Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иеиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».
Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны аккредитациа змоу, Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациа арегионтә шәарҭадара, Афганисҭан агуманитартә ҭагылазаашьа, иара убас Аԥсни Ааигәатәи Мрагылара атәылақәеи русеицура аҳәаақәа рырҭбааразы актуалра злоу аспектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы Аҟәаҟа иааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Аԥсны Жәлар Реизараҿы адепутат Кан Кәарҷиа иаԥшьгарала имҩаԥысит аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Уи азкын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара. Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба имҩаԥигаз аилатәарахь дааԥхьан Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.
Урыстәылатәи Афедерациа хықәкыс иамоуп Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҟны аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҿиалара, лҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ирызкны ажурналистцәа рызҵаара аҭакс.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымба лиубилеи лыдиныҳәалеит.
Мышқәак раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигеит абизнес знапы алаку ҳџьынџьуаа рҧылара. Аиҧылара алагамҭаз иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз.
Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзиабаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа реизга «Иалкаау».
Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиара аҭоурых аҟны.
Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.
Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.
Жәабранмза 1, 2023 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабрбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.
Амаҵзурақәа русеицура
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазлхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусдкылара адгылара аҭара иазку арегионтә Фонд иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Аусуратә еиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура, адәныҟаекономикатә усура аҿиара, ареспубликақәа рҟны аус зуа анаплакқәа аимадара рыбжьаҵара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.