Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аминистрра апаспорттә Усбарҭаҿы

Ԥхынҷкәынмза 12 рзы атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭаҿы апринтер-ҷыдақәа агәаҭаратә усурақәа ианрыхрыжь ашьҭахь ахархәарахь ирыҭан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Иарбоу ахархәагақәа аахәан, иара убас апрограмматә модернизациа иахысит Москва ақалақь аҿы иҟоу амаҵ азызуа аилазаара «МЕГАИНФО» атехникатә  ҭыԥқәа рҟны. Уи ашьҭахь, иара амаҵзуратә автотранспорт ала Аԥсныҟа иаашьҭын. Иара убас иаахәан аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апринтер-ахаҭалатәгақәа рзы аныхтә материалқәагьы.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәи анхаразы азиншәҟәи риура иазыԥшу атәылауаа иарбоу аусшәҟәқәа рышьҭыхразы атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа атерриториатә ҟәшақәа рахь ааԥхьарақәа рыҭалахоит

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me