Апрограммақәа шьақәдырӷәӷәеит

Ианвар 19 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра хықәкылатәи апрограмма «Анҭыҵи Аԥсны иахьаҵанакуеи атәылауаа рыхәшәтәразы». Абри апрограмма ԥарала еиқәыр­шәахоит ареспубликатә биуџьет амалқәа рыла. Ҳазну ашықәс азы анҭыҵ Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәразы иоушьҭхоит 90 миллион мааҭ.

«Ари даара акырӡа зҵазкуа ҳәынҭқарратә программоуп. Абраҟа аҳәынҭ­қарра аԥарақәа изакәызаалак џьара акала иреиҷаҳауам. Ари Ахада инапынҵа ауп, аԥарақәа хымԥада иҳаԥша­ауеит. Абри апрограмма анагӡара даара ӷәӷәала иазнеитәуп. Атәылауаа рыдҵааларақәа зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа ирхаҵгы­лалатәуп», – иҳәеит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

«Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усҳәарҭақәа ахәшәқәеи амедицинатә лыхымҭақәеи рыла реиқәыршәаразы» ҳәа ахьӡуп агәабзиарахьчара ­Аминистрра анаҩстәи хықәкылатәи апрограмма. Уи шьақәырӷәӷәан Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы. Ԥаралагьы еиқәыр­шәахоит ареспублика биуџьет амалқәа рыла. 2023 шықәсазы уи иазоушьҭ­хоит 150 миллион мааҭ. Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит даҽа хықәкылатәи програмакгьы «Аԥсны зҷаҷақәа зыхьуа рыхәшәтәразы». Абри апрограммагьы иазоушьҭхоит 50 миллион мааҭ.

«Ари даара кырӡа зҵазкуа программоуп. 2022 шықәсазгьы ҳара уи шаҭаху еилкааны ҳазнеит. Апроцедурақәа мҩаԥысуеит ицәгьамкәа. Аусзуҩцәа аџьабаа ӷәӷәа рымоуп. Аамҭак азы ачымазаҩцәа аҽԥныҳәақәа ҟарҵон», – иҳәеит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рыхәшәтәра иазкуп ишьақәдырӷәӷәаз хықәкылатәи апрограмма. Ҳазну ашықәс азы уи иазоушьҭхоит 3,5 миллион мааҭ. «Арԥҳачымазара зыхьуа Аԥсны ауааԥсыра рыхәшәтәра аиӷьтәразы» ҳәа агәабзиарахьчара Аминистрра хықәкылатәи апрограммагьы шьақәырӷәӷәан. Убри апрограмма иазоушьҭхоит 7 миллионк мааҭ.

«Хықәкылатәи абри апрограмма акырӡа шаҵанакуа лабҿаба уаҩы ибоит. 7 миллион мааҭ – ари ҳәаам. Анцәа иумҳәан, иаҭаххар 17 миллион мааҭгьы ауҳашьҭуеит. Агәабзиарахьчара Аминистрра аҽазнакыроуп заа ари ачымазара аарԥшра. Алшарақәа ҳамоуп уи ахәышәтәразы», – иҳәеит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб апрограмма алацәажәара аан.

Аԥсны Арбџьар Мчқәа рыҟны аррамаҵурахь аҿар рнаԥхьара медицинала аиқәыршәара иазкын даҽа программакгьы. Уи иазоушьҭхоит 450 нызқь мааҭ.

Абарҭ апрограммақәа ааигеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақә­нар­гылеит Донбасс арратә операциа ҷыда аан иҭахаз хатәгәаԥ­­харала аибашьцәа Дмитри Ҵәыџьбеи Ҟазбек Биџьеви рҭаацәарақәа аамҭа­калатәи асоциалтә цхыраагӡақәа.

Хатәгәаԥхарала­ аибашьцәа ирызшәахоит 1 миллионк мааҭ.

«Иҭахаз рҭаацәарақәа зегьы ҳара игәцараҳклароуп. Иахәаԥштәуп, еилкаатәуп урҭ проблемақәас ирымоу. Аԥарақәа рыдагьы ацхыраара рыҭалатәуп. Ари ҳара ҳуалԥшьа ауп», – иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me