Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵабырг аазырԥшуа

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 ш. август 15 инаркны 1993 ш. ииун 9 рзынӡа Тҟәарчал ақалақь аҟны урысшәала иҭыҵуаз (зынӡа 40 номер) агазеҭ «Ткварчельский горняк» еизганы, хазы шәҟәны иҭыжьыз аӡыргара.

«Газета» «Ткварчельский горняк»  зыхьӡу ашәҟәы аӡыргарахь инеит, ажурналистцәа реиԥш, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа, аҿар, астудентцәа.

Аиқәшәара  аартуа, ашҟәы аиқәыршәаҩцәа ируаӡәку ажурналист, агазеҭ «Аҟәа-Сухум» аредактор Мадонна Кәыҵниа  иналымҩатәны далацәажәеит агазеҭ аҭоурых. Дазааҭгылеит агазеҭ шҭыҵуаз 1942 ш. инаркны. 1992 ш. иаԥшьыргахьан ари аҭыжьымҭа 50 шықәса ахыҵра азгәарҭарц Тҟәарчал ақалақь аиубилеи аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аха Аԥсны август 14 рзы аибашьра ҵысит, агәҭакқәагьы  еиԥҟьеит.

«Аибашьраан агазеҭ аҭыжьра уадаҩын.  Усҟан аредакторс иамаз  Сократ Џьынџьал Аԥсны  Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан. Уи  Аҟәантәи Гәдоуҭаҟа дцеит, аибашьраан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет инанагӡоз аусура еилкаауп. Сократ Раҷ-иԥа уа даҭахын, Тҟәарчалҟа дызнеиуамызт. Убри аҟнытә, агазеҭ напхгара алҭон аредактор ихаҭыԥуаҩ Ольга  Касимова. Агазеҭ еиқәҳаршәон хҩык: Ольга, Наҭелла Бобуа, сара. Аҭагылазаашьа даара ишуадаҩызгьы, афымцалашара лассы-лассы ишдырцәозгьы, 1992 ш. нҵәаанӡа  26 номер ҭҳажьит. Уаанӡа агазеҭ  мчыбжьык хынтә иҭыҵуан. Аибашьра аамҭазы усҟак  ҳалымшазаргьы, иҭҳажьуаз агазеҭ ауааԥсыра даара ирҭахын, аҭыҵра иазыԥшын, избанзар аҵабырг зныԥшуаз ажәабжь  раҳауамызт.  Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа инагӡаны еилкааны ирымамызт.

Ақалақь аҟны аҭагылазаашьа есааира иуадаҩхон, ашәарҭара ацын. Лассы-лассы аӷацәа ақалақь иалахысуан. 1993 ш. акәзар, 14 номер заҵәык роуп зҭыжьра ҳалшаз. Ииун 9 нахыс аусура аанкылахеит.

Агазеҭ аномерқәа зегьы хаҭала еизызгон, зегьы еиқәыршәаны исыман, аха исцәыӡыр ҳәа сацәшәон. Избан акәзар, 50 ш. ирылагӡаны иҭыжьыз агазеҭ аномерқәа еидызкылоз архив аиқәырхара залымшеит. Сахӡыӡаауа аҩны иҵ́әахны исыман. Нас – И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекахь иназгеит. Издыруан уаҟа ишеиқәхоз.

Ашықәсқәа цон, ҳашнеи-шнеиуаз аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба исабжьеигеит хазы шәҟәны иҭыжьзар хәарҭара шалазаауа.  Аусура ҳалагеит аҭыжьра азырхиаразы. А.Аҩӡба ашәҟәы иациҵаз иаԥхьажәа уҳәа, зегьы рзы даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит.  Еицырдыруа акоуп, ега аџьабаа ҳбазаргьы,  ҳус аҵыхәтәанынӡа иаҳзынагӡомызт аҭыжьра иадгылоз  дҟамлазҭгьы.  Аибашьраан Тҟәарчал ахадара реиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, иахьа Москва аус зуа Џьумбер Тҟьебучава санидҵаала дымлакҩакқәа дақәшаҳаҭхеит,  атипографиаҿы ахарџьқәа зегьы иара  ишәеит.  Уи иахьагьы Тҟәарчалаа дрыцхраауеит. Ишыжәбо,  аспонсортә цхыраара иабзоураны иахьа ашәҟәы ҳнапаҿы иҳауит. Иахаҵгылаз, иацхрааз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, – лҳәеит М.Кәыҵниа лықәгылараан.

Ашәҟәы аиқәыршәаҩцәа ируаӡәку Аслан Аҩӡба ахшыҩҵак иацҵауа иазгәеиҭеит: «Ари аизга –ақалақь аԥсҭазаара иазкуп, избан акәзар афымцалашара  ахьыҟамыз, ахьҭакара, амлакра, ауаа  ргәакьацәа рцәыӡра, абарҭқәа зегьы мҩаԥысуан аибашьраан амацәаз иҭакыз ауааԥсыра рыҩнуҵҟа. Сара сгәаанагарала, усҟан агазеҭ аҭыжьра знапы алакыз зегьы фырхацәоуп. Урҭ рыбзоурала иахьа иҳамоуп ҳаибашьра аҭоурых иазкны аҵабырг знԥшуа ахыҵхырҭақәа. Ари аибашьра аамҭа агәалашәара мацара иазкым, аҭҵааҩцәа рзы акырӡа аҵанакуеит. Уажәраанӡа аҭҵаарадырраҿы аибашьра иазку аматериалқәа рҟны иуԥыхьашәомызт зыӡбахә ҳамоу агазеҭ аҟнытә хыҵхырҭак.  Шьҭа аҭҵааҩцәа алшара  рымоуп ҳаибашьра аҭоурых аҭҵаараан хра злоу  ахыҵхырҭақәа  рхархәара. Иҭабуп иахаҵгылаз зегьы».

