Анхарҭа змам ргәынамӡара

Аԥсныпресс. Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит анхарҭақәа рыҭара дҵаны ишьҭызхыз Аҟәа амитинг еиҿызкааз аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемогра­фиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭы­ԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепу­татцәа Кан Кәарҷиа, Асҭамыр Герхелиа, Инар Гыцба, Ерик Рштуни, ауаажә­ларратә еиҿкаара «Аԥсны жәлар рхеидкыла» ахан­тәаҩы Адгәыр Арӡынба злахәыз аиԥылара мҩаԥысит, – иаанацҳауеит Амини­стрцәа Реила­заара апресс-маҵзура.

Амитинг ҟазҵо изларҳәаз ала,  урҭ ахшара рацәа змоу аҭаацәа­рақәа иреиуоуп. Урҭ рахьтә аӡәырҩы акыра­амҭа аахыс рынхар­ҭатә проб­ле­­мақәа рҭыԥ рықә­ҵара иазыԥшуп, қьырала анхарҭа ахә ахшәаара рылшаӡом.

Убри аан иазгәаҭан, аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа 2023-2025» ала рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра ишазыԥшу 413-ҩык. Урҭ иреиуоуп 1 агәыԥ аинвалидцәа, ишыхәыҷу аинвалидцәа, ахәыҷқәа-аинвалидцәа змоу аҭаацәа­рақәа, аиаҭымцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәарақәа, хҩык уҳәа инареиҳаны ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәарақәа. Амитинг ҟазҵо рызҵа­арақәа рҭыԥ рықәҵара абарҭ атәылауаа  рзинқәа рымҿаҟәозароуп.

Аиԥылара иалҵшәаны еиқәышаҳаҭны иазырыӡбеит зынхарҭатә проблемақәа ӡбатәу ауаа рсиақәа рышьақәыргылара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me