: Бела Ҭаркьыл, Мадона Ашәба, Заира Бараҭелиа, Нанашьа Инаҧшьба, Емма Кәакәасқьыр, Наида Ломиа, Лариса Сурмаа, Изольда Хьециа, Роза Габлиа, Елеонора Калаиџьиан, Римма Аҩӡба, Шулиа Гәынба, Славик  Гәынба, Џьумка Шьоуа, Светлана Гриценко, Нонна Делба, Нели Конџьариа, Вера Кошел, Аида Лакоба, Нана Уридиа, Елеонора Ҳагба,  Хьыбла Шамба, Емма Зақараиа, Вахтанг Амҷба. Иара убас аҵара-ааӡаратә ус аҟны рџьабааи рылшамҭақәеи рзы «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара ранашьоуп: Нонна Гьерхьелиа, Нели Ҭаркьыл, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара – Аделаида Қапба.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра аусзуҩцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа: Аҧсны аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа,  аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиа,  акадрқәеи аусмҩаҧгареи рыҟәша аиҳабы Есма Аршба, арҵага шәҟәҭыжьырҭа аусбарҭа анапхгаҩы лхаҭыҧуаҩ Кама Бигәаа, ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа, ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша авидеооператор Сергеи Қаџьаиа, азинтә ҟәша аиҳабы Викториа Џьынџьал, абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аспециалист хада Денис Харчлаа, азҧхьагәаҭареи аҳасабеиларгаратә ҧхьаӡареи рыҟәша аҳасабеилыргаҩы  Радмила Ачба, арҵага шәҟәҭыжьырҭа аусбарҭа даҟьала аиқәыршәаҩ Олесиа Кәыҵниа, аинформациа-техникатә ҟәша аиҳабы Левон Малхасиан.

Анаҩс аныҳәа иацҵан,  еиуеиҧшым аестрадатә шәаҳәаҩцәеи ахореографиатә хәыҷтәы кәашара «Иааирума», иара убас адаул асра ала. 


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me