Тҟәарчал ажәытә-аҿатә даара ибзианы издыруа, агазеҭ «Ткварчельский горняк» редакторс иамаз Сократ Џьынџьал ахәшьара бзиа аиҭеит ашәҟәы аҭыҵра. «Агазеҭ иамаз атрадициа аибашьраангьы еиқәдырхеит амаҵ азызуаз. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны урҭ рхықәкы рдыруан, егьацәхьамҵит, руалԥшьа нарыгӡон, аҵакгьы дуны  иахәаԥшуан. Хҩызаҵәык шьарда рылдыршеит.

Аибашьра ҟалаанӡагьы агазеҭ атипографиаҿы апроблемақәа ыҟан,  ақьаадгьы аназымхоз ҟалалон, аибашьра анҵысы аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Убас ишыҟазгьы, рхықәкы нарыгӡон ажурналистцәа. Ари  арҽхәаԥхьыӡ иаԥсоуп».

Аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, Аԥсны аҭоурыхҩҩцәа руаажәларратә хеидкыла анапхгаҩы Станислав Лакоба далацәажәеит, абас еиԥш аҵабырг зныԥшуа ахыҵхырҭақәа рыла  еиқәыршәоу ашәҟәқәа рҭыжьра акырӡа шаҵанакуа  аибашьра аҭоурых  аҭҵаараҿы, инагӡаны адырраҿы.

«Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашь­раан Тҟәарчалаа ирылдыршаз, урҭ рлагала аарԥшра, ацәыргара иацхраауа иреиуоуп аҭыжьымҭа. Аибашьра раԥхьатәи амш азы хҩык ҭахеит. Аха ргәы еиҭамԥеит. Раԥхьатәи атанк ԥызжәаз иахьа абра  дҳалатәоуп, уи Нугзар Агрба иоуп. Аибашьра аҭоурых еиҵагыло абиԥарақәа ирдыруа  аҟаҵаразы, иззааԥсатәу аусқәа  рацәоуп.  Усҟан ҳажәлар  аԥеиԥш бзиа агәра ргон, убри рцәымӡроуп аԥхьаҟагьы, – иҳәеит С.Лакоба .

Ауаажәларратә усзуҩы, аибашьра  аветеран, Леон иорден занашьоу Нугзар Агрба ахьааи агәырӷьареи  аныԥшуан иқәгылара. Иара изы хьаа дууп, Тҟәарчалаа реиԥш, ҳажәлар ирхыргаз, ацәыӡ дуқәа, арыцҳарақәа. Аха  убри  аамҭазы агәышьҭыхра, агәырӷьара дамҽханакуан ҳажәлар иргаз Аиааира, ҳаԥсадгьыл аҟны  аԥшәмара зегьы ишреиҳау даназхәыцуаз.

«Сара  џьашьахәыс исымоуп, усҟан ҳажәлар  Аԥсадгьыл ахақәиҭра шаиуа аганахьала ирымаз агәрагара, ахы ақәгәыӷра, рыҩнуҵҟатәи рдоуҳамч. Хымԥада, абарҭқәа реиԥш иҟоу аҟазшьақәа иалдыршеит, ега ацәыӡқәа ҳаузаргьы, Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра, Аиааира агара. Иҭабуп, згәы еицамкыз сыжәлар, афырхацәа. Иҭабуп, иахьатәи ҳаиқәшәара  зыбзоуроу, абас еиԥш иҟоу ашәҟәы  аҭыжьра еиҿызкааз, иацхрааз. Аԥеиԥш бзиа  еицҳамазааит», – абас ихиркәшеит Н.Агрба иажәа.

Аҵарауаҩ,  ажурналист Екатерина Бебиа даҩымсит абас еиԥш иҟаз ахшыҩҵак: «аибашьраан, даҽа аамҭак еиԥшымкәа ажәабжь иазыԥшын ауааԥсыра. Еиҳарак Тҟәарчали уи акәша-мыкәшеи иҟаз, амацәаз иҭакыз рзы акырӡа аҵанакуан, аҵабырг аазырԥшуаз ажәабжь рызнагара. Убри  рылдыршон агазеҭ аҭыжьра  знапы алакыз. Иҭабуп ҳәа раҳәара иаԥсоуп, усҟан  еиԥш, иахьагьы».

Агазеҭ «Республика Абхазия» аҟнытә ажурналист Иулиа Соловиова иазгәалҭеит: «Сара даараӡа ахә  сшьоит аибашьраан аҭыԥҳацәа ирылдыршаз.  Ашәарҭара ду ишҭагылазгьы, 40 номер ҭрыжьит. Урҭ ажурналист иуалԥшьа хьаҳәа-ԥаҳәада инарыгӡеит. Узеигәырӷьаша, баша ибжьамӡит рааԥсара. Агазеҭ еиқәдырхеит, иахьа шәҟәны ҳнапы  иадыркит. Арҭ зегьы  фырхацәоуп».

Ашәҟәы аиқәыршәашьа даара иазхәыцит А.Аҩӡбеи   М.Кәыҵниеи. Иацырҵаз арбагақәеи ахқәа рсиа аԥхьаҩ  изнагашьеи ахархәаразы иманшәалоуп. Ахаҭа зынӡа 500 цыра ҭыжьуп. Ас еиԥш иҟоу аҭыжьымҭақәа, хымԥада, хәарҭара рылазаауеит. 


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me