Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Аԥсныпресс. 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа ирызкын аҩаша, ианвар 24 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз инарҭбааз аилацәажәара.
Уи иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҳәынҭеилахәырақәеи абиуџьет анҭыҵтәи афондқәеи рнапхгаҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа.
Ианвар 19 азы ақьырсианцәа ныҳәан иазгәарҭоит Ҳазшаз иӡаахреи мамзаргь Анцәа ицәырҵреи.
Абри амш аҽны Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Аӡаахра иазкыз аныҳәара мҩаԥигеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссариан (Аԥлиаа).
Очамчыра араион анапхгара иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Ҷлоу ақыҭа ахадара ахыбра аҧсахра иаҿуп. Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Ари зыӡбахә ҳамоу ахыбра ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса ахынҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан. Уи аахижьҭеи акыр шықәса цеит, ахыбра акәзар, ахархәаразы иазыҧҵәаз аҽҳәара иахысижьҭеи акрааҵуеит.
Аԥсуа спортсмен Руслан Ҳашба Дон ихықәгылоу Ростов аҟны агрепплинг азы аицлабраҿы аиааира игеит, – иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы асаит.
Агрепплинг азы аицлабра рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ИАР атәылақәеи рҟнытә аспортсменцәа 300-ҩык раҟара.
Дарбанзаалак ахәыҷы аспорт агәыблра анузилаҵа шамаха имҩа дахҟьом, дааӡоит, ахықәкы бзиахь дхьанарҧшуеит. Усеиҧш иҟоу дыруаӡәкуп уажәы сзыхцәажәарц сҭаху Е.Ешба ихьӡ зху ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Леон Лагәлаа. Иан Викториа Кәыҵниа лажәақәа рыла иара аиҵбыратә классқәа рҿы дантәаз инаркны иалихит абокс. Убри аахыс имаҷым ииааирақәа, иааирҧшхьоу аихьӡарақәа.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит алитература-музыкатә композициа «Ажәеи ашәеи». Ари аусмҩаҧгатә иахаҵгылеит Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Ахәылҧаз рҽаладырхәит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, зиубилеитә рыцхәқәа азгәарҭоз апоетцәа ргәакьацәа.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы имҩаԥысит уи аиҳабы Тамила Мырцхәлааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесоваи реиԥылара. Иалацәажәеит ҩ-ганктәи русеицура, иара убас анападкылаҩцәа адгылара рыҭара.
«Акыр шықәса раахыс апалата ацхраауеит Аԥсны Урыстәылатәи анападкыларатә еилазаара ахаҭарнакцәа ахәаахәҭра-економикатә уҳәа аусқәа рзеиҿкаара. Абри инаваргыланы Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҳадгылоит, ҳагьазхиоуп Аԥсныҟа атауарқәеи амаҵзурақәеи рекспорт», – иаҵылшьит Тамила Мырцхәлаа.
Аԥсны иҭыжьуп ахәыҷқәа рзы Аконституциа аекземплиарқәа 2000. Уаҟа аҳәынҭқарра азакәан хада ҩуп ахәыҷқәа еилыркаауа бызшәа мариала, насгьы иацуп асахьа ԥшӡақәа, – иаанацҳауеит аҵара Аминистрра.
Ахәыҷқәа рзы Аконституциа аԥҵара аидеиа лтәуп Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашвили.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны имҩаԥысит Аԥсны аҿар Рассоциациа астол гьежь. Уи анапхгаҩы Саид Ҟәланба дрылацәажәеит инагӡоу арҿиаратә, агәыҳалалратә, аспорттә проектқәа, дазааҭгылеит аҿар рполитика знапы алаку амчра аусбарҭақәа рҟны аусеицура шыԥсыҽу, иҳәеит 2023 шықәсазы ирымоу апланқәа ртәы.
Аԥсны акультура Аминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит 84 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз азы Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Евроеидгыла официалла иакьыԥхьит Урыстәылатәи Афедерациа асубиект ҿыцқәа рҟны инхауа Урыстәылаа аҳәаанырцәтәи рпаспортқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рпаспортқәа мап рыцәкразы ақәҵара.
Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ахатәы малқәа рыла, атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала, аекономика Аминистрра ацхыраарала ҩ-секциак змоу алокомотив – фимцалеи былтәылеи иныҟәо аанахәеит. Абри атәы аанацҳауеит аихамҩа апресс-маҵзура. Ари раԥхьатәи аахәамҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс.