Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ауаҩра еиҳау ыҟаӡам

Ауаҩы адунеи ду азы аԥслымӡ ацыра даҩызоуп, аха иара дахьахәҭаку аҟнытә, зымҽхак ҭбаау ахшыҩеилкаара даҟәырҷахахоит хымԥада.

Ҵабыргны, ауаҩы иԥсы ҭоуп аԥсабара ала, уи иалигоит ибзазаразы зыда дхәарҭам зегьы, аха уи инаҭартә дшазнеиуа ауп аус злоу: ԥсымҭәрыла, рыцҳашьарада акәу, мамзаргьы еиҭашьақәгылартә еиԥш гәыҳалалрала акәу?!

Аԥсабара еиҷаҳаны азнеишьазы згәаанагара еилкаарыла иҭышәынтәалахьоу ауаажәларратә еилазаара шьақәгыларц, уи хықәкны еиҵагыло абиԥарақәа ишьҭыркаарц аџьа збоз дреиуан, иажәлар  дҳалагылазҭгьы сынтәа 65 шықәса зхыҵуаз аҵарауаҩ-аорнитолог (абнатә ԥсаатәҭҵааҩ), абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, ауаҩи аԥсабареи ршәарҭадара жәларбжьаратәи Академиеи, К.Е. Циалковски ихьӡ зху акосмонавтика Урыстәылатәи Академиеи рлахәыла-корреспондент, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректорс зыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рҟынӡа аус зуаз Маланӡиа Виктор Илиа-иԥа.

Ажәаҟны ишырҳәо еиԥш, ауаҩы иблахәыц ҵысаанӡа игәаҵа иҭоу еилызкаауаз, жәлар рпоет «цәгьа уеижьагоуп» ззиҳәаз адунеи ауашәшәыррақәа збарҭаз, ауаҩы дышуаҩу даанхаратәы амҩақәа изаартра зҽазызшәоз, жәҩангәашәԥхьара збаны изҳәаша зҿашәоз… ҳаамҭазы зхыԥхьаӡара рацәаҩым ахаҭарақәа дыруаӡәкын Виктор Маланӡиа.

Виктор Илиа-иԥа Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭа абиологиа-географиатә факультет аҟны иҵара анхиркәша, 1981-1985 ш.ш. раан рҵаҩыс аус иуан зны Гәыматәи, нас Тамшьтәи абжьаратә школқәа рҟны. 1991 ш. рзы Киевтәи аҳәынҭқарратә  университет аспирантураҟны «Аԥсны абнатә ԥсаатә рыԥсабареи уи ахьчареи» атемала адиссертациа ихьчеит.

1989 ш. инаркны Аԥснытәи аҳәын­ҭқарратә университет аҟны  еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәигон: арҵаҩы инаиркны абиологиа-географиатә факультет адекан иҟынӡа.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ишдыру еиԥш, аԥсадгьыл аԥеиԥш реиҵааӡарҭа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиқәырхареи уи аусура  ацҵареи, ҳиааиреи аҭынчԥсҭазаареи  ршьана хадақәа ишреиуаз қәкыс иҟаҵаны  Виктор Илиа-иԥа уи анапхгара рӷьажәҩаны дрывагылан ари аус амҩақәҵараҿы. Даараӡа ихьанҭаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы, иреиҳау аҵараиурҭа аҵара-ааӡаратә процесс аиҿкаара дазааԥсон ҩнапыкла.

Убарҭқәа гәаагӡаны 2002 ш. рзы уи, аҳәынҭқарратә университет аҵара аус азы проректорс дҟаҵан. Ари иус хада инаваргыланы 1998 ш. раахыс Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Ҟабарда-Балкариатәи аҭҵаарадырратә центр ашьха ҵакырадгьылқәа рекологиа аинститут аҟынгьы аус иуан, зны ҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, анаҩс ашьха ԥсабара ахархәара алабараториа аиҳабыс, ашьҭахьаекохылаԥшра аҭыԥ ҷыда «Аԥсны» аиҳабыс.

Виктор Маланӡиа иҭҵаарадырратә лаԥшҳәаа амҽхак акыр иҭбаан: афаунистика, аорнитологиа, аекологиа, абиогеографиа, Кавказ ақәыԥшылара абиологиатә еиуеиԥшымзаара аҭҵаареи аиқәырхареи, абиологиаҭҵаараҿы аинформациатә технологиақәа рхархәара уҳәа актуалра злоу жәпакы азҵаарақәа инапы рылакын.

Иаҳҳәар имыцхәхом, арҵаҩратәи арҿиаратәи процесс аҿы даԥшьгаҩын, даԥхьагылаҩын ҳәа. Иахьа ҳҵараиурҭа азанааҭқәа акыр уасхырс ирымоу Виктор Илиа-иԥа инапхгарала ишьақәыргылоу арҵаратә уснагӡатәқәа роуп. Ҳабла иабо аҵкыс, ҳабла иазышьҭымхуа, ҳгәы  зызцо, иҵаулоу аусаҿы аԥшаара, агәҭахәыцра шьарда аҵанакуеит. Еилкаауп ииашаны ихәыцуа, насгьы абара зылшо, иахьынтәаауа ашьаҭа ҳасаб шазиуа, аҿиашьа, аизҳашьа аеволиуциа, ахаҳара аҩаӡара дшацклаԥшуа.

Арҵара аус амҩақәҵараҿы Виктор Илиа-иԥа, аус ҩнуҵҟала дагәылаԥшны, инарҵауланы иҭҵааны акәын дшазнеиуаз. Идоуҳа инаҭон алшара адуи ахәыҷи реизыҟазаашьа еизакны абара, ишырҳәо еиԥш, адинамикатәи астатикатәи реиҿыбаара.

Виктор Маланӡиа Ҳазшаз илахьын­ҵеитәыз аамҭа кьаҿ иалагӡаны инапы иҵижьит аҳәынҭқаррақәа акыр рҵарауаа зыхә ҳаракны иршьахьоу 60 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Дрылахәхахьан убасгьы, еиуеиԥшымыз жәпакы жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа, асимпозиумқәа, аиԥыларақәа.

Ҭеиҭыԥшла иуаҩы ҳаракыз, еснагь еинаалаз, иаамысҭашәаз Виктор Илиа-иԥа, имҩақәиҵоз астудентцәеи аус зциуаз иҩызцәеи иареи апатуеиқәҵареи, агәеизыблреи рыбжьан, аицәыԥхашьара ацны. Ус изыҟаз, уи инымҵәаӡо мал дук иманы, мамзаргьы ҳәынҭқарратә чын дуӡӡак ныҟәигон ҳәа акәмызт. Ҳаҭыр ззиқәыз ҵарадыррала иажәеи ихшыҩи иахьеицнаргози иуаҩра ахьҳаракызи рзоуп.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә хеилак аӡбамҭала доуҳала ацқьара ԥсҭазаарас измаз Виктор Маланӡиа ихьӡ зху астипендиа аԥҵахоит аҵараиурҭа аҟны. Убасгьы, декабр 27 рзы игәалашәара ахьӡала уаҟа  имҩаԥгахоит (анаҩс есышықәсатәихо) жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Маланӡиа иԥхьарақәа».

Ирҳәоит, иузымԥсахуа ауаҩы дыҟам ҳәа.

Аха… Ари цәыӡ дуӡӡоуп иҩызцәеи, игәакьацәеи, инеизакны ҳҳәынҭқарра зегь..

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me