Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа лабашьа аҭоурых

Ажәытәан аусқәа анырыӡбоз, аиҳабы илабашьа акышьала ирдыруан, аинраалара алыршахо, мамзаргьы иалмыршахо

Ашьха ашьапаҿы ишьҭоу аԥсуа қыҭа Хәаԥ ҳалсны Занҭариаа ргәашә ҳнадгылеит. Аԥшәма ҳашнеиуаз заа адырра иаҳҭахьан аҟы­нтә, ҳмашьына агәашә ишаадыххылазҵәҟьа, абафрҵа дааҵыҵны шьац иаҵәала ихиаз ашҭа ду даақәлеит. Аԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәа, алабашьа кны, даауны, хаҵак дааиуан.

Илабашьа еиҳарак ҽырбагас икын ҳәа ауп акәымзар, 74 шықәса ирҭагылаз Роланд Занҭариа цәгьа деинаалан. Ҿыԥшыларагьы, иныҟәашьалагьы еилукаауан – ари ахаҵа аԥсҭазаараҿы кыр збахьоу, ианаҭаху иџьбароу дышреиуоу.

Еицыз зегьы аԥсшәа ааҳаҳәаны абарҵа ҳныҵеигалт. Араҟа амузеи аҿы ҳаҟазшәа, хкы рацәала ирхианы иман инапала иҟаиҵаз алабашьақәа. Иара ҳаарагьы зызкыз уи акәын. Арымарахь игылан арымӡ, уаҟа еинааланы, еиҟара-еиҟараны иқәын аус злаиуаз имаругақәа. «Уажәы алабашьақәа рыҟаҵараҿы рхы иадырхәоит еиуеиԥшым атехника, аха сара зегьы снапала иҟасҵоит, абарҭ амаругақәа рыла», иҳәан, уахь ҳхьаирԥшит.  Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аихақәа хԥа, ашьалашьын, аҳәызбақәа, ажьаҳәа, ахьархь, иара убас зыхьыӡ сзымдыруаз аԥхаҳә.

Роланд занааҭла дырҵаҩуп. Хәаԥтәи ашкол аҿы афизикеи аматематикеи дирҵон. Анаҩс Гәдоуҭа асоц­иалтә еиқәыршәара аусбарҭаҿы дыҟан, жәаҩа шықәса аҳәынҭқарратә ԥгаԥсатә усбарҭа арионтә ҟәшаҿы аус иуан. Еиҭа ҩышықәса Хәаԥ аколнхара ахантәаҩыс дыҟан. Алабашьақәа рыҟаҵара иҽазикит хәышықәса раԥхьа, аха уи амаӡа ааиртхьан ашкол данҭаз. 

«Сара сабду иашьа Еснаҭ ҳәа дыҟан, цәгьала дҟазан. Аҟармыгә шыҟаиҵоз жәбандази», - иҳәеит Роланд инаҵшьны, иара убри алагьы еилкаан, уи ицназгоз дшыҟам. «Иара алаба икын, инациҵеит иажәабжь, - уара даду, имариоума абри аҟаҵара, – сҳәан сиазҵааит, – иугәаԥхар иҟаумҵои, – иҳәеит. Слаиртәан иҟаиҵоз сирбеит. Усҟан абыжьбатәи-аабатәи акласс аҿы стәан», -  игәалаиршәоит Роланд.

Алабашьа аԥсуаа рмилаҭтә культура иахәҭакуп, иара иамоу аҵакы ҳаракӡоуп, ҳаҭыр ду ақәуп. Ажәа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоуп, алабеи, ашьеи. Алабашьа – бџьаруп, абиԥарала еимырдоз ак акәын.  

Ажәытәан аусқәа анырыӡбоз, аиҳабы илабашьа акышьала ирдыруан, аинраалара алыршахо, мамзаргьы изалымҵуа. Иаҳҳәап: аиҳабы илабашьа адгьыл ишыҵаикшо ала зегьы еилыркаауан уиала ииҳәарц ииҭахыз. Алабашьа ҭынч иргылозар, «ҳмыццакып, шәааи ҳазхәыцып» аанагон. Аицәажәараан илабашьа иҽаниҵозар, «аҭагылазаашьа шыцәгьоу, адгылара шиҭаху» аҳәон. Илабашьа ахы аҩналарҭахь ихазар «аус ӡбоуп, ҳцара аамҭа ааит» аанагон. Алабашьа зку уҩны дааизар, иара аргылашьала аԥшәма идыруан, уаха даангыло имҩа иациҵо. Ац адәахьы ирхазар, асас дцоит ҳәа иԥхьаӡан, ац аҩныҟа ихазар, даангылон.

Аԥсуа имоуп алабашьақәа акымкәа. Аиҳабы ашҭа данҭыҵуа иику алабашьала еилукаар алшон дахьцо, убри аҟынтә ԥшрала дара еиԥшымызт.  Роланд иаҳирбеит урҭ еиԥшымзаарас ирымоу, насгьы изызку, аха иаразнак иҳәатәуп, алабашьа шышьақәгылоу х-хәҭак рыла: ахырҩынтәы – уи ҩхык зманы алабашьа иахагылоу ауп, убра иқәкны ихысуан ажәытәан, анаҩс ицоит ац – уи алабашьа ахьыукуа аҭыԥ, нас аԥса, алабашьа иахарҵоз аихатә хаҵа.

Алабашьа ахы аҵәаҳә еиԥшзар, уи ахьча илабашьа ҳәа иашьҭоуп. Ахьча ианааиҭаххалак аамҭазы илабашьа ахы нарханы ирахә ашьапы нҭаршәны икуеит. Аԥса зҵаны иҟоу алабашьа еиҳарак ҽырбагас ирыман, абзиарагьы иазкын. Ахы ахырҩынтә ахагылазар ауан, мамзаргьы ажәытә лабашьа иамаз асахьа еиԥш ахы аахагьыжьны иҟазар ауан. Ашәырыцаҩ илабашьа - ашьапы шәпоуп, ахырҩынтәы ахагылоуп. Аԥса зҵам алабашьа ркуан ацәгьараҿы. Ԥсрак аҿы астол уаддыргылозар, иукызароуп алабашьа. Аԥсхәраҿгьы иароуп иркуа. Зҿы ҟьаҟьоу алабашьа – аӡын лабашьа ҳәа иашьҭоуп. Асы аабӷьаҭны амҩахәасҭа аалданы умҩа уқәлоит, аграпара ыҟамзар, иагьлабашьоуп, умҩагьы ҟанаҵоит, – еиҭеиҳәоит Роланд.

«Ажәытәан ус рҳәон, уаҳаҭыр ыҟазар, ужәлар рҿы уааԥсара ыҟазар, зегь рыла ԥсыуа хаҵаны, уҳарамымкәа уҟазар, алабашьа акра азин умоуп ҳәа, ус иҟоуп иахьагьы», иҳәеит Роланд. Иара ихаҭа хынҩажәа шықәса ихыҵуан алабашьа аник. 

– «Сара алабашьа шыбџьару здыруеит азы ианыҟасҵо сгәы ҭынчуп. Абџьар бзиа избоит, атапанча, ашәақь, аҳәа, аҟама, алабашьагьы бџьаруп, еибашьыгоуп. Ҭоурыхлагьы ус иҟоуп.

Абарҵа ҳааҵыҵны Роланд Занҭариа алабашьақәа ахьыҟаиҵо аҭыԥ ахь ҳҿынаҳхеит. Аԥшәма аӡын ааира иҽазыҟаиҵахьеит, ана-ара амҿқәа еиқәуп. Иҟазарҭа ушааҩналалак амҿы афҩы уҿасуеит. Иҟәашӡа ишьҭоуп ахьархьшылагьы. Ирацәоуп метрак инареиҳаны еиҟара-еиҟараны еикәагылоу ақдқәа. Ана-ара икнаҳауп, иқәуп аус злаиуа амаругақәа. Алабашьа еиҳарак излырхуа абгыӡыр ауп, – ҳәа дналагеит аиҭаҳәара иара, – аха уи аус адулара цәгьоуп. Лабашьак аҟаҵара ҩымш- хымш садхалоит, уи иара мацара саҿызар, аха уарааԥсоит, – нациҵеит Роланд.

«Алабашьа еиҩхааны иҟауҵар иауӡом, избанзар арӷыз анхуҵәалак аҽзарӷәӷәаӡом, иԥҵәар ауеит. Арӷыз еиҟараны аихала иануцәлак, шьалашьынла ишьақәургылоит, асаркьа анахьушьтәугьы ыҟоуп. Иара зладрыцқьо ақьаадгьы ахьшьтәуп. Зегь реиҳа ицәгьоу ахырҩынтәы ауп. Уи ҳәызбала уҭагьежьны иҭурффароуп», -  иҳәеит Роланд.

Алабашьақәа рыҟаҵараан зегьы ириааиуеит абгыӡыр, нас ачамҳа. Жәынгьы ҿангьы алабашьақәа рҿы пату зқәыз урҭ ракәын, – ҳәа азгәеиҭеит Роланд. Дара ианаамҭоу уақәшәан ихуҵәароуп, мамзар ихәаԥсоит.  Аӡы аламзароуп, аҵла ыцәазароуп. Амза аҭәымҭа аамҭа уҽақәыршәаны ихҵәатәуп.

Роланд иусумҭақәа рҿы иҟоуп ашәҵла иалху алабашьақәагьы, акызаҵәык алҵла иалхуп, иласуп, иагьыԥшӡоуп, – иҳәоит Роланд. Амала ажәытәуаа ал аҭуан, адашьма иқәуҵар ауеит, аха алабашьаҿы иркуамызт - иҳаҭырӡам, аӷәӷәарагьы амаӡам иҳәеит иара.

Иџьашьатәызаргьы ҟалап, аха алабашьа ашәҵатәи ашьаҵатәи реиԥш ауаҩы иоура зеиԥшроу еиԥш инаало имазароуп. Ирҳаракны мамзаргьы иларҟәны иҟазар ахәҭам.

Аихатә аԥсақәа ракәзар, Роланд изыҟаиҵоит ауасҭа, анаҩс иара инапала иаиҭоит аформа, ажәытә аԥсуа лабашьа шыҟаз еиԥш,  «уажәы ана ак арҭоит, ара ак арҭоит, аха ус аҽарԥшӡаӡом», - иҳәоит иара. Аҟаза иусумҭақәа зегьы рҿы иануп адырга ҷыда - Анцәа иџьари, Симон Канатәи иџьари, уи Занҭариаа ҳҳаԥшьаҿы иануп, иазгәеиҭеит Роланд.

Уажәы ирмазеины имоу аусумҭақәа рахьынтә акы Аҳәынҭқарратә музеи иаиҭарц игәы иҭоуп, егьи Мгәыӡырхәа иҟоу Аԥсуа иашҭахь инаигоит. Роланд алабашьақәа рзыҟиҵоит иахь идырны иааиуа зегьы, аӡәы сус иҵар иҭахызаргьы мап ицәыскуам, саартуп, – иҳәоит иара.

Ҳаиҿцәажәараҿы иумбар залшомызт Роланд Аԥсуара иацныҟәо, уи ныҟәызго дышреиуоу. Уи  иҩнаҭаҿы иаҳхаҳгаз аамҭа иалагӡаны, иҿаҳҵааз рацәоуп.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